Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ажәлар рус дара ирыӡбароуп": аколнхарақәа аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә жәабжьқәа рҟны

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Колхоз "Дурипш" Гудаутского района. Депутат Верховного Совета Абхазской АССР, чаевод Нора Георгиевна Саканиа (на втором плане в центре) на чайной плантации.
Абхазская АССР. Колхоз Дурипш Гудаутского района. Депутат Верховного Совета Абхазской АССР, чаевод Нора Георгиевна Саканиа (на втором плане в центре) на чайной плантации. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2024
Анапаҵаҩра
Асовет мчра аԥсуаа ирзаанагаз аиҭакрақәа ирызкны ҿаԥыцтә рҿиамҭақәак рыӡбахә ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа ицәырыргоит дара злиааз аамҭа ахҭысқәа. Ажәлар рыбжьы ақәдыргон зеиуахк уҭаху аҭагылазаашьақәа, аҭоурыхтә хҭысқәа ашәала, ажәала. Уажәы зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ицәырнагаз аҿыц аамҭоуп. Аԥсуа фольклор аҟны мацарагь акәым, ари аҿыц аамҭа азышәаҳәара аарԥшуп аԥсуа сахьаркыратә литература аҟынгьы. "Ҳара ҳпартиа", "Ленин", "Аколнхара" уҳәа идеологиас ишьҭыхны, ажәа хыркқәа рызкны ирзышәаҳәон. Аимпериақәа реибашьрақәа идыргәаҟхьаз Аԥсни аԥсуа жәлари адунеи ианыӡаарц егьрыгымкәа ишыҟаз ирзааиз ахақәиҭра – Асовет мчра – ажәлар гәацԥыҳәарала ирыдыркылеит. Ҳәарада, ари аамҭа алахтыра рзаанагеит, бӷеиҵыхрак рнаҭеит, гәыӷрақәак рыԥсы ҭанаҵеит, аха усҵәҟьа зегь рыла иқашәқаҷо изыҟамлеит.
Элеонора Когониа в советские годы - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
"Сара сиит Асовет Еидгылаҿы": Елеонора Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа
Аколнхарақәеи асовнхарақәеи раԥҵара, уаҟа аусура арккаратә ҟазшьа аҵаҵаны иӡырыргон. Жәлар рпоезиа аҟны аусуцәа хьыӡ ду згаз ҳәа ашәақәа рзыркуан, аколнхарахь аусура анеира иацәаашьоз асатиреи аиумори ҟазшьа змаз ашәала ихьмыӡӷыртәуан (еицырдыруа жәлар рашәақәа "Анҭица", "Фама" реиԥш иҟаз иаразнакы ажәлар ирылаҵәон, ишьҭырԥаауан). Ас еиԥш иҟаз ашәақәа раԥҵара усҟантәи Асоветтә ҳәынҭқарра азыҳаҵҳаҵон, убри аҟнытә ирацәоуп ианҵоу, икьыԥхьу арккаратә ашәақәа, ажәеинраалақәа, анхаҩцәа изакә аамҭа бзиоу ирзааиз аазырԥшуа.
Асоветтә аамҭазтәи акьыԥхьымҭақәа рҿы аиҳарак иуԥыло анҵамҭақәа ари аамҭа хыркы бызшәала иахьазышәаҳәо ауп. Аколнхарақәеи асовнхарақәеи иҵоурамыз ажәала аӡбахә аҳәара ҟалашьа змамыз акы акәын усҟантәи аҳәынҭқарра имҩаԥнагоз аполитикаҿы, уи ражәарҿиараҿгьы ианыԥшит. Аха уи иаанагомызт аколнхарақәа зегьы игәырӷьаҵәа ирыдыркылеит ҳәа, уи иаҿагылангьы ақәԥарақәа цон иӡырымгаӡакәа. Аха уи аҿагылара аазырԥшуа жәлар раԥҵамҭақәа рыладырҵәомызт, уимоу уи аҩыза згәаӷьуаз аҭакра рықәшәон, арепрессиақәа рхылҿиаауан (аиҳарак Сталини Бериеи рныӡаара ҟалаанӡа). Ус шакәызгьы ари аамҭа аҿагылара аазырԥшуаз аԥҵамҭақәа ыҟоуп. Аколнхара ақәыӡбаратә мотивқәа акьыԥхь рбо иалагеит Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь, анҵаҩцәа урҭ ранҵареи ркьыԥхьреи ианалага. Абар урҭ рҿы аколхозқәа ишырзыҟаз шаарԥшу:
"Ажәытәан, акомхозқәа анеиҿыркаауаз, анхацәа рыбжьы рымырхуан: рырахә-рышәахә рхырцон, раарыхра рымырхуан…", мамзаргьы абас еиԥш: "…Усҟан акомиссиа ааны игәарҭон досу иҟаиҵаз, ииуз. Уажә зегь ыҟоуп акәымзар, усҟан ҭаҭын бӷьыцк азыҳәан ҳәа уандырӡуаз аамҭа акәын".
Аколхозқәа шаадыртуаз ҳәа еиҭарҳәоит абас еиԥш:
"…раԥхьа иалала егьзмамыз, зыбӷа ԥҵәаз ауаа каллектив ҳа иаларҵон. Сара хысықәса саламлаӡет. … Хуаҭхуаҭ ҳа дыҟамзи, Мада ҳа дыҟамзи, ани жьрацәарала ҳаилахәын, шәаламлар ҟалаӡом иҳәит. Есысықәса быжьнызқь мааҭ аԥара сдыршәон, аналог. ..ацәқәеи суардыни ҵакны инарысымҭеи, сбаҳча нарысымҭеи. Быжь-ҭӡак зҭатәоу рысымҭеи садгьылқәа. Жәаҩа десҭын адгьыл сыман. Ашьхымӡақәа ԥшьынҩажәи быжьба шьхымӡа сыман. Урҭ са исҭиит абра. Уи аколхоз иаанахәт", – ҳәа еиҭеиҳәон ажәабжьҳәаҩ Миха Аншба, анҵамҭа ҟаҵан 1975 шықәса рзы, анҵаҩы Артур Аншба. Иара уи ажәабжьҳәаҩ иагьеиҭеиҳәоит анхаҩцәа рмазара-рырахә ахьрымырхуаз аҟнытә абунт шыҟарҵоз, уи ашьҭахьгьы ихаҭагьы дышҭаркыз, идырӡызгьы шыҟаз.
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп" - Аџьаус аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа ишырныԥшыз
Аколнхара аҿагылара аиумортә ҟазшьа зҵоу аҿаԥыцтә жәабжьқәа рҟны иубоит:
"Аԥсыуак аколхоз идимкылт. Иус рыӡбын, жәасықәса ирҭт. Аҵыхәтәаны, рҳит, - ажәак уақәиҭуп, иҳәа, - рҳит.
- Исҳәагәышьои, сара жәасықәса сықәуп, издырот, сыҿҳәара салгар сааот, аха сашьа иоп ирыцҳасшьо, - иҳит.
- Уашьа ихьи? – рҳан, - Аколхоз далалт, ҿҳәара амаӡым, - иҳит".
Ес ирулакгьы анхаҩы аус ируны иџьабааԥса ахә ирымҭарцгьы рҽазыршәон. Убас даҽа ҿаԥыцтә жәабжьк аҟны ҳаԥхьоит анхаҩцәа арахә иахылаԥшырц ишрырҭоз зны хәыда-ԥсада ҳәа, нас ишнеишнеиуаз ахә рзыршәо иалагеит, аха иара убри азынгьы агәаҭара ӷәӷәақәа ирыхрыжьуан. Убас, нхаҩык аҽқәа ирхылаԥшуаз ҽык абгақәа ицәырфеит. Агәаҭаратә комиссиа анааи, аԥхасҭа ҳаиҭеит, ҳус еиҵаирхеит ҳәа иџьабаа ахә изырымшәарц азы аӡбара дарҭеит. Аӡбараҟны ианиазҵаа ахара ухахьы иугома ҳәа, "Исхароуп, схахьы изгоит,… абга ԥшааны аҟәҟәа ахасҵазҭгьы, ашҭа изҭалаӡомызт, аҽгьы еиқәхагәышьон" иҳәеит.
Абас ала еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп аколнхара анхаҩцәа "ирзаанагаз абзиара".
Анхаҩцәа рџьабаа иалачоз ажәлар раԥҵамҭақәа рҟны иаадырԥшуан зызхара ҟамлоз амучацәа ракәны:
"Нырцә аӡ ду, аарцә акәара,
Рыгәҭа иргылеит аҩн ду.
Абриоуп изыхҭниҵаз ҳара ҳԥара,
Зҟырҟы ҳазмырҭәыз абга ду".
Ауаажәларратә политикатә ҭагылазаашьа ажәлар раԥҵамҭақәа ишырныԥшуа ккаӡа иубоит. Ажәлар зҭагылоу аамҭа рыбжьы ақәдыргоит еснагь, ажәлар рус дара ирыӡбароуп ҳәа аԥсуаа ажәаны баша ирҳәом.
Ажәабжьқәа зегьы
0