Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Бганба Гагра араион аҿы абнақәа рбылра иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Бганба Гагра араион аҿы абнақәа рбылра иазкны
Анапаҵаҩра
АҶА Гагра араион абылрачацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, абылрақәа рзы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Мамзышьха ашьхаҿы макьана хыџьара абылрақәа азгәаҭоуп, уи адагьы Бзыԥҭа араион аҿы ҩ-ҭыԥк рҿы. Уажәазы 30 гектар абнақәа амца ркуп, ҳәа иҳәеит Бганба.
"Бзыԥҭа араион аҿы амца арцәара алыршахазар, Мамзышьха хымш ҵуеит абна амца акуижьҭеи. Уахь узнеиӡом, машыналагьы, шьапылагьы. Анхарҭақәа ирцәыхароуп. Албаара иалагар, иаразнак арцәара ҳалагоит. Ҳахьызнеиуа аҭыԥқәа рҿы амца ҳарцәоит, ҳазыԥшӡам", - ҳәа иҳәеит Бганба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0