https://sputnik-abkhazia.info/20250325/glia-lanyrkha-abaa-aiashayrgylarazy-ausatsa-shaa-irlas-iashaaua-iadaloup-1054218222.html
Гәлиа Ҟәланырхәа абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: аусҭацәа шаҟа ирлас иаҳԥшаауа иадҳәалоуп
Гәлиа Ҟәланырхәа абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: аусҭацәа шаҟа ирлас иаҳԥшаауа иадҳәалоуп
Sputnik Аҧсны
Ҟәланырхәа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа иаҭагылазаашьу, аиҭашьақәыргыларас иаҭаху, Урыстәыла ахада игрант ала иазоужьу аԥара роухьоума арҽеиратә... 25.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-25T09:00+0300
2025-03-25T09:00+0300
2025-03-24T22:07+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/18/1054220068_0:0:1024:577_1920x0_80_0_0_37c882e943f9f9a981461940303f1629.jpg
Гәылиа Ҟәланырхәа абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: аусҭацәа шаҟа ирлас иаҳԥшаауа иадҳәалоуп
Sputnik Аҧсны
Гәылиа Ҟәланырхәа абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: аусҭацәа шаҟа ирлас иаҳԥшаауа иадҳәалоуп
Ҟәланырхәа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа иаҭагылазаашьу, аиҭашьақәыргыларас иаҭаху, Урыстәыла ахада игрант ала иазоужьу аԥара роухьоума арҽеиратә усқәа рымҩаԥгаразы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла ацхраауеит афырхацәа ргәалашәара иазку Аԥсны амемориалқәа реиҭашьақәыргылара. Урыстәыла ахада Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала уи аус аԥара азоужьуп.Гәлиа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟеи ақыҭаҟны акны ишыҟаҵоу, уи 1997 шықәсазы ишыргылаз. Аибашьра Ду иалахәын 160-ҩык инареиҳаны Ҟәланырхәаа рҵеицәа, урҭ рахьынтә 86-ҩык аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит ақыҭа ахада."Ҟәланырхәа ҩынтә иҳарҿыцхьеит (абаҟа азы-азгәаҭа), уажәшьҭа убранӡа инеит иара ахаҳәгьы ахаҭабзиара аҽаԥсахит, убри аҟынтәи амармалташь ҳаԥсахыр ҳҭахуп, ахаҳәцәы ҳарҿыцуеит. Насгьы иара аныҳәа инарҭбааны иазгәаҳҭарц ауп",- иҳәеит Гәлиа.Иара иазгәеиҭеит абаҟа аиҭашьақәыргыларазы аҟәрышь шазоурыжьхьоу, аусҭацәа ԥшааны, аныҳәа рҽахьырыгӡарц азы, аусурақәа рылагара ргәы ишҭоу.Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/18/1054220068_0:0:1024:768_1920x0_80_0_0_92e4ffa46dab02c9856e6a65b5c16cd8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ҟәланырхәа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа иаҭагылазаашьу, аиҭашьақәыргыларас иаҭаху, Урыстәыла ахада игрант ала иазоужьу аԥара роухьоума арҽеиратә усқәа рымҩаԥгаразы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла ацхраауеит афырхацәа ргәалашәара иазку Аԥсны амемориалқәа реиҭашьақәыргылара. Урыстәыла ахада Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала уи аус аԥара азоужьуп.
Гәлиа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟеи ақыҭаҟны акны ишыҟаҵоу, уи 1997 шықәсазы ишыргылаз. Аибашьра Ду иалахәын 160-ҩык инареиҳаны Ҟәланырхәаа рҵеицәа, урҭ рахьынтә 86-ҩык аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит ақыҭа ахада.
"Ҟәланырхәа ҩынтә иҳарҿыцхьеит (абаҟа азы-азгәаҭа), уажәшьҭа убранӡа инеит иара ахаҳәгьы ахаҭабзиара аҽаԥсахит, убри аҟынтәи амармалташь ҳаԥсахыр ҳҭахуп, ахаҳәцәы ҳарҿыцуеит. Насгьы иара аныҳәа инарҭбааны иазгәаҳҭарц ауп",- иҳәеит Гәлиа.
Иара иазгәеиҭеит абаҟа аиҭашьақәыргыларазы аҟәрышь шазоурыжьхьоу, аусҭацәа ԥшааны, аныҳәа рҽахьырыгӡарц азы, аусурақәа рылагара ргәы ишҭоу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.