"Атеатр сыԥсы аӷроуп": актриса Есма Кәыҵниаԥҳа лыҿцәажәара
14:50 27.03.2025 (ирҿыцуп: 22:22 27.03.2025)
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәиЕсма Куцниа

© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27 адунеиаҿ атеатр иамшны ишьҭыхуп. Ари амш аҽны, есышықәсеиԥш сынтәагьы анҵамҭа ҷыда сҽазыскит. Схы лызсырхоит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуа, аабыкьа аиталиан комедиограф Карло Гольдони иҩымҭа иалху акомедиатә қәыргыламҭа "Мирандолина" (ареж. А. Шамба) аҿы ароль хада назыгзоз Есма Кәыҵниаԥҳа. Аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуа сҳәеит аха, Есма зынӡагьы дхәыҷым 40 шықәса дырҭысхьеит, абар уажәшьҭа 23 шықәса ҵуеит актриса лаҳасабала атеатр аҿы аус луежьҭеи.
"Аиаша басҳәоит схәыҷаахыс сазҿлымҳан аҟазара. Хышықәса анысхыҵуазтәи фрагментқәак сгәалшәоит. Ауаа рыҟаҵашьақәа шыҟасҵоз схаҿы инхеит. Ҳгәылаҳәсақәа, абыргцәа уҳәа ҳаҩны инеиуаз, иааиуаз рыҟаҵашьа ҟасҵон", - лҳәоит актриса аицәажәара ҳналагоны. Лара ишылгәалашәо ала, ашкол данҭаз лаб дҳақьымхарц лабжьигон, жә-класск рҿы дантәаз ахимиа, абиологиа уҳәа рзы аҽазыҟаҵара дныҟәон, аха лгәы иаҭахӡамызт. Ус ашкол даналгашаз аԥсуа телехәаԥшраҿы атеатр азы аҿар рыдыркылоит ҳәа алаҳәара лбеит. "Алаҳәара анызба аӡәгьы иасымҳәаӡеит, сҭаацәа ирыдрымкылар ҳәа сацәшәеит. Ашкол аҿы аԥышәара сыман усҟан 11-тәи акласс аҿы стәан. 2001 шықәсазы акәын, Аԥсны аҭоурых асҭан саҳәшьеиҳаб Оксана Аҟәа ақалақь ахадараҿ аус луан иласҳәеит дсыцнеирц. Ҳаицны аԥсуа театр аҿы ҳааит", - лажәа иацылҵоит Есма раԥхьатәи аҟазарахьтәи лшьаҿақәа шыҟалҵоз лгәаларшәо.
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

1/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

2/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

3/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

4/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

5/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

6/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

7/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

8/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа

9/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
1/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
2/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
3/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
4/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
5/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
6/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
7/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
8/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
9/9
© Foto / Есма Кәыҵниаԥҳа лхатә даҟьа аҟынтәи
Есма Кәыҵниаԥҳа
Есма Кәыцниаԥҳа лаҳәшьеи лареи атеатр ашәхымс ианхыҵ усҟан алитературатә ҟәша аиҳабыс иҟаз, актиор Рушьни Џьапуа дырԥылеит. Аҭыԥҳа длыҿцәажәеит, ажәеинраала даирԥхьеит. "Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы" Иуа Коӷониа итәы сизаԥхьеит, нас ибзиоуп лассы аҭел ҳабзасуеит иҳәеит. Ашьҭахь саҳәшьа лыла исзынарыцҳаит атеатр ахь ишнеитәу арҿиаратә ԥышәарақәа рыҭиразы. Валери Ақаҩба иакәын аԥышәара здызкылоз, ажәеинраалеи, ажәабжь ацыԥҵәахеи саԥхьеит. Анаҩс, атеориақәа рыҭиразы ҳуниверситет аҿы аԥышәарақәа ҳархысит, сагьаднакылеит. Аҵара сышҭалаз сҭаацәа раҳәара гәаӷьыуацәан. Сани саби ихарымҵаӡеит, избанзар маӡала аԥышәарақәа рыҭира сныҟәон. Иргәамԥхаӡеит, иазыбҭахыз, ари занааҭума рҳәеит", - аҭак ҟалҵеит Есма аҵара дышҭалаз азы.
Ус акәзаргьы, данактрисаха лҭаацәа даара илыцхраауан. Лан лдунеи лыԥсахаанӡа ахәыҷқәа рбараҿы акыр длыҵгәон, лаб иакәзар, атеатр даҭаауан еснагь аспектакльқәа рыхәаԥшразы, иԥҳа длызгәыдуун ақәҿиара анлымаз. Актәи акурс даналга ашьҭахь, лаб иаҳаҭыразы афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ азы латәарадатәи аҟәша дҭалан далгеит, аха зныкгьы ашкол аҿы аус лмуӡеит, "атеатр сыԥсы аӷроуп" уи мзызс иаиуит. Алхас Шамбеи Мадина Аргәынԥҳаи актиортә ҟазара амаҭәар азы рҵаҩцәас илыман. Есма аҵара илыцҭаз лҩызцәеи лареи иахьа атеатр аҿы аус еицыруеит, уажәшьҭа ароль хадақәа рыдыргало илагахьеит, ахәаԥшцәа рҟазара алыркаауеит.
"Актәи акурс сыштәаз, ашықәс ҿыц аламҭалазы Алхас Шамба исеиҳәеит атеатр адиректор дбыԥхьеит ҳәа. Ашықәс ҿыц азы алакә ықәҳаргылоит, Асҭыԥҳа лроль быхәмарроуп иҳәеит. Иқәзыргылоз иара Шамба иакәын. Сыхәмарит. Ашьҭахь аԥарагьы сырҭеит сахьыхәмаруаз азы. Сара аԥара азыҳәан смыхәмарит сҳәеит, аха исырҭеит. Уи ԥышәан сара сзы. Раԥхьатәи сулафахәы даара сеигәырӷьеит аиашазы. Нас, ахәыҷтәы спектакльқәа срыларҵо иалагеит. Атеатр аҿы иқәдыргылоз амассатә сценақәа зегьы ҳрылан. Аҵара саналга Мадина Аргәынԥҳаи Алхас Шамбеи иқәдыргылоз зегьы срылан. Сырҵаҩцәа ракәымзи, исзымариан дара рҿы аусура", - абас раԥхьатәи лшьаҿақәа асценаҿы иҟалҵон актриса.
Атеатр аҿы аусра иамоуп ахатәы кәамаҵамақәа, ҿыц аусра инеиуа иаразнак ароль дуқәа рырҭо, рҿара ианаало ароль хадақәа рыдыргало шамаха иҟалом. Есма Кәыҵниаԥҳа лтеатртә лахьынҵагьы ус ауп ахы шакыз: "Акыраамаҭа Асҭыԥҳа лроль акәын ихаданы инасыгӡоз, убри ала акәын ахәаԥшцәа сазлардыруаз. Уажәшьҭа сажәызар акәхап – иаҳхысыз аӡын Аӡызлан лроль сыхәмарит. Ахәыҷқәа ибзианы ирыдыркылеит, ииашаҵәҟьаны сӡызланыз џьыршьон. Аӡҭачы еиԥшны асценографиа хәыцмыз, убри сҭыҵҵәҟьозшәа днарбон", - лҳәоит актриса акыркыр дыччо.
Аиашазы, ииасыз ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Мириа" ( З. Каклиаԥҳа. ареж. Ҭ. Кәакәасқьыр) аҿы акыр иџьашьахәны иалкаан Ӡызлан-Ӡаҳкәажә лроль. Зыӡҭачы иҭаӡысоз Ӡызлан – Есма Кәыҵниаԥҳа амифологиатә хаҿсахьа акыр дазааигәаны, ахәыҷқәагьы, адуцәагьы рхаҿы дынхаратәы ԥҳәыс ссирны даарԥшын. Есма л-Ӡызлан лышәҵатәы инаркны, лцәажәашьеи лынеиааишьеи ажәытә хҭысқәа урзааигәанатәуан, узыршанхоз хаҿсахьаны еиҿкаан. "Аакьысқьа аполиклиникаҿы сыҟан, хәыҷык саниба сидырит Аӡызлан лоуп ҳәа иан сылирбон. Асҭыԥҳара лсезон мҩасит. Уажәшьҭа аиҳабацәа лроль сыхәмаруа салагеит", - алкаа ҟалҵоит актриса.
Уаанӡа, 2017 шықәсазы Есма Кәыҵниаԥҳа лыԥсҭазаарҿы ицәырҵит акыр лара лзы ихадоу, ахацәа зынӡа излам, аҳәса рансамбль ала ишьақәгылоу Федерико Гарсиа Лорка идрама "Бернарда Альба лыҩны" (ареж. М. Аргәынԥҳа) аҿы аҭыԥҳацәа руаӡәы, 30 шықәса ирҭысхьоу Магдалена лроль анагӡара. Ари ароль, актиортә ҟазараҿы шьаҿак ԥхьаҟа ацара иадылҳәалоит Есма. "Даара дысзааигәоуп Магдалена. Лҭаацәа рзы лгәы разуп, алафгьы лҳәоит, саргьы маҷк уи слеиԥшуп аԥсҭазаараҿы", - лҳәоит Есма Магдалена лроль азы. Анаҩсан, актриса илқәашьхеит "Аншьа Иуана" - ( А. Чехов. ареж Б. Ақаҩба) Елена лроль ахәмарра. "Лара адәахьала дыԥҳәыс ҭынчуп. Аха ҩнуҵҟала зынӡагьы ус дыҟаӡам. Елена сакәызшәа збогьы салагеит сышнеи-шнеиуаз", - уажәшьҭа ихатәрахаз Чехов ифырԥҳәызба лстиль шьҭызкааз актриса Кәыҵниаԥҳа лажәақәа абас иҟоуп.
Абас дшааиуаз Есма Кәыҵниаԥҳа Асҭыԥҳаи Ӡызлани лышьҭахьҟа иныжьны, еиҳа имариам, аха зда ԥысхәа амам, аҭакԥхықәра зцу ароль хада ахәмарра лқәашьхеит ҳазҭо ашықәс жәабран мза анҵәамҭазы. Арежиссиор А. Шамба иқәиргылаз аспекталь "Мирандолина" аҿы, асасааирҭа аԥшәма, уа исасуа ахацәа зегь зҿынҵәаауа бзиа ирбо аԥҳәыс лроль налыгӡеит. Аспектакль аԥхьарбаратә мшқәа раан зыбла иабаз лаҳасабала, исҳәарц сылшоит Мирандолина - Е. Кәыҵниаԥҳа игәылырҭәаау, аҟәымшәышәреи аџьбарареи злоу аԥҳәыс лхаҿсахьа шьахәла иналыгӡеит ҳәа.
"Раԥхьа Алхас Шамба иансыдигала зны апиеса саԥхьеит, аха сзыхәмарӡом ҳәа иасҳәеит, ус сгәы иснарбеит. Сара исцәыуадаҩуп ахацәа хызхуа аԥҳәыс лроль анагӡара. Аԥсҭзаараҿгьы ус сыҟаӡам азы. Аха, араҟа иԥшаауп даҽа шәыгақәак – Мирандолина амчра змоу ԥҳәысуп, аԥарагьы лырҳароуп. Ицәгьамкәа иалҵызшәа збоит. Ахәаԥшцәа иргәаԥхоит аспектакль. Акомедиа бзиа ирбоит, алахҿыхра рҭахуп атеатр иаҭаауа. Мирандолинеи сареи ҳазлеиԥшу атәы сҳәозар - лара акада акгьы лыздырам ззырҳәо лоуп. Дҟәымшәышәуп, асасдкылра бзиа илбоит, ауаа рызнеишьа дақәшәоит. Избан лмаҵуҩы дзалылыхыз? Бзиа дылбаҵәҟьонгьы акәӡам, илҭахын лхақәиҭра еиқәлырхарц. Ахәмарра дамҿханакит аҳәса зцәымӷыз акавалер данеилалгозгьы. Илырҵәиит абри аҭагылазаашьа иусырбап лҳәан. Аха, ахаҵацара азҵаара анааи, далылхит лааигәара иҟаз, илыхәоз, иреиҵбыз, зыԥшреи зсахьеи бзиаз, егьырҭ реиҳа бзиа дибоит ҳәа илшьоз лмаҵуҩы. Лхы анасыԥ алҭеит хшыҩла дазнеины", - Мирандолина лроль абас дахәаԥшуеит Есма. Ҳаицәажәара аныхҳаркәшоз, атеатр амш азы гәаҳәарас илымо азы, абас саҭалкит актриса: "Аусура, аусура, арольқәа ҳаманы, ҳасцена аҿы еснагь ицәажәо. Ҳааԥсаргьы, ҳџьабааԥсагьы еишьашәаланы иҟаларц!".
R S: Есма Кәыҵниаԥҳа дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа дрануп. Лыԥшәма Сераи Ақаҩба дрепатриантуп. Иаргьы аҟазара дадҳәалоуп, амузыкатә занааҭ имоуп. Актриса ишылҳәаз ала, лактрисара дигәанарԥхеит, ажәа лниҵаанӡа атеатр аспектакльқәа дрыхәаԥшуан, уажәгьы атеатр даҭаауеит. Есма актрисара инаҷыданы атеатр аҿы атруппа аиҳабыс аус луеит. Даараӡа деиҿкааҩуп, зус ҭакԥхықәрала иазнеиуа усзуҩп.