Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥҳәыс илзанааҭым": арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лыҿцәажәара

© Sputnik / Илона ХварцкияРежиссер Мадина Аргун
Режиссер Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа Хәажәкыра 8 - Жәларбжьаратәи аҳәса рымш ауп. Ари аҽны ишәыдаагалоит аԥҳәыс илтәым азанааҭ ҳәа ззырҳәо арежиссиорра ԥсҭазааратә мҩаны илзхыз, қәҿиаралагьы уи иқәу Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лыҿцәажәара. Аматериал азлырхиеит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иахьа зыӡбахә сымоу аҟаза лҟазшьала атеатртә институт аҿтәи сырҵаҩцәа дреиԥшнысшьалоит. Иҟалап убри азакәзар аимадара зҳамоугьы. Дышԥаҟоу лара сара сыблақәа рыла? Дҭынчуп, дгәыҭбаауп, аха убри аамҭазы ллеишәагьы џьбароуп, аусура инадҳәаланы исҳәозар. Аспектакль ақәыргылара иаҵанакуа аусқәа рҿы дымчуп сҳәар ауеит. Ирацәаны аус луеит, лаамҭа еиҳаракгьы атеатр аҿы илхылгоит.
Лара илылшоит акаҳуа уцылжәыр, уимоу лхаҭа иузлыршыр, дудтәалар, аха асценахь аусуразы даниасуа, ллахҭым цәырылгоит. Сара сырҵаҩцәагьы убас иҟан. Аҩныҟа ҳганы ачаи ҳдыржәыр рылшон, ма азеиԥшынхарҭахь ҳирамш азы ахаа-мыхаақәа рыманы инеир ауан. Аха, аудиториа ҳәа изышьҭоу ианыҩналалакгьы, ҳара иҳабжьан ацәаҳәа, уи иахьӡын аҟазараҿ алҵшәа ҟаларц азы алеишәа. Мадина Аргәынԥҳа сара спектакльк аҿоуп аус ахьлыцсухьоу. Уи Шоҭа Ҷкадуа икомедиа "Ҳауа идагәада?" ауп. Сара уахь сахьналԥхьаз иаҳәо акоуп – ари аҟаза дацәшәом ҿыцрақәак лхы рылагалара, игәаӷьыуацәоу аекспериментқәа рымҩаԥгара.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Аԥсны
Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара
2005 шықәсазы, иахьа В. Арӡынба ихьӡ зху амузеи ахьыҟоу асценаҿы сара сахәаԥшит аԥсуа театр актиорцәа алархәны Аргәынԥҳа икәлыргылаз акьанџьатә спектакль. Аамҭа акыр цахьеит, аха исҳәоит убасҟангьы ишысбарҭахаз аспектакль ықәзыргылаз зус здыруа, аҟазара злоу шлакәу. Агьама бзиа анубаалон уи ақәыргыламҭа.
"Аҽаԥа Џьамхәыхә" (Ф. Искандер) акәын, зынӡа аспектакльқәа ԥшьба ыҟан. Уи Финлиандиа адунеижәлабжьаратәи афестиваль ахь иаҳгеит. Аҩбатәи аҭыԥгьы ҳауит. Актәи ашведцәа иранаршьеит", - лҳәоит арежисисор, уи лԥышәа дазааҭгыло.
© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа аҵара анылҵоз.

Мадина Аргәынԥҳа аҵара анылҵоз. - Sputnik Аҧсны
1/5

Мадина Аргәынԥҳа аҵара анылҵоз.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа аҵара лыцызҵоз лҩызцәеи лырҵаҩи.

Мадина Аргәынԥҳа аҵара лыцызҵоз лҩызцәеи лырҵаҩи. - Sputnik Аҧсны
2/5

Мадина Аргәынԥҳа аҵара лыцызҵоз лҩызцәеи лырҵаҩи.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа лкурстә спектакль.

Мадина Аргәынԥҳа лкурстә спектакль. - Sputnik Аҧсны
3/5

Мадина Аргәынԥҳа лкурстә спектакль.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа аспектакль "Мертвые души" аҟны.

Мадина Аргәынԥҳа аспектакль "Мертвые души" аҟны. - Sputnik Аҧсны
4/5

Мадина Аргәынԥҳа аспектакль "Мертвые души" аҟны.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа Островски иҩымҭа "Лес" ала иқәлыргылаз лкурстә усумҭа.

Мадина Аргәынԥҳа Островски иҩымҭа "Лес" ала иқәлыргылаз лкурстә усумҭа.  - Sputnik Аҧсны
5/5

Мадина Аргәынԥҳа Островски иҩымҭа "Лес" ала иқәлыргылаз лкурстә усумҭа.

1/5

Мадина Аргәынԥҳа аҵара анылҵоз.

2/5

Мадина Аргәынԥҳа аҵара лыцызҵоз лҩызцәеи лырҵаҩи.

3/5

Мадина Аргәынԥҳа лкурстә спектакль.

4/5

Мадина Аргәынԥҳа аспектакль "Мертвые души" аҟны.

5/5

Мадина Аргәынԥҳа Островски иҩымҭа "Лес" ала иқәлыргылаз лкурстә усумҭа.

Анаҩсан сара ахәаԥшҩы лаҳасабала лырҿиара Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы саниеит. Изҳәо рацәаҩуп арежиссиорра аԥҳәыс илзанааҭым ҳәа раԥхьатәи сызҵаара лысҭеит ҳанеиқәашәа, ишԥалзанааҭым ҳәа аҭак соуаз џьышьа. Аиашазы, исылҭаз аҭак џьасшьеит, уимоу сагьылҿаԥеит.
- Ииашоуп ирҳәо. Арежиссиорра аԥҳәыс илзанааҭым. Ари иреиҳаӡоу аматематика ззырҳәо ауп. Афизикцәеи аматематикцәеи рацәаҩны ибдыруама аҳәса? Иҟаӡам, имаҷҩуп зынӡа. Ара аматематикатә хшыҩзцара аҭахуп, - ҳәа аасаҭалкит сгәысҽанӡамкәа Мадина.
- Татиана Леознова "Ааԥын жәибжь еигеимцарак" ("Семнадцать мгоновений весны") ҭызхыз арежиссиор илеиӷьны асериал ҭызххьоу дагьсыздыруам, - ҳәа иаалҿасырхьит.
- Ааи, геницәақәак ҟалалоит, аха имаҷҩуп усгьы. Ааи, ара сбықәшаҳаҭуп лҳәеит, - имараҳәу лҟазшьа аарԥсасины, - аха, анапхгаҩцәа раҳасабала ақәҿиара змаз аҳәса ыҟан аиашазы, лажәа иацылҵоит лара, - иаҳҳәап, Москватәи атеатр "Современник" асахьаркыратә напхгаҩы Галина Волчек. Уи аҩыза аҭыԥ нызкыло дрежиссиорымзар ауеит занааҭла. Асахьаҭыхыҩцәа еиҳа ирацәаҩуп аҳәса рахьтә, атеатр аганахьала акыр зылшахьоу раасҭа. Иҟоуп, ҳәарада, иаҳҳәап Нина Чусова леиԥш. Сара исгәаԥхоит лспектакльқәа, - лҳәан, ари атема аахлыркәшеит Мадина Аргәынԥҳа.
Арежиссиор Мадина Аргәын. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2018
Арадио
Аргәынԥҳа "Гәымсҭатәи абаллада" иазкны: сҭазырхо акәхаргьы, уалны исыдуп
Зыӡбахә сымоу арежиссиор 1994 шықәсазы Н. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол далгеит, иара убри ашықәсан дҭалеит Уфатәи аҳәынҭқарратә акультуратә институт акьанџьақәа ртеатр арежиссиор изанааҭ афакультет. Шықәсык ашьҭахь, раԥхьатәи лырҵаҩы Павел Мельниченко идунеи аниԥсах, диасуеит адраматә театр арежиссиорра афакультет ахь. Уаҟа аҵара лҵон арҵаҩы Рифтак Исрафилов инапхгарала.
Лдипломтә усумҭа "Ажьақәеи амаҭқәеи" (Ф. Искандер) ықәлыргылеит Уфатәи аурыстә драматә театр аҿы. Аԥсныҟа аусуразы дгьежьит 2001 шықәсазы. Абар уажәшьҭа 22 шықәса ирықәуп Мадина Аргәынԥҳа Аԥсуа театр амхурсҭа дҭоижьҭеи. Лара илылшеит сҳәар ауеит, ахәаԥшцәа ргәы ахыхреиԥш, актиорцәа рыгәрагарагьы аԥсахара. Бжьаратәла уи Аԥсуа театр арепертуар иалалгалеит 30 спектакль рҟынӡа.
Лыспектакльқәа рҿы ихәмаруеит аҟазара зҽаԥсазтәхьоу актиорцәа – Сырбеи Сангәлиа, Ҭамара Аҩӡба, Виачеслав Арӡынба, Ира Коӷониа, Даур Арухаа, Циала Инаԥшьба уҳәа атеатр ҵәатәышьаҟас иаҵагылоу аӡәырҩы.
Сара сарҭынчуамызт, аԥҳәыс илзанааҭым ҳәа ишьақәлырӷәӷәо ахь амҩа залылхыз. Уазхәыцыр, иҟоума араҟа алогика? Дырҩагьых аҿынасырхеит, нас, бышԥанеи аԥҳәыс илтәым, аматематика иаҩызоу ахшыҩзышьҭрақәа зҭаху азанааҭ ахь ҳәа.
"Зынӡагьы исҭахӡамызт. Адукатрагьы сеилаҳауан аамҭаказ. Аха саб иашьцәа ус рҳәеит "абарҭ амаҭәарқәа ари дрымаҭәам атәым бызшәақәа рфакультет ахь дҳашьҭып" ҳәа. Шықәсык сныҟәон, аха исҵаз ҳәа акгьы ыҟам. Бзиа избон адукатра, урҭ злахәыз акиноқәа, аӡбаратә процессқәа ахьаҳдырбоз исгәарԥханы сахәаԥшуан. Нас, акино актрисара сеилаҳауа салагеит", - илгәалалыршәоит лнысымҩа арежиссиор.
© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз лҭаацәа рыгәҭа.

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз лҭаацәа рыгәҭа. - Sputnik Аҧсны
1/2

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз лҭаацәа рыгәҭа.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз.

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз. - Sputnik Аҧсны
2/2

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз.

1/2

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз лҭаацәа рыгәҭа.

2/2

Мадина Аргәынԥҳа даныхәыҷыз.

Ажәакала, дактрисахарц лҭахын Мадина. Лҭаацәа уамакгьы илыцдырӷызуамызт аха, 1994 шықәсазы Уфаҟа атеатртә институт аҭаларазы Аԥсуа театр ахь аԥышәарақәа рыҭиразы данаауаз адгылара лырҭеит. Усҟан иахьрыдыркылоз актиортә факультет ахь акәын. Арежиссиор Валери Ақаҩба аҭыԥҳа ажәеинраала даирԥхьеит, длыҿцәажәеит.
"Александр Пушкин "Евгени Онегин" аҟынтә Татиана Онегин изылҩыз ашәҟәы сизаԥхьеит, нас зҵаарақәак сиҭеит шәҟәқәас бзыԥхьахьои ҳәа", - еиҭалҳәоит Мадина акыр шықәса зхыҵуа ахҭыс.
Анаҩс, акоридор аҿы игылаз лҭынхацәа неиԥхьан "арежиссиорра лылоушәа сгәы иабоит, срыҳәоит алимит убрахь иҳарҭартә" ҳәа реиҳәазаап Ақаҩба.
"Арежиссиорра закәи, сара сактрисахар сҭахуп ҳәа саақәгылт. Аҵәыуара салагеит, аха мчыла арежиссиорра сҭарҵеит, уи балгар, актрисарагьы былшоит ҳәа сақәыргәыӷны", - лҳәеит лара, аҳәса ирусым ҳәа илыԥхьаӡо азанааҭ ахь амҩа дшықәлаз сырҳауа.
Ус акәзаргьы, лнапы злаку аус дшазыҟоу аилкааразы санлыцрымҵ, абас салҳәеит:
"Иахьагьы исыздырӡом уи еилкааны. Саланагалеит, исгәаԥхоит", - лҳәеит аҟырҟырҳәа дыччо уажәшьҭа ҵҩа змам аспектакльқәа ықәзыргылахьоу арежиссиор.
Актрисара ԥсабарала Мадина ишлылоу ҩашьара ақәым, ахәаԥшцәа ижәдыруазар акәхап Наур Нарманиа ифильм "Сара исыхьӡуп Махаз" аҿы аепизод арежиссиор шьахәла ишыналыгӡаз. Рацәакгьы ҵуам арежиссиор Наур Гармелиа иҭихуаз "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" ахь ааԥхьара лыман, лрольгьы налыгӡеит, уи адагьы, лара атеатр аҿы еиуеиԥшым арольқәа налыгӡахьеит.
© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәыни Ирина Коӷониаԥҳаи.

Мадина Аргәыни Ирина Коӷониаԥҳаи. - Sputnik Аҧсны
1/6

Мадина Аргәыни Ирина Коӷониаԥҳаи.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәыни, Заур Ҷанбеи, Виачеслав Арӡынбеи.

Мадина Аргәыни, Заур Ҷанбеи, Виачеслав Арӡынбеи. - Sputnik Аҧсны
2/6

Мадина Аргәыни, Заур Ҷанбеи, Виачеслав Арӡынбеи.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәыни Софа Агәмааи.

Мадина Аргәыни Софа Агәмааи. - Sputnik Аҧсны
3/6

Мадина Аргәыни Софа Агәмааи.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәын Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны иқәлыргылаз аспектакль аԥхьарбараан

Мадина Аргәын Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны иқәлыргылаз аспектакль аԥхьарбараан - Sputnik Аҧсны
4/6

Мадина Аргәын Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны иқәлыргылаз аспектакль аԥхьарбараан

© Sputnik Илона Хварцкия

Мадина Аргәын аспектакль "Ажьақәеи амаҭқәеи" аҽазыҟаҵараан.

Мадина Аргәын аспектакль "Ажьақәеи амаҭқәеи" аҽазыҟаҵараан. - Sputnik Аҧсны
5/6

Мадина Аргәын аспектакль "Ажьақәеи амаҭқәеи" аҽазыҟаҵараан.

© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәыни Изольда Арухааи.

Мадина Аргәыни Изольда Арухааи. - Sputnik Аҧсны
6/6

Мадина Аргәыни Изольда Арухааи.

1/6

Мадина Аргәыни Ирина Коӷониаԥҳаи.

2/6

Мадина Аргәыни, Заур Ҷанбеи, Виачеслав Арӡынбеи.

3/6

Мадина Аргәыни Софа Агәмааи.

4/6

Мадина Аргәын Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны иқәлыргылаз аспектакль аԥхьарбараан

5/6

Мадина Аргәын аспектакль "Ажьақәеи амаҭқәеи" аҽазыҟаҵараан.

6/6

Мадина Аргәыни Изольда Арухааи.

Аусураҿы дыџьбароуп ҳҳәозаргьы, алафҳәарагьы дазҟазоуп Мадина, еиҳаракгьы бзиа илбоит цәиккрак иадҳәалоу асиужетқәа анылзеиҭоуҳәо. Усҟан иныхҵаны дыччоит. Атеатр аҿы аус лыцызуа актиорцәа рахьтә иҟоуп илеиҳабу, иара убас акыр илеиҵбу. Аспектакль ақәыргылара аҟазара анаҩсангьы иаҭахуп анапхгаратә ҟазшьа. Уи умамкәа аспектакль узыҟаҵаӡом.
"Ҳауа идагәада?" ҳанаҿыз игәасҭеит лфантазиа шыҭбаау. Раԥхьа исзеилкааӡомызт лидеиақәа рхы ахьхаз. Зынгьы саҟәыҵрыма сгәахәит. Сара исцәыуадаҩын лыдҵақәа рышьҭыхра. Сгәы каҳангьы саныҟаз ыҟан, аха ахьаҵрагьы бзиа избаӡом азы лара лҿы исыраргамомызт...
Ҽнак агримҟаҵарҭаҿы Минаҭ лроль ихәмаруаз, анкьа курск аҿы аҵара сыцызҵоз актриса Циала Инаԥшьԥҳа иласҳәеит арежиссиор дсырԥхашьар ҳәа сышшәо, саҟәыҵыр еиӷьушәа шызбо.
"Бымшәан, Мадина актиорцәа ралхараҿы ахаангьы дҩашьаӡом", - ҳәа саҭалкит сара саҵкыс лара дыздыруаз, аспектакль "Бернарда Альба лыҩны" аҿы ароль хадақәа ируакыз - Ангустиас лхаҿсахьа назыгӡоз Циала. Ари сгәы арӷәӷәеит цәгьала.
Мадина Аргәынԥҳа атеатртә режиссураҿы мацара даангылом. Уи лнапы иҵылххьеит ателехәаԥшратә проектқәа. Акыраамҭа Аԥсуа телехәаԥшраҿы ицон "Аԥшӡара амаӡа" захьӡыз Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгоз адырраҭара, иара убас, адокументалтә фильмқәа рҭыхрагьы лҽазылкхьеит. Аабыкьоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала амилаҭтә шәаҳәаратә культура иазкыз афильм апремиера анымҩаԥысыз, анимациатә фильмгьы ҟалҵахьеит Искандер иажәабжь ала.
Аиааира амш, Гагра ахақәиҭтәра, атәыла ахадацәа рнапынҵақәа рынагӡара иахаҿырбагоу аинаугурациа ҳәа изышьҭоу аҭоубаура уҳәа ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа режиссиорс дрымоуп лара.
30-летие со Дня освобождения Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2022
Аԥсны
"Ԥсра зқәым архәҭа", Аԥсны аҭоурых: Гагра араион ахақәиҭтәра амш
Иара убас, ҳтеатртә ҟазара иалалгалеит ашәҟәыҩҩцәа рырҿиара иалхны аспектакльқәа-ахәылԥазқәа. Таиф Аџьба, Мушьни Лашәриа, Рушьбеи Смыр, Анатоли Лагәлаа уҳәа, рҩымҭақәа ирылхны ақәыргыламҭақәа ҟалҵахьеит. Хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба имшынҵа шьаҭас измоу "Ԥшӡала иаҳзырша" захьӡу аспектакль 2019 шықәсазы иқәлыргылеит Аԥсуа театр аҿы.
Заамҭа цахьоу астандартә иубилеиқәа гәҿыӷьгоуп, аиашазы, убри аҟынтә, Мадина лусумҭақәа ахәаԥшҩы даҿыгәҳәааны идикылоит.
"Аҽхәара бзиа избаӡом, аха абас атеатртә знеишьа са соуп иалагаз ара", - лҳәоит Мадина.
Пресс-показ фильма об абхазской народной песне в рамках проекта Амазара от ВААК  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Аԥсны
Аҟәа иӡырган адокументалтә фильм ҿыц "Аԥсуа ашәа"
Иалыскаарц сҭахуп уи лықәыргыламҭақәа рахьтә еиҳа исгәаԥхо аусумҭақәа, урҭ ирхысыԥхьаӡалоит "Бернарда Альба лыҩны" (Г. Лорка), "Ажьақәеи амаҭқәеи" (Ф. Искандер), "Аҳ деилазгаз ауаҩы" (Хә. Џьапуа, С. Хәаҭланӡиа), "Аԥынҵатәыҩақәа" (Е. Ионеско), "Ҳауа идагәада?" (Ш. Ҷкадуа), "Сариа" (З. Ҟаныҟәа).
Арежисиорра ииашаҵәҟьаны ахацәа роуп еиҳа знапаҿы иааганы измоу, нас лара аԥҳәыс уи аконкуренциа шԥалныруеи? Имариоума урҭ реиндаҭалара аилкаара, абри азы азҵаара лыҭара сҽазышәеит санлацәажәоз. Араҟагьы исылҭаз аҭак џьасшьеит:

"Аиндаҭлара уазхәыцуа уалагар, акымзарагьы узыҟаҵаӡом, уус ҟауҵалароуп. Аконкуренциа сҽалазгалаӡом, уи ыҟоуп ҳәагьы сыҟаӡам. Уҿахәы уара иуҳәалароуп, аиндаҭлара сара сзы акымзарак аҵанакӡом".

Ишеилыскааз ала, лара дануп дазыԥшӡамкәа илылхыз амҩа, иахьеи уахеи лидеиақәа рынагӡароуп дзызхәыцуа. Дабанӡарызҿлымҳау ари азанааҭ аҿы аус зуа арежиссиорцәа русумҭақәа ҳәа иқәсыргылаз азҵаатәы абас аҭак ҟалҵеит:
"Ааи, сышԥамыхәаԥшуеи. Сара сырҵаҩы иҳәон "зегьы шәрыхәаԥшла, ибзиоугьы ибзиамгьы. Избанзар, ижәбалароуп ишыҟаҵатәым, ишықәыргылатәым" ҳәа. Сара сыԥсҭазаараҿы зны заҵәык ауп аспектакль ааныжьны санцаз. Иамуит, снерв иалымшеит. Уи Аԥсны акәӡам, иарбан театругьы сҳәаӡом. Москва акәын. Бзиа избоз арежиссиор иакәын, аха 27 минуҭ аарла исычҳаит".
Иҟаҵатәуи ахәаԥшҩы ддәылҵны дымцарцаз ҳәа иҟан анаҩстәи сызҵаара.
"Исыздырӡом. Изхасзымдыруагьы здыруеит. Ахәаԥшыҩцәа еиԥшӡам. Сара бзиа избо акамертә спектакльқәа роуп. Уахь инеиуа уара уахәаԥшҩы иоуп. Азал дуқәа 500-ҩык ахьыҟоу зырҭәуа умазар, Анцәа уибеит, аха урҭ рахьынтә, уара иутәу аӡә иакәзаргьы ауеит. Егьырҭ зегь дәылҵны ицар алшоит. Рҟазшьа уақәымшәар ауеит", - лҳәоит арежиссиор.
Мадина Аргәынԥҳа имариамзаргьы, "сызқәу амҩа сгәаԥхоит, интересуп са сзы" лҳәоит. Аха зегь реиҳа иуадаҩу жанрны иалылкаауеит акомедиа, урҭ иреиуоу шықәлыргылахьоугьы.
"Еиҳа исцәыцәгьоуп акомедиақәа. Ауаҩы ирччара - уи зегь иреиҳау ҩаӡароуп. Ауаҩы ирҵәыуара акымзарак аҭахӡам. Аҿацаҳәа унагыланы умонолог уҳәар ауаҩы дурҵәыуоит. Ирччара цәгьоуп са сзы. Снапы рыласкуеит акомедиақәа, избанзар, саиааирц сҭахуп. Абри аиндаҭлара ҳәа бызҿу са сзы иҟазар, автори сареи ҳаиндаҭлароуп", - лҳәеит Аргәынԥҳа.
© Foto / из семейного архива Мадины Аргун

Мадина Аргәынԥҳа

Мадина Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/2

Мадина Аргәынԥҳа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Мадина Аргәынԥҳа

Мадина Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/2

Мадина Аргәынԥҳа

1/2

Мадина Аргәынԥҳа

2/2

Мадина Аргәынԥҳа

Абызшәа идыруазар аума арежиссиор, ҳтеатртә ԥсҭазаара абызшәатә культура изладҳәалоу ала ҳәа зцәажәара ахы скыз атема азы Аргәынԥҳа лхәыцрақәа абас иҟоуп:
"Сара ус исыԥхьаӡаӡом. Сара Уфатәи акьанџьатә театр аҿы башкир бызшәала аспектакль ықәсыргылахьеит Мустаи Карим иҩымҭа "Ахәыҷра" ("Детство"). Уа ҩышықәса аус зуан аҵара саналга. Аматериал бзиаӡаны издыруан. Ҳа ҳҿы Баграт Шьынқәба дшыҟоу еиԥш, дара рҿы иара дыҟоуп. Апрофессоналра аганахь ибҳәозар, уи ԥынгылаӡам зынӡа. Ҳәарада, абызшәақәа рацәаны иудыруазар - уи бзиоуп. Аха сԥышәа ишыснарбаз ала, иԥынгыламызт".
Амилаҭтә драматургиа ҳәа ззырҳәо азы, Мадина лгәаанагарала, араҟа хшыҩзышьҭра змоу аҵасқәа ззырҳәо ауп: "Иаҳҳәап, Мушьни Лашәриа ироман-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ақәыргылара саҿуп уажәы. Абра ҭоуба аныруа рнапаҿы ашыла ркуп. "Аӷа абри ашылеиԥш дсырхәашхәашоит", - иҳәоит иалоу афырхаҵа. Убри ауп ҳара иаҳтәу. Егьырҭ амилаҭқәа, иаҳҳәап, аурысқәа масленица рымоуп, даҽа милаҭк даҽак рымоуп. Абарҭақәа роуп еивгарас иҟоу. Досу иара иԥсабара имоуп. Ауаҩы дуаҩуп са сзы".
Режиссер Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2018
Арадио
Аргәынԥҳа Лашәриа ииубилеи иазку ақәыргыламҭаз: аҟаза аус ицура гәахәаран
Анҵамҭа аҟаҵаразы арежиссиор луадахь саннеи, акомпиутер дадтәаланы аус адылулон, иқәлыргыларц илҭаху Алықьса Гогәуа ироман "Асду" иалхны Занда Какалиаԥҳа адраматургиа ахь ииалгаз апиеса.
"Асду" садтәалоуп. Адраматург ида абас ароманқәа акы анрылырхуа иџьасшьоит. Сара салагеит, аха уи шсылымшо здырит. Уи даҽа занааҭуп. Досу иара иус даҿызароуп. Иҟоуп арежиссиорцәа ансахьаҭыхыҩцәахо, уигьы џьасшьоит. Автор "Асду" арапсодиа ҳәа ахьӡиҵеит. Драматә жанруп иҟалараны иҟоу аспектакль", - лҳәеит Мадина Аргәынԥҳа, ҳаԥхьаҟа иаҳбараны иҟоу ақәыргыламҭа аӡбахә цәырго.
Аргәынԥҳа Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рзы: дара зегьы ма атеатр ианаалоит, ма акино  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Арадио
Аргәынԥҳа Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рзы: дара зегьы ма атеатр ианаалоит, ма акино
Ари аколонка Аҳәса рымш Хәажәкыра 8 рзы излаҭыҵуа ала, ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз аԥҳәыс ари адунеи аҿы лылшарақәа рзы гәаанагарақәас илымоу еилыскаарц сҭаххеит.
"Аума лылшахьеит. Иаҳҳәап, абзазаратә ԥсҭазаараҿы. Ахацәа идмырдырӡакәоуп аԥҳәыс аус шылуа. Ахшара иира зегь иреиҳау ауп аԥҳәыс лыԥсабараҿы. Ауаатәыҩса зегьы ҳуникалтәуп, ҳәсагьы хацәагьы. Аԥстәқәа ҳазлареиԥшым ыҟами. Урҭ дара ринстинктқәа рымоуп. Гогәуа иҩымҭа "Асду" аҿы иануп убри. Ирҿаҳҵаашагьы рацәоуп аԥсҭәқәа, аха, ҳазлареиԥшым абызшәеи ахәыцреи рылоуп", - лҳәеит лара.
Даргьы хәыцуазар ҳәа уи иацысҵаз азҵаатәы азы лажәа абас иацылҵеит - "ихәыцуеит, хымԥада, аха дара зцәажәаӡом. Ҳара абызшәала иааҳарԥшуеит ҳхәыцрақәа. Насгьы, ҳара ауаатәҩыса аеволиуциа аганахьала ҳалшарақәа еиҳа ирацәахоит. Ауаҩытәҩыса иԥсҭазаараҿы еиҳа дзырманшәало амаругақәа аԥаҳҵоит. Анкьа акәаҭанқәа ыҟан, нас атракторқәа цәырҵит. Амала аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ринтуициа акалашәа иҟоуп, аха ҳара ауаатәыҩса ҳацәхьаҵуа ҳалагеит. Сара смаруга адыррагьы акәӡам, аҟазаргьы акәӡам, аинтуициа ауп. Убри ала среиԥшӡам ахацәа арежиссиорцәа", - абас лажәа налыгӡеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мадина Аргәынԥҳа...
Ажәабжьқәа зегьы
0