https://sputnik-abkhazia.info/20250406/zygra-zaz-ian-dageit-auay-igrei-amifologiat-duneikhashrei-1054368527.html
"Зыгра зӡаз иан дагеит": ауаҩы игреи амифологиатә дунеихәаԥшреи
"Зыгра зӡаз иан дагеит": ауаҩы игреи амифологиатә дунеихәаԥшреи
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рмифологиаҿы агра змоу ауаҩы ҭыԥс иааникыло атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа. 06.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-06T09:00+0300
2025-04-06T09:00+0300
2025-04-06T00:20+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/1c/1042849330_0:103:2699:1621_1920x0_80_0_0_9b2d09784afc92330f8915b43b8400fb.jpg
Агра змоу ауаҩы даҽа дунеик иатәу, нарцәытәи аԥсҭазаара иадҳәалоу, иҷыдоу мчык змоу иакәны ихәаԥшуеит адунеизегьтәи амифологиаҿы. Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьагьы уи иацәыхарам. Иарбанзаалак аныҳәара агра змоу ауаҩы идыркуам, ҵасым ҳәа.Аграқәа рахь иԥхьаӡоуп – алашәра, адагәара, аҿаҳара, абӷаџьыҟәра, ацыркьра уҳәа ауаҩы ицәеижь, имаха-шьаха акәадахара. Арҭ аграқәеи нарцәытәи адунеии реидҳәалара абызшәагьы ианыԥшуеит. "Илацәа неиқәиԥсеит" рҳәоит зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы изы, "аԥсы иеиԥш дыцәоуп" – ицәалахаз изы, мамзаргьы шәираҵас – "ула ашара амбааит", "улақәа ҭышәшәааит" уҳәа алашьцара иадырганы иаарԥшуп. Алашьцара иаҿдырԥшуеит ауаҩы ихдырра алаҟәхара ажәеиҭарсны "длашәуп" ҳәа анизырҳәо. Мамзаргьы: "абзиабара дарлашәит" рҳәоит игәы иақәшәаз аӡәы игу зымбо изы. Абас еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп алашьцара–алашәра аҵакы абызшәатә кодқәа рыла.Амифологиатә ҳәамҭақәа рҟны илашәу ауаҩы зны-зынла иҵоурам, илашьцоу амчқәа дрыдыркылоит (аҩсҭаа, аџьныш, зылаԥш цәгьоу, аԥшҩы, ицәалахаз), ҽазных "Анцәа иҭахханы иишаз" ҳәа дрыԥхьаӡоит. Аиҳаракгьы Анцәа иуаа ҳәа ирыхәаԥшуеит илашәу амузыкантцәа. Аԥсуаа рҟны иҷыдоу адырра зманы, Анцәа иишаз уаҩны ихәаԥшуан уҳәар ауеит аԥхьарцарҳәаҩы Жана Ачба.Амифологиатә ажәабжьқәа рперсонаж, абнеи ашәарыцареи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа џьара-џьара Адагәа ҳәа ихьӡ ршьоит. Адагәара – ари аперсонаж имифтә хаҿра аҷыдарақәа раарԥшышьа ируакуп. Уи даҽа дунеик иатәу, ирреалтәу хаҿсахьаны дшыҟоу аазырԥшуа акоуп.Амагиатә хәҭа: "Аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп" рҳәоит аԥхьаҟа иҟалаша ҳәа бзиарак аӡбахә анырҳәо, аҩсҭаа уи иаҳаны ԥырхага ҟаимҵарц азы. Ма аҩсҭаа "илақәа ҭырхуеит" аԥшра аҭәҳәақәа аныҟарҵо ашылеи аџьыкхыши еилаҵаны амца иақәыԥсаны ианырбылуа (ари аритуал мҩаԥыргоит Нанҳәа аныҳәа иадҳәалоу ақьабзқәа раангьы).Агра иманы ахәыҷы дымирц азы иҟоуп зеилагара ҟамло азгәаҭарақәа: ауаҩы имшшьара еилеигар ҟалаӡом (ианаамҭам аӡахра, аилыргара), ажәҵыс аҭра урбгар ҵасым, хәылбыҽхан мрагылара аганахь аӡы акаҭәара (амра аӡы аҿаҭәаны иурцәаз иаҩызоуп), аҟьамсар хәылбыҽхан адәылгара уҳәа иреиуоу. Иара убас, аеҵәақәа ажәҩан аҿы рыԥхьаӡара ҟалом ҳәа иршьоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20200404/ayni-apara-dilirgom-anish0rkuam-idsahuam-apsuaa-amshshara-ishasikou-1025345583.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210717/Shapymshyla-amshra-ztsu-auay-inyhuara-1028507768.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200328/Antsashara-Amshshara-amsha-rshara-iadalou-izhytu-aasa-1029692693.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/1c/1042849330_200:0:2499:1724_1920x0_80_0_0_5063f09ee9eb4596cdad4e647a8881c2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
"Зыгра зӡаз иан дагеит": ауаҩы игреи амифологиатә дунеихәаԥшреи
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсуаа рмифологиаҿы агра змоу ауаҩы ҭыԥс иааникыло атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Агра змоу ауаҩы даҽа дунеик иатәу, нарцәытәи аԥсҭазаара иадҳәалоу, иҷыдоу мчык змоу иакәны ихәаԥшуеит адунеизегьтәи амифологиаҿы. Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьагьы уи иацәыхарам.
Иарбанзаалак аныҳәара агра змоу ауаҩы идыркуам, ҵасым ҳәа.
Аграқәа рахь иԥхьаӡоуп – алашәра, адагәара, аҿаҳара, абӷаџьыҟәра, ацыркьра уҳәа ауаҩы ицәеижь, имаха-шьаха акәадахара. Арҭ аграқәеи нарцәытәи адунеии реидҳәалара абызшәагьы ианыԥшуеит. "Илацәа неиқәиԥсеит" рҳәоит зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы изы, "аԥсы иеиԥш дыцәоуп" – ицәалахаз изы, мамзаргьы шәираҵас – "ула ашара амбааит", "улақәа ҭышәшәааит" уҳәа алашьцара иадырганы иаарԥшуп. Алашьцара иаҿдырԥшуеит ауаҩы ихдырра алаҟәхара ажәеиҭарсны "длашәуп" ҳәа анизырҳәо. Мамзаргьы: "абзиабара дарлашәит" рҳәоит игәы иақәшәаз аӡәы игу зымбо изы. Абас еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп алашьцара–алашәра аҵакы абызшәатә кодқәа рыла.
Амифологиатә ҳәамҭақәа рҟны илашәу ауаҩы зны-зынла иҵоурам, илашьцоу амчқәа дрыдыркылоит (аҩсҭаа, аџьныш, зылаԥш цәгьоу, аԥшҩы, ицәалахаз), ҽазных "Анцәа иҭахханы иишаз" ҳәа дрыԥхьаӡоит. Аиҳаракгьы Анцәа иуаа ҳәа ирыхәаԥшуеит илашәу амузыкантцәа. Аԥсуаа рҟны иҷыдоу адырра зманы, Анцәа иишаз уаҩны ихәаԥшуан уҳәар ауеит аԥхьарцарҳәаҩы Жана Ачба.
Амифологиатә ажәабжьқәа рперсонаж, абнеи ашәарыцареи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа џьара-џьара Адагәа ҳәа ихьӡ ршьоит. Адагәара – ари аперсонаж имифтә хаҿра аҷыдарақәа раарԥшышьа ируакуп. Уи даҽа дунеик иатәу, ирреалтәу хаҿсахьаны дшыҟоу аазырԥшуа акоуп.
Амагиатә хәҭа: "Аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп" рҳәоит аԥхьаҟа иҟалаша ҳәа бзиарак аӡбахә анырҳәо, аҩсҭаа уи иаҳаны ԥырхага ҟаимҵарц азы. Ма аҩсҭаа "илақәа ҭырхуеит" аԥшра аҭәҳәақәа аныҟарҵо ашылеи аџьыкхыши еилаҵаны амца иақәыԥсаны ианырбылуа (ари аритуал мҩаԥыргоит Нанҳәа аныҳәа иадҳәалоу ақьабзқәа раангьы).
Агра иманы ахәыҷы дымирц азы иҟоуп зеилагара ҟамло азгәаҭарақәа: ауаҩы имшшьара еилеигар ҟалаӡом (ианаамҭам аӡахра, аилыргара), ажәҵыс аҭра урбгар ҵасым, хәылбыҽхан мрагылара аганахь аӡы акаҭәара (амра аӡы аҿаҭәаны иурцәаз иаҩызоуп), аҟьамсар хәылбыҽхан адәылгара уҳәа иреиуоу. Иара убас, аеҵәақәа ажәҩан аҿы рыԥхьаӡара ҟалом ҳәа иршьоит.