https://sputnik-abkhazia.info/20250408/delba-ayrsarraa-rzy-anormativ-zint-akta-rproekt-auseiadulazarts-ada-aieit-1054399507.html
Делба аҳәырԥсаррақәа рзы анорматив-зинтә актқәа рпроект аусеиҭадулазарц адҵа ҟаиҵеит
Делба аҳәырԥсаррақәа рзы анорматив-зинтә актқәа рпроект аусеиҭадулазарц адҵа ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥcны аԥыза-министр Владимир Делба Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррақәеи, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура... 08.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-08T17:30+0300
2025-04-08T17:30+0300
2025-04-08T17:30+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/08/1054398316_0:27:934:552_1920x0_80_0_0_e83ec37f5589b6b4f9664dc311913548.jpg
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥcны аԥыза-министр Владимир Делба Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррақәеи, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура еиҿызкаауа анорматив-зинтә актқәа рпроект аусеиҭадулазарц адҵа ҟаиҵеит.Иахьа, хәажәкыра 21 рзы иаԥҵаз аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.Адокументқәа азинмч змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи рақәшаҳаҭра рымазароуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/08/1054398316_0:0:900:675_1920x0_80_0_0_aa20746df00233fccfb8737af276c44a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Делба аҳәырԥсаррақәа рзы анорматив-зинтә актқәа рпроект аусеиҭадулазарц адҵа ҟаиҵеит
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥcны аԥыза-министр Владимир Делба Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррақәеи, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура еиҿызкаауа анорматив-зинтә актқәа рпроект аусеиҭадулазарц адҵа ҟаиҵеит.
Зыӡбахә ҳәоу аҳәырԥсарреи апарки рҳәаақәа рышьақәыргылара азҵаареи ҷыдала ирыхьчо аԥсабаратә ҵакырақәа рҿы аусурақәа мҩаԥызго ахатәхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи азакәантә режим рықәныҟәареи роуп.
Иахьа, хәажәкыра 21 рзы иаԥҵаз аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.
Адокументқәа азинмч змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи рақәшаҳаҭра рымазароуп.