Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бадра Гәынба Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны, аԥыза-министр хәҩык ахаҭыԥуаа имоуп. Зынӡа аиҳабыраҿы 15 министрреи 9 еилакыки ыҟоуп.
Аиҭакра хадақәа:
Аенергетикеи атранспорти рминистрра еиҭакуп Аенергетика аминистрра ҳәа, атранспорт афункциақәеи азинмчқәеи Аекономика аминистрра иаҭоуп;
Ақыҭанхамҩа аминистрра аилазаашьа иалгоуп Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа;
Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭа Аҳәынҭеилакы ҳәа еиҭакуп;
Аекологиазы аҳәынҭеилакы Аекологиеи апсабарахархәареи рзы аҳәынҭеилакы ҳәа ахьӡ еиҭакуп;
Аргыларақәеи акоммуналтә нхамҩеи рзы аҳәынҭусбарҭа ахьӡ ԥсахуп Архитектуреи ақалақьргылареи рзы аҳәынҭусбарҭа ҳәа;
️Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп Аҳәынҭстандарт аусура азеиԥш напхгара;
Ақыҭанхамҩа аминистрра анапы ианҵоуп Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзуреи Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциеи русура азеиԥш напхгара;
Аиустициа аминистрра анапы ианҵоуп Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа анапхгара;
Аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы аҳәынҭеилакы анапы ианҵоуп Аҳәынҭқарратә абнанхамҩазы аҳәынҭусбарҭеи Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭусбарҭеи русура анапхгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0