Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыхны ақыҭахь ахаҵәирҭаҿы иԥсабаратәым аиҟарамрақәа шьҭарҵоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт автодорог в Новосибирской области
Ремонт автодорог в Новосибирской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Лыхны ақыҭахь ахаҵәирҭаҿы иԥсабаратәым аиҟарамрақәа (лежачие полицейские-аред.) шьҭарҵоит.
Уи азы аӡбара рыдыркылеит иеишьашәалоу аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны иҳәеит атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
"Амҩатә машәырқәа реиҳарак зыхҟьо, аныҟәаратә режим азхьаԥшра азымҭо амашьынаныҟәцаҩцәа роуп. Иԥсабаратәым аиҟарамрақәа амашьынаныҟәцаҩцәа рыццакыра ареиҵатәра иацхраауеит, уи ари ашәарҭара ахьыҟоу аҭыԥ аҿы амҩатә шәарҭадара аиӷьтәра иацхраауеит".
Иара убас, амашәырқәа рзы аԥынгылақәа рышьақәыргылареи, ауаажәларратә транспорт аангыларҭа аиҭагареи, ашьаҟауаа рзы аиасырҭа ҿыц аиҿкаареи азгәаҭоуп.
Мшаԥы 27 азы Лыхнытәи ахаҵәирҭаҿы иҟалаз амашәыр аан аԥҳәыс дҭахеит, аҽа хәҩык ауаа аахақәа роуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0