Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сергеи Кириенкои Бадра Гәынбеи аҟәатәи аԥшаҳәа иаҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Кириенко на набережной в Сухуме
Сергей Кириенко на набережной в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны ахада Бадра Гәынба дицны Аҟәа ақалақь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит.
Аԥшаҳәаҿы аныҟәара, традициала еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" аҭаарала ихацыркхеит. Кириенко акаҳуажәырҭа аҭаацәа аԥсшәа раҳәаны, лаҵара 1 рыдиныҳәалеит. Аԥслымӡ аҿы идыршуа акаҳуа идыргалеит.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ҳаҭыр зқәу асас иирбеит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы иазырхиоу апроектқәа, урҭ иара игәаанагарала аԥшаҳәа аҭоурыхтә хаҿра еиқәдырхоит. Сергеи Кириенко амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылареи уи ахыркәшара аамҭеи рзы адыррақәа зну абаннерқәа ықәыргылазарц ажәалагала ҟаиҵеит.
"Зегьы ргәаанагара рҳәартә алшара роурц азы", — иҳәеит иара.
Бадра Гәынба ари ахшыҩҵак дадгыло иҳәеит ари аус анагӡаразы аҭакԥхықәра зду рыхьӡқәа аинформациатә стендқәа ишрынҵатәу.
Погода 13.07.2020 - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2025
Аԥсны
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы асқьала аиҭашьақәыргылара краснодартәи аспециалистцәа рхахьы иргоит
Кириенко ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит еилабгоу абаӷәаза – жәаҳәарада уи рбганы ҿыц иргылатәхоит, аха убри аан аколоннада аилазаара ԥхасҭамхароуп.
Кириенко игәаанагарала, апроект хымԥада иаҵанакыр ахәҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ахьалшаша, аӡахьы анеирҭа ҭыԥқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0