00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Ҭаацәала афронт ахь ицеит": аишьцәа Ԥкьынаа ирызкны

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГригори Ԥкьын
Григори Ԥкьын - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2025
Анапаҵаҩра
Иҟамзар ҟалап ԥсыуа ҩнаҭак, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду згәы ахәра ннамҵаз. Убарҭ рыгәҭа иҟоуп Ҭажә Ԥкьыни Надиа Жьиԥҳаи рҭаацәа. Дара ԥшьҩык рԥацәеи рыԥҳаи азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Хҩык амцашыраҟны хабарда ибжьаӡит. Ажәабжь анҵоуп Ԥкьынаа рҭаца ду Светлана Леиԥҳа лажәақәа рыла.
Узықәгәыӷшаз абиԥара ҿа еиҵагылеит Ҭажә Ԥкьыни Надиа Жьиԥҳаи рҭаацәараҟны. Ԥшьыҩк аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи ани аби ргәыӷрақәа рыдырҳәалон. Аха иҟоуп алахьынҵа ҳәа ззырҳәо, зхатә ԥҟарақәа змоу акы…
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГригори Ԥкьын
Григори Ԥкьын - Sputnik Аҧсны
1/5
Григори Ԥкьын
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәХадас Ԥкьын
Хадас Ԥкьын - Sputnik Аҧсны
2/5
Хадас Ԥкьын
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәҲақы Ԥкьын
Ҳақы Ԥкьын - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҳақы Ԥкьын
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәНуниа Ԥкьын
Нуниа Ԥкьын - Sputnik Аҧсны
4/5
Нуниа Ԥкьын
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәҲаит Ԥкьын
Ҳаит Ԥкьын - Sputnik Аҧсны
5/5
Ҳаит Ԥкьын
1/5
Григори Ԥкьын
2/5
Хадас Ԥкьын
3/5
Ҳақы Ԥкьын
4/5
Нуниа Ԥкьын
5/5
Ҳаит Ԥкьын
Ҳақы Ԥкьын Мгәыӡырхәа ақыҭсовет ахантәаҩыс даныҟаз, Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хәашь иаладырӡуаз Мгәыӡырхәаа реиқәырхаразы, ашәарҭадаратә маҵзурахьы ашәҟәы алаиҵахьан. Усҟан, аҳәынҭқарра аӷацәа зыхьчо ҳәа дырбаандаҩны дҭаркуеит. Аха дышиашаз агәра анырга, доурыжьуеит. Ақыҭахь данаа, маӡала иуаажәлар ирылеиҳәеит иахьыҟазаалак ражәа раӡаны ицәажәаларц. Арӡрақәа раамҭа шнымҵәаз.
1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага аҷкәынцәа иреиҳабыз, уи аамҭазы иҭаацәарахахьаз, жәеиза мзы зхыҵуаз аԥа хәыҷы дызмаз Ҳақы, иҩыза ахшара рацәа имоуп ҳәа дрыцҳашьаны иҭыԥан иара афронт ахь дцоит.
Ҳақы дақәшәоит Керчтәи адгьылбжьахабжа. Уи нахыс ихабар еилкаамхеит. Акыршықәса рышьҭахь ауп, Ҳақы уаҟа азеиԥш ԥсыжырҭаҟны анышә дшамадаз адырра аныҟала.
Артимоми Грышьеи Жьиаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2025
Аиааира Ду – 80
"Абиԥарак ашҭа инҭыӡӡааит": аишьцәа Жьиаа ирызкны
"Ҭелла ҳаԥшааны адырра ҳарҭеит, Керчтәи адгьылбжьахабжаҟны дышҭахаз Ар Ҟаԥшь иалаз сабхәа. Иара ихаҭара шьақәыргылан ицыз адырга ҷыдала. Ари ажәабжь згәы арԥшааз сыԥшәма игәабзиара анырра анаҭеит. Избанзар иара жәеиза мзы ракәын ихыҵуаз иаб хабарда данбжьаӡуаз. Ихы идыруа даныҟала нахыс иӡбахә аилкаара дашьҭан. Ҳара ҳҭаацәаразы, аибашьра атема еснагь ахьаа ацуп. Сабхәеи иашьцәеи рнаҩс, аӷа иҿагыланы еибашьуаз 19 шықәса зхыҵуаз ҳԥа Асҭамыргьы ирратә уалԥшьақәа рынагӡараан, 1993 шықәсазы дҭахеит. Абарҭқәа зегьы хәыцырҭас иаашьҭихын, сыԥшәма хара дзымнеит... Сабхәа анышә дахьамадаз дцеит ҳԥеиҵбы Беслан. Иабду иԥсы ҭынчхарц, ҳҵас ишаҳәоз ала иахәҭаз зегьы ҟаиҵеит", - еиҭалҳәоит Светлана Леиԥҳа.
Грышьа Ԥкьын Мгәыӡырхәатәи ашкол даналга, Аҟәа ДОСААФ асистема аҟны аусура далагоит. Афронт ахь дыршьҭуеит алеитенант ичын иманы. Иара Мраҭашәаратәи архәҭақәа дрыланы деибашьуан. Ӷәӷәала ахәра аниоу, дахьышьҭаз дызбаз аурыс ԥҳәыс, акраамҭа атыл аҟны дылхәшәтәуан. Ари ахьыҟалаз аӷа инапаҿы иааигахьаз Украина ауп. Анаҩс, Украина ахы ианақәиҭха, усҟантәи аполитика рхы иархәаны, зыхәрақәа цқьа имӷьацыз Грышьа, аӷа инапаҿы дыҟазшәа азыԥхьаӡаны дҭаркуеит. Аҭакрашықәсқәа ихигон Аҩадатәи аҵааршәыратә кәакьқәа рҟны. 1955 шықәсазы аҩныҟа данаа, аҭаацәара далалеит. Аха ичымазара иахҟьаны ԥшьышықәса рышьҭахь идунеи иԥсахуеит. Уи аамҭазы иԥҳа хәыҷы жәеиза мзы лхыҵуан, иԥа хымш.
"Грышьа иԥа дании хымш рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит ахәыҷы Рудик ҳәа ахьӡ аиҭара. 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Рудик иԥсадгьыл ихы ақәиҵоит", - лҳәоит сажәабжьҳәаҩ.
1938 шықәсазы, Ҳадас Ԥкьын Свердловсктәи Арратә ҵараиурҭа дҭан. Устәи 1939-1940 шықәса рзы ицоз финтәи аибашьрахь ддәықәырҵоит, ӷәӷәалагьы дырхәоит.
Ладикәа Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2020
Аӷа ихқәа рҽацәыхьчареиԥш иуадаҩын амлеи ахьҭеи рычҳара: Ладикәа Жьиба иҭоурых
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аламҭалаз Ҳадас иаҳәшьа Нуниа асалам шәҟәы изылыҩит. Иалҳәеит Ҳақы аԥа дышиоуз. Аҭак анааишьҭуаз, аҳәара ҟаиҵеит Лиова ихьӡзааит ҳәа. Уи аамҭазы ахәыҷы Павел ҳәа ашәҟәы данырҵахьан, аха Ҳадас иаҳаҭыр азы Лиова ҳәа иарҳәо иалагеит.
Ҳадас иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Ҳаиҭ Ԥкьын иакәзар, 18 шықәса ихымҵӡацызт аибашьра даныршьҭуаз. Арԥыс дызгәалашәоз "дауны, дҵаӷаны, деилҟьа-еилӷәыцәӡа дыҟан. Ашәаҳәареи, акәашареи, ақьачақьреи дрызҟазан. Ашколи ақыҭеи рхорқәа напхгара риҭон. Иқәра шмаҷызгьы ашәарыцара азакәанқәа идыруан, дхысыҩ бзиан, дҽыбӷаҟазан" ҳәа изырҳәон. Ҳаиҭ иашҭа данҭыҵ нахыс иахьа уажәраанӡа ихабар еилкаам.

Аишьцәа афронт ахь ианца, "рылымкаа аҩны саангылом" лҳәан, Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҿы, аибашьра дыршьҭырц аҳәара ҟалҵеит раҳәшьа Нуниа. Лара Баҭымҟа ддәықәырҵеит. Аԥҳәызба раԥхьа арадистә курсқәа дырхысит, анаҩс лырратә уалԥшьақәа рынагӡара далагеит. Фымз рышьҭахь, Нуниа ачымазара иахырҟьаны аҩныҟа даарышьҭуеит.

Ҭажә Ԥкьыни Надиа Жьиԥҳаи ирааӡеит шьада-дала агәымшәара злаз ахшара. Урҭ ирхылҵыз ракәзаргьы, фырхаҵарала рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0