https://sputnik-abkhazia.info/20250505/1054778191.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
05.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-05T18:01+0300
2025-05-05T18:01+0300
2025-05-05T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054778059_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d0d1b5e38e26b52bb257c5ffdafeb776.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи агәашьаркыраҿы Тамбов ақалақь ахадара еиҿнакааз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит. Араҟа рыӡбахә ҳәоуп 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агараҿы аобласт иҟанаҵаз алагала атәы, Ар Ҟаԥшь аибашьцәа, Аԥснынтәи иаазгьы уахь иналаҵаны, иаадырԥшыз афырхаҵарақәа ртәы. Ацәыргақәҵа аартрахь иааит Тамбов Ақалақьтә дума ахантәаҩы Елена Леонова напхгара зылҭо аделегациа.
Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит. Уи Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа иҟарҵаз ацхыраарала еиҿыркааит Москва акино Аҳәынҭқарратә музеи хадеи ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп Асовет еибашьцәа, аԥснытәиқәагьы уахь иналаҵаны, рфырхаҵарақәа рыхҳәаақәеи рфотосахьақәеи. Уи адагьы, аҭааҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку еицырдыруа афильмқәа раԥҵара аҭоурых еилыркаар рылшоит, аибашьраан иҟалаз ахҭыс дуқәа ртәы еиҳа инарҭбааны еилыркаар рылшоит.
Ацәыргақәҵақәа, атеатралтә қәгыларақәа, агәалашәаратә хәылԥазы – абас Аԥсны иазгәарҭоит Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра. Аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәирӷәӷәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Урҭ мҩаԥысуеит лаҵарамза 11 инаркны 16 рҟынӡа.
Хҩык аполициа аусзуҩцәа ҭахеит Махачкала аиҿахысраан. Арныҟәцаҩ амашьына аанызкыларц зҽазызкыз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дрылахысит ҳәа иҳәеит Даӷьсҭан ахада Сергеи Меликов. Аҭыԥ аҿы азинхьчаратә усбарҭақәа аус руеит ҳәа аанацҳауеит Даӷьсҭан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Ацәгьоуцәа амаҵзуратә автомашьына иақәтәаны ибналеит, ирылаҳәоуп урҭ рымҩа ԥҵәаны раанкыларазы аплан.
Аҟәатәи агәашьаркыраҿы Тамбов ақалақь ахадара еиҿнакааз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит. Араҟа рыӡбахә ҳәоуп 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агараҿы аобласт иҟанаҵаз алагала атәы, Ар Ҟаԥшь аибашьцәа, Аԥснынтәи иаазгьы уахь иналаҵаны, иаадырԥшыз афырхаҵарақәа ртәы. Ацәыргақәҵа аартрахь иааит Тамбов Ақалақьтә дума ахантәаҩы Елена Леонова напхгара зылҭо аделегациа. Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит. Уи Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа иҟарҵаз ацхыраарала еиҿыркааит Москва акино Аҳәынҭқарратә музеи хадеи ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп Асовет еибашьцәа, аԥснытәиқәагьы уахь иналаҵаны, рфырхаҵарақәа рыхҳәаақәеи рфотосахьақәеи. Уи адагьы, аҭааҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку еицырдыруа афильмқәа раԥҵара аҭоурых еилыркаар рылшоит, аибашьраан иҟалаз ахҭыс дуқәа ртәы еиҳа инарҭбааны еилыркаар рылшоит. Ацәыргақәҵақәа, атеатралтә қәгыларақәа, агәалашәаратә хәылԥазы – абас Аԥсны иазгәарҭоит Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра. Аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәирӷәӷәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Урҭ мҩаԥысуеит лаҵарамза 11 инаркны 16 рҟынӡа. Хҩык аполициа аусзуҩцәа ҭахеит Махачкала аиҿахысраан. Арныҟәцаҩ амашьына аанызкыларц зҽазызкыз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дрылахысит ҳәа иҳәеит Даӷьсҭан ахада Сергеи Меликов. Аҭыԥ аҿы азинхьчаратә усбарҭақәа аус руеит ҳәа аанацҳауеит Даӷьсҭан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Ацәгьоуцәа амаҵзуратә автомашьына иақәтәаны ибналеит, ирылаҳәоуп урҭ рымҩа ԥҵәаны раанкыларазы аплан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054778059_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_902ec97e1a6199587f98beede74c0fc2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио