00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ихҵоуп даҽа доуҳатә цҳа бзиак": Ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара

© Foto / Анатоли ЛагәлааАжурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
Ажурнал Ҭаҭарсҭан аусзуҩцәа рԥылара - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2025
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, Аԥсны абиблиотекақәа русзуҩцәеи, аҭаҭар жәлар ржурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы рашәара 5 рзы.
Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа, ҳҳәынҭқарра ду иаҵанакуаз ареспубликақәеи Автономтә республикақәеи центрк иахьахьыԥшыз иабзоураны ркультурагьы, рлитературагьы ахылаԥшра ду аман. Иаҳҳәап, ансамбльк џьара даҽа ҳәынҭқаррак аҿы иқәгылозар, ма шәҟәыҩҩык ишәҟәқәа реизга атомқәа аԥара ду рықәырӡны иҭыжьтәызар, Ацентр ишьақәнарӷәӷәар акәын, нас уахьынтәи аԥарагьы азылбаарышьҭыр акәын. Уи ԥҟаԥҵәан, азакәан иаҳәон, анагӡара акәын иаҭахыз ианаамҭаз.
Иахьа ус иҟаӡам, иахьа ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа, ржурналқәа, рышәҟәқәа иҟоуп ԥыҭк аҳәынҭқарра ахьадгыло, даҽа ԥыҭк автор, ма уи ахарџьқәа изызшәо ауаҩы диԥшаар ауп, мамзаргьы иара ихаҭа ихарџьала иҭижьыр ауп. Ҳара ҳаҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа иҭыҵуа аҳәынҭқарра аӷьырак ахахьы иагоит, иҟоуп ахарџьқәа зшәо ауаҩы дыԥшаана иҭзыжьуагьы. Уимоу, зынӡаҵәҟьа иаҳракымзаргьы, Аԥсны аҳәынҭқарра абзоурала иҭыҵуа ашәҟәқәеи ажурналқәеи ирныло арҿиамҭақәа гонорар ҳасабла рыхә аҳәынҭқарра иашәоит. Ус иахьыҟам аҳәынҭқаррақәа маҷӡам ҳара ҳҳәынҭқарра аҵкыс еканомикала ишыӷәӷәоугьы.
Убри зегьы зхаҳҳәаауа, ааигәаӡа, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит ареспублика Татарсҭан иҭыҵуа ауаажәларра-политикатәи алитературатәи ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәеи Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа гәыԥҩыки, ҳреспублика абиблиотекақәа русзуҩцәеи реиԥылара бзиа.
© Foto / Анатоли ЛагәлааАжурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
Ажурнал Ҭаҭарсҭан аусзуҩцәа рԥылара - Sputnik Аҧсны
1/2
Ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
© Foto / Анатоли ЛагәлааАжурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
Ажурнал Ҭаҭарсҭан аусзуҩцәа рԥылара - Sputnik Аҧсны
2/2
Ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
1/2
Ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
2/2
Ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа рԥылара
Аиԥылара ааиртит, уи аҵаки ахықәки инарҭбаангьы дрылацәажәеит ҳмилаҭҭә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи иҳәеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа даараӡа акыр шрыҵаркуа ашәҟәыҩҩцәа рзы еиԥш, аԥхьаҩцәа рзгьы. Избанзар, иахьа ҳреспубликақәа рҿы иҭыҵуа ашәҟәқәеи ажурналқәеи интернетла ирыԥхьо маҷҩӡам, аха иҟоуп ашәҟәқәа рнапаҿы иаанкыланы иаԥхьарц зҭахугьы. Убарҭ реиԥш иҟоу ауаагьы алшара рыҭалатәуп абиблиотекақәа рҿы еиԥш, рықалақьқәа рышәҟәыҭирҭатә дәқьанқәа рҿы инадгыланы иаархәалартә.
Ажәа лырҭеит асасцәа реиҳабы, ажурнал "Таҭарсҭан" аредактор хада Татиана Вафина. Уи илҳәеит лара даара бзиа ишылбо Аԥсны, арахь уаанӡа шықәсқәак раԥхьа даҽа зныкгьы дшаахьоу, уи аԥшӡара лыԥсы шалоу. Дышнеихьоу Очамчыра араион, уи иазкны инеиҵыху аматериалгьы ржурнал ишанылҵахьоу. Илҳәеит лара ишылҭаху иахьарнахыс Аԥсны иҭыҵуа акьыԥхьтә усбарҭақәеи дареи аимадара рымазарц, наҟ-ааҟгьы рҩымҭақәа ркьыԥхьларц. Избанзар, дара ржурнал атираж даара идууп, ртәылаҿ иаԥхьогьы рацәаҩӡоуп, иара убри алагьы Аԥсны аӡбахә бзиаӡаны руаажәлар ирдырыртә, бзиа ирбартә аҟаҵара рылшоит.
Ажәа ирҭеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы, апоет, академик Владимир Занҭариа. Уи инарҭбаан далацәажәеит Таҭарсҭани Аԥсни ҳҳәынҭқарра раԥхьаӡатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихаан аахысгьы ирымаз аимадарақәа, аибашьра аԥхьеи, аибашьра аани изакәытә цхыраараз уи ареспублика иаҳзыҟанаҵоз, иахьагьы уантәи ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи ргәыԥ бзиа абрахь иааны Аԥсны аӡыргара иахьашьҭоу даара ишыхҭыс бзиоу.
Апоезиа амш - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2025
Аԥсны
"Ажәа амалқәа зегьы ирмалуп!": Апоезиа адунеизегьтәи амш Аҟәа ишазгәарҭаз
Аԥсны ирбаз аҭыԥ џьашьахәқәеи, ауаа рысас дкылашьеи, ара иныҟәырго аҵас бзиақәеи џьашьаны иалацәажәеит ажурнал "Ҭаҭарсҭан" аусзуҩцәа. Урҭ инарҭбааны ирҳәеит наҟ-наҟ Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи дареи русеицушьа зеиԥшрахарц алшо.
"Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" адиректор, Д. И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иҳәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи Ҭаҭарсҭантәи ашәҟәыҩҩцәеи реиԥылараз ааԥхьара роур еигәырӷьаны ишақәшаҳаҭхо. Уаҟа еиҳа инарҭбааны ирылацәажәар ҟалоит аҭаҭар литературеи аԥсуа литературеи наҟ-ааҟ абызшәақәа рахь иреиӷьӡоу рпрозатәи рпоезиатәи рҿиамҭақәа реиҭагареи рҭыжьра ауси. Ари ажәалагала даара еигәырӷьеит аиԥылара иалахәыз зегьы.
Аҵыхәтәан абарҭ ацәаҳәақәа равтор асасцәа ҳамҭас ириҭеит аурысшәахь еиҭаганы хаҭабзиара ҳаракыла иҭыжьу ашәҟәқәа "Аԥсуа поезиеи", "Аԥсуа ажәабжьқәеи" ажурнал "Алашареи", агазеҭ "Аамҭеи".
Иара убасгьы дырзаԥхьеит аԥсуа поет Терент Ҷаниа иеиҭеигахьаз аҭаҭар поезиа аклассик Разиль Вальеев иажәеинраала "Апоет". Азалаҿы итәаз зегьы напеинҟьарыла ирыдыркылеит.
Аиԥылара хыркәшо Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа даара гәахәара дула иазгәеиҭеит иахьа аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҭаҭар шәҟәыҩҩцәеи, ажурналистцәеи, рмилаҭқәа рыбжьара даҽа цҳа бзиак шхырҵаз!
Ажәабжьқәа зегьы
0