https://sputnik-abkhazia.info/20250322/azha-amala-zegy-irmalup-apoezia-aduneizegti-amsh-aa-ishazgaraz-1054193232.html
"Ажәа амалқәа зегьы ирмалуп!": Апоезиа адунеизегьтәи амш Аҟәа ишазгәарҭаз
"Ажәа амалқәа зегьы ирмалуп!": Апоезиа адунеизегьтәи амш Аҟәа ишазгәарҭаз
Sputnik Аҧсны
Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысит Апоезиа адунеизегьтәи амшныҳәа. 22.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-22T10:00+0300
2025-03-22T10:00+0300
2025-03-22T10:31+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/16/1054195640_0:56:1080:664_1920x0_80_0_0_3380b3a9b6d65c4dc4fea08734a74e49.jpg
Хәажәкырамза 21 рзы аҳәынҭқаррақәа рҿы алитература змоу амилаҭқәа зегьы Апоезиа адунеизегьтәи амш азгәарҭоит. Ари ныҳәа дууп зкультуреи злитературеи пату ақәызҵо амилаҭқәа зегьы рзы. Аҭоурых аҿы, ажәлар реизҳазыӷьараҿы, адоуҳа аныӷәӷәоу, амилаҭгьы рынарха ӷәӷәахоит. Уи ус иахьыҟоу гәамҭашьа амаӡам амилаҭқәа ркультурақәа зегьы рҿы, иуҳәар ҟалоит, апоезиа, ажәа, асаранџь еиԥш, ихааӡа иагәылԥхоит ҳәа!..Асеиԥш иҟоу аус бзиа аҿиара ахы ахьакыз Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҿы ауп, ИуНЕСКО 30-тәи Асессиа Иреиҳаӡоу аконференциаҿы, нанҳәамза 15, 1999 шықәсазы. Насгьы, ари аныҳәа хықәкы хадас иамоу, еиуеиԥшым амилаҭқәа рбызшәақәа, еиҳаракгьы аныӡаарахь зхы хоу, ма ажәлар рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы ишәарҭоу, рыԥсы шҭоу, зегьы ирбартә ираҳартә ааныжьра…Урыстәыла ари апоезиатә ныҳәа ду даара иацклаԥшны имҩаԥыргоит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы, 1930 шықәса раахыс, уи рхы аладырхәхьеит аурыс поетцәа дуқәа: Андреи Вазнесенски, Констанантин Кедров, Алина Витухновскаиа, Сергеи Ганделевски уҳәа убас ирацәаҩӡаны.Ҳаԥсуа поетцәагьы ари апоезиатә ныҳәа ду Аԥсны инарҭбааны имҩаԥыргоижьҭеи сынтәа 11 шықәса ҵуеит. Ус еиԥш иҟоу аиԥылара ссирқәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла абзоурала еиҿкаан еиуеиԥшым ашықәсқәа раан: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы, С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә театр аҿы, Ашьхарыуаа рыхьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы, сынтәа К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат аҿы.Арҭ ахәылԥаз ссирқәа рхы рыладырхәхьеит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы, иахьа зыԥсы ҭоу ҳашәҟәыҩҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп: Мушьни Лашәриа, Платон Бебиа, Никәала Кәыҵниа, Мушьни Миқаиа, Витали Амаршьан, Валери Касланӡиа, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Енвер Ажьиба, Валентин Кәаӷәаниа, Абзагә Аҟалӷьба, Аинар Ҷыҭанаа, Альбина Анқәабԥҳа уҳәа убас ирацәаҩны.К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысыз аныҳәа ду - Апоезиа Адунеизегьтәи Амш рхы аладырхәит: Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, апоетцәа, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет қәыԥш Дырмит Габалиа.Аиԥылара аалыртит ашкол-аинтернат адиректор Лариса Валикәа-иԥҳа Қапба. Уи дазааҭгылеит аԥсуа поетцәа акырынтә асеиԥш иҟоу ауснагӡатә бзиа рыманы урҭ рышкол ахь ишымҩахыҵхьоу, усеиԥш иҟоу ахҭыс бзиақәа рышкол аҵаҩцәа даара ишеигәырӷьо, урҭ аҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аԥсуа сахьаркыратә литература даара бзиа избо, ҿырҳәалагьы ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирацәаны ирыԥхьо… Дазааҭгылеит ари ашкол атрадициа дуқәа шамоу асасцәа рыдкыларазы, еиҳаракгьы апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҭҵаарадырра аусзуҩцәеи.Ашкол аиҳабы ажәа илҭеит, дагьиҳәеит уи нахыс аиԥылара иара имҩаԥигарц Вахтанг Аԥҳазоу. Уи азал ду ҩнырҭәааны еизаз ашколхәыҷқәеи урҭ рырҵаҩцәеи идирдырит еицыз апоетцәа иахьа рнапы злаку, ирыҩуа, дазааҭгылеит урҭ рырҿиара, иҳәеит аҵыхәтәантәи ажәеиза шықәса рыҩнуҵҟа ари Апоезиа адунеизегьтәи амш рхы шаладырхәуа, қәҿиаралагьы ражәеинраалақәа ишрыԥхьо.Ахәылԥаз аҿы иажәеинраала ҿыцқәеи еиҭагамҭақәеи рыла дықәгылеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа. Абраҟа иазгәаҭатәуп Геннади ажурнал "Амцабз" аҿы акыраамҭа аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс аус шиуаз, қәҿиара дулагьы ахәыҷқәа ирызкыз ажәеинраалақәа шиҩуаз, иахьагьы ишиҩуа. Даара уаҩ деигәырӷьартә иҟан ахәыҷқәа ҳпоет иажәеинраалақәа шаҟа гәахәарыла ирыдыркылоз.Ари аиԥылара бзиаҿы ажәа ирҭеит апоет-академик, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы Владимир Занҭариа. Уи дзыԥхьаз ажәеинраалақәа даара ахәыҷқәа иргәаԥхеит, еиҳараӡакгьы иалкааны рнапқәа азеинырҟьеит аҟабарда поетесса, аԥсуа жәлар рҩыза ду, раҳәшьа, Зарина Ҟаныҟәа илызкыз ажәеинраала.Ражәеинраала бзиақәа ирыԥхьеит апоетцәа Гәында Сақаниаԥҳаи Гәында Кәыҵниаԥҳаи. Урҭ аҩыџьагьы акыршықәса ҵуеит ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа рҩуеижьҭеи, иара убасгьы аԥсшәахь еиҭаргоижьҭеи, иҭрыжьуеижьҭеи ахәыҷтәы сахьаркыратә литература. Урҭ рықәгыларақәа рышьҭахь анапеинҟьабжьқәа еиқәтәомызт, иубартә иҟан, ахәыҷқәа агәахәара дуӡӡа шроуз.Ахәылԥаз аҿы дықәгылеит апоет-қәыԥш Дырмит Габалиа. Уи дрыԥхьеит ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа, иара убасгьы, аԥсуа-ақырҭуа еибашьраҿы зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, даара абаҩхатәра бзиаӡа змаз Саида Делԥҳа лажәеинраала.Аиԥылараҿы иажәеинраалақәа дрыԥхьеит абарҭ ацәаҳәақәа равторгьы.Асасцәа даара агәахәара рнаҭеит ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ҟазарыла раԥхьашьа, уимоу, зны-зынла ҳаԥсуа театр актиорцәа иаарымаркуама уҳәо иҟан.Иара убасгьы, даара узырхәыцша, иааӡагоу ажәа ҵаулақәа лҳәеит, ашкол-интернатаҿ аԥсуа литература арҵаҩы, аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ансамбль "Арасаӡыхьаа" рҿы ашәақәа аԥызҵоз, иагьыназыгӡоз Белла Ломиаԥҳа.Даҽазныкгьы, ҳаԥсуа литература абеиареи, зқьышықәсала имыӡкәа иааиуа ҳбызшәа аԥшӡареи, уи зыԥсҭазаарақәа зегьы азызкуа ҳпоетцәеи, ҳашәҟәыҩҩцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо дықәгылеит, иажәеинраалақәагьы ҟазарыла дрыԥхьеит апоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Иара убасгьы ашәҟәыҩҩцәа зегьы рыхьӡала уи ашкол-интернат ҳамҭас иеиҭеит ирацәаӡаны агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи, Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба исахьақәеи.Ари агәырӷьаратә ныҳәа ду иалахәыз ашколхәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ашәҟәыҩҩцәеи агәахәара дуӡӡа роуит, урҭ зегьы даҽазныкгьы агәра ргеит, ҳаԥсуа Ажәа ахааназ акгьы шамыхьуа, аԥсы шҭоу, уаҵәы игылоу аҿаргьы уи аиқәырхара, амырӡра, аихаҳара ишазыхиоу!..
https://sputnik-abkhazia.info/20230323/azhak-azyan-izyrsho-apoettsa-aa-apoezia-amsh-shazgaraz-1044812983.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250223/ashytsa-rynaa-du-azhurnal-alashara-70-shysa-akhyit-1053844114.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240724/nkhyi-aakhyi-akhty-tsa-rybzhazaz-apoet-gennadi-alamia-itsazhara-1051754240.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240308/sara-abri-ayzba-seilalgoit-abziabara-iazku-asua-poezia-atsaaak-iryzkny-1050381237.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/16/1054195640_60:0:1020:720_1920x0_80_0_0_e30a7da871f1095b5e600e96251a972c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
"Ажәа амалқәа зегьы ирмалуп!": Апоезиа адунеизегьтәи амш Аҟәа ишазгәарҭаз
10:00 22.03.2025 (ирҿыцуп: 10:31 22.03.2025) Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысит Апоезиа адунеизегьтәи амшныҳәа.
Хәажәкырамза 21 рзы аҳәынҭқаррақәа рҿы алитература змоу амилаҭқәа зегьы Апоезиа адунеизегьтәи амш азгәарҭоит. Ари ныҳәа дууп зкультуреи злитературеи пату ақәызҵо амилаҭқәа зегьы рзы. Аҭоурых аҿы, ажәлар реизҳазыӷьараҿы, адоуҳа аныӷәӷәоу, амилаҭгьы рынарха ӷәӷәахоит. Уи ус иахьыҟоу гәамҭашьа амаӡам амилаҭқәа ркультурақәа зегьы рҿы, иуҳәар ҟалоит, апоезиа, ажәа, асаранџь еиԥш, ихааӡа иагәылԥхоит ҳәа!..
Асеиԥш иҟоу аус бзиа аҿиара ахы ахьакыз Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҿы ауп, ИуНЕСКО 30-тәи Асессиа Иреиҳаӡоу аконференциаҿы, нанҳәамза 15, 1999 шықәсазы. Насгьы, ари аныҳәа хықәкы хадас иамоу, еиуеиԥшым амилаҭқәа рбызшәақәа, еиҳаракгьы аныӡаарахь зхы хоу, ма ажәлар рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы ишәарҭоу, рыԥсы шҭоу, зегьы ирбартә ираҳартә ааныжьра…
Урыстәыла ари апоезиатә ныҳәа ду даара иацклаԥшны имҩаԥыргоит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы, 1930 шықәса раахыс, уи рхы аладырхәхьеит аурыс поетцәа дуқәа: Андреи Вазнесенски, Констанантин Кедров, Алина Витухновскаиа, Сергеи Ганделевски уҳәа убас ирацәаҩӡаны.
Ҳаԥсуа поетцәагьы ари апоезиатә ныҳәа ду Аԥсны инарҭбааны имҩаԥыргоижьҭеи сынтәа 11 шықәса ҵуеит. Ус еиԥш иҟоу аиԥылара ссирқәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла абзоурала еиҿкаан еиуеиԥшым ашықәсқәа раан: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы, С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә театр аҿы, Ашьхарыуаа рыхьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы, сынтәа К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат аҿы.
Арҭ ахәылԥаз ссирқәа рхы рыладырхәхьеит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы, иахьа зыԥсы ҭоу ҳашәҟәыҩҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп: Мушьни Лашәриа, Платон Бебиа, Никәала Кәыҵниа, Мушьни Миқаиа, Витали Амаршьан, Валери Касланӡиа, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Енвер Ажьиба, Валентин Кәаӷәаниа, Абзагә Аҟалӷьба, Аинар Ҷыҭанаа, Альбина Анқәабԥҳа уҳәа убас ирацәаҩны.
К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысыз аныҳәа ду - Апоезиа Адунеизегьтәи Амш рхы аладырхәит: Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, апоетцәа, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет қәыԥш Дырмит Габалиа.
Аиԥылара аалыртит ашкол-аинтернат адиректор Лариса Валикәа-иԥҳа Қапба. Уи дазааҭгылеит аԥсуа поетцәа акырынтә асеиԥш иҟоу ауснагӡатә бзиа рыманы урҭ рышкол ахь ишымҩахыҵхьоу, усеиԥш иҟоу ахҭыс бзиақәа рышкол аҵаҩцәа даара ишеигәырӷьо, урҭ аҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аԥсуа сахьаркыратә литература даара бзиа избо, ҿырҳәалагьы ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирацәаны ирыԥхьо… Дазааҭгылеит ари ашкол атрадициа дуқәа шамоу асасцәа рыдкыларазы, еиҳаракгьы апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҭҵаарадырра аусзуҩцәеи.
Ашкол аиҳабы ажәа илҭеит, дагьиҳәеит уи нахыс аиԥылара иара имҩаԥигарц Вахтанг Аԥҳазоу. Уи азал ду ҩнырҭәааны еизаз ашколхәыҷқәеи урҭ рырҵаҩцәеи идирдырит еицыз апоетцәа иахьа рнапы злаку, ирыҩуа, дазааҭгылеит урҭ рырҿиара, иҳәеит аҵыхәтәантәи ажәеиза шықәса рыҩнуҵҟа ари Апоезиа адунеизегьтәи амш рхы шаладырхәуа, қәҿиаралагьы ражәеинраалақәа ишрыԥхьо.
Ахәылԥаз аҿы иажәеинраала ҿыцқәеи еиҭагамҭақәеи рыла дықәгылеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа. Абраҟа иазгәаҭатәуп Геннади ажурнал "Амцабз" аҿы акыраамҭа аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс аус шиуаз, қәҿиара дулагьы ахәыҷқәа ирызкыз ажәеинраалақәа шиҩуаз, иахьагьы ишиҩуа. Даара уаҩ деигәырӷьартә иҟан ахәыҷқәа ҳпоет иажәеинраалақәа шаҟа гәахәарыла ирыдыркылоз.
Ари аиԥылара бзиаҿы ажәа ирҭеит апоет-академик, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы Владимир Занҭариа. Уи дзыԥхьаз ажәеинраалақәа даара ахәыҷқәа иргәаԥхеит, еиҳараӡакгьы иалкааны рнапқәа азеинырҟьеит аҟабарда поетесса, аԥсуа жәлар рҩыза ду, раҳәшьа, Зарина Ҟаныҟәа илызкыз ажәеинраала.
Ражәеинраала бзиақәа ирыԥхьеит апоетцәа Гәында Сақаниаԥҳаи Гәында Кәыҵниаԥҳаи. Урҭ аҩыџьагьы акыршықәса ҵуеит ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа рҩуеижьҭеи, иара убасгьы аԥсшәахь еиҭаргоижьҭеи, иҭрыжьуеижьҭеи ахәыҷтәы сахьаркыратә литература. Урҭ рықәгыларақәа рышьҭахь анапеинҟьабжьқәа еиқәтәомызт, иубартә иҟан, ахәыҷқәа агәахәара дуӡӡа шроуз.
Ахәылԥаз аҿы дықәгылеит апоет-қәыԥш Дырмит Габалиа. Уи дрыԥхьеит ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа, иара убасгьы, аԥсуа-ақырҭуа еибашьраҿы зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, даара абаҩхатәра бзиаӡа змаз Саида Делԥҳа лажәеинраала.
Аиԥылараҿы иажәеинраалақәа дрыԥхьеит абарҭ ацәаҳәақәа равторгьы.
Асасцәа даара агәахәара рнаҭеит ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ҟазарыла раԥхьашьа, уимоу, зны-зынла ҳаԥсуа театр актиорцәа иаарымаркуама уҳәо иҟан.
Иара убасгьы, даара узырхәыцша, иааӡагоу ажәа ҵаулақәа лҳәеит, ашкол-интернатаҿ аԥсуа литература арҵаҩы, аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ансамбль "Арасаӡыхьаа" рҿы ашәақәа аԥызҵоз, иагьыназыгӡоз Белла Ломиаԥҳа.
Даҽазныкгьы, ҳаԥсуа литература абеиареи, зқьышықәсала имыӡкәа иааиуа ҳбызшәа аԥшӡареи, уи зыԥсҭазаарақәа зегьы азызкуа ҳпоетцәеи, ҳашәҟәыҩҩцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо дықәгылеит, иажәеинраалақәагьы ҟазарыла дрыԥхьеит апоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Иара убасгьы ашәҟәыҩҩцәа зегьы рыхьӡала уи ашкол-интернат ҳамҭас иеиҭеит ирацәаӡаны агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи, Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба исахьақәеи.
© Foto / Анатолий ЛагулааКондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысит Апоезиа адунеизегьтәи амшныҳәа

Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы имҩаԥысит Апоезиа адунеизегьтәи амшныҳәа

Ари агәырӷьаратә ныҳәа ду иалахәыз ашколхәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ашәҟәыҩҩцәеи агәахәара дуӡӡа роуит, урҭ зегьы даҽазныкгьы агәра ргеит, ҳаԥсуа Ажәа ахааназ акгьы шамыхьуа, аԥсы шҭоу, уаҵәы игылоу аҿаргьы уи аиқәырхара, амырӡра, аихаҳара ишазыхиоу!..