https://sputnik-abkhazia.info/20250611/1055264580.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
11.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-11T18:01+0300
2025-06-11T18:01+0300
2025-06-11T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0b/1055264448_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_62460b52d629940c67e178ca9d15fb3b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иалацәажәараны иҟоуп атуризм ахырхарҭаҿы ахәқәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы. Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иажәақәа рыла, Аԥсны Атуризм аидгыла аҟынтәи Жәлар Реизарахь ашәҟәы ааит, адепутатцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны уи иахәаԥшраны иҟоуп. "Мап сҳәаӡом, ари азҵаара изықәнагоу аусбарҭақәеи аминистррақәеи алархәны алацәажәара шымҩаԥааго азы. Иара убас ҳара ҳарзыӡырҩуеит иақәшаҳаҭуи иаҿагылоуи зегьы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ашәба.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит №26 алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи Жәлар Реизарахь адепутатразы Асҭамыр Џьопуа кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ. Ашәҟәҭагалара хыркәшахоит ԥхынгәы 6 рзы, акандидатцәа рышьақәырӷәӷәаразы алхратә комиссиа ақәҵара рыдыркылоит жәамш ирҭыгӡаны. Ҿыц иалххо адепутат инапынҵақәа наигӡалоит хәажәкыра 2027 шықәсанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.
Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% рыла еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуризм азы аидгыла. Аҭирақәа ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы илаҟәит, хәажәкырамзазы иҭышәынтәалеит, мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ашьҭыҵра иалагеит ҳәа иҳәеит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин
Урыстәыла иҭахаз украинатәи аруаа 1212-ҩык рыԥсыбаҩқәа рырҭеит Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа инарықәыршәаны, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински. Уи аҭакс Украина иархынҳәит иҭахаз 27-ҩык урыстәылатәи аруаа. "Уажәшьҭа урҭ қьырсиан ҵасла анышә раҭара ҟалоит. Аусура абарҭ амшқәа зегьы рзы иацҵахоит", — ҳәа иҩит Медински. Уаҵәы афронт аҟынтәи ахәра ӷәӷәа зауз атҟәацәа реиҭныԥсахлара ишалаго азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иалацәажәараны иҟоуп атуризм ахырхарҭаҿы ахәқәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы. Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иажәақәа рыла, Аԥсны Атуризм аидгыла аҟынтәи Жәлар Реизарахь ашәҟәы ааит, адепутатцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны уи иахәаԥшраны иҟоуп. "Мап сҳәаӡом, ари азҵаара изықәнагоу аусбарҭақәеи аминистррақәеи алархәны алацәажәара шымҩаԥааго азы. Иара убас ҳара ҳарзыӡырҩуеит иақәшаҳаҭуи иаҿагылоуи зегьы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ашәба.Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит №26 алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи Жәлар Реизарахь адепутатразы Асҭамыр Џьопуа кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ. Ашәҟәҭагалара хыркәшахоит ԥхынгәы 6 рзы, акандидатцәа рышьақәырӷәӷәаразы алхратә комиссиа ақәҵара рыдыркылоит жәамш ирҭыгӡаны. Ҿыц иалххо адепутат инапынҵақәа наигӡалоит хәажәкыра 2027 шықәсанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% рыла еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуризм азы аидгыла. Аҭирақәа ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы илаҟәит, хәажәкырамзазы иҭышәынтәалеит, мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ашьҭыҵра иалагеит ҳәа иҳәеит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи РомашкинУрыстәыла иҭахаз украинатәи аруаа 1212-ҩык рыԥсыбаҩқәа рырҭеит Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа инарықәыршәаны, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински. Уи аҭакс Украина иархынҳәит иҭахаз 27-ҩык урыстәылатәи аруаа. "Уажәшьҭа урҭ қьырсиан ҵасла анышә раҭара ҟалоит. Аусура абарҭ амшқәа зегьы рзы иацҵахоит", — ҳәа иҩит Медински. Уаҵәы афронт аҟынтәи ахәра ӷәӷәа зауз атҟәацәа реиҭныԥсахлара ишалаго азгәеиҭеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0b/1055264448_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9d980f9aff72b6dd89f39ab008d5128b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио