https://sputnik-abkhazia.info/20250611/rasharamzazy-asny-assharazy-aakhra-iasyz-ashys-abri-aamakha-iayrshny-10-eizait-1055263693.html
Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% еизҳаит
Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% еизҳаит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% рыла еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуризм... 11.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-11T17:07+0300
2025-06-11T17:07+0300
2025-06-11T17:07+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102794/36/1027943624_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_84a006e741fc2f956b9bcb571c9acff2.jpg
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% рыла еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуризм азы аидгыла.Аҭирақәа ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы илаҟәит, хәажәкырамзазы иҭышәынтәалеит, мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ашьҭыҵра иалагеит ҳәа иҳәеит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.Аҟәа аҳаирбаӷәаза аартра ахәаахәҭраҿы анырра маҷны ишыҟанаҵогьы, аҳаирпланқәа ршәагааи аԥыррақәа ргеографиеи арҭбаара хымԥадатәиуп. Аха ари ахырхарҭа аԥеиԥш амоуп ҳәа иԥхьаӡоит аексперт.Еиҳа ирыдҵаалоит Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа иҟоу асасааирҭақәа есыҽны хынтә акрыфара змоу "зегьы зҵазкуа", Очамчыраҟагьы азҿлымҳара еизҳауеит. Убри аан, атуроператорцәа излаарыцҳауа ала, иҳаҩсыз ашықәс аасҭа 10-15% рыла анхарҭа ахәԥса еиҳахеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102794/36/1027943624_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_e7d50cc7fc2d6e20be745db671b5e30d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% еизҳаит
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Рашәарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы аҭахра иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 10% рыла еизҳаит ҳәа
аанацҳауеит Урыстәыла атуризм азы аидгыла.
Аҭирақәа ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы илаҟәит, хәажәкырамзазы иҭышәынтәалеит, мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ашьҭыҵра иалагеит ҳәа иҳәеит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.
"Ашықәс раԥхьатәи хәымз рылҵшәақәа инарықәыршәаны, аизҳара 2% еиҳамхеит, избанзар ааԥын аизҳара шыҟазгьы аӡынтәи ацәыӡқәа макьанагьы изхарҭәаамт. Ашықәс анҵәамҭазы ҳазыԥшуп 8% рҟынӡа аизҳара", — ҳәа иҳәеит иара.
Аҟәа аҳаирбаӷәаза аартра ахәаахәҭраҿы анырра маҷны ишыҟанаҵогьы, аҳаирпланқәа ршәагааи аԥыррақәа ргеографиеи арҭбаара хымԥадатәиуп. Аха ари ахырхарҭа аԥеиԥш амоуп ҳәа иԥхьаӡоит аексперт.
Еиҳа ирыдҵаалоит Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа иҟоу асасааирҭақәа есыҽны хынтә акрыфара змоу "зегьы зҵазкуа", Очамчыраҟагьы азҿлымҳара еизҳауеит. Убри аан, атуроператорцәа излаарыцҳауа ала, иҳаҩсыз ашықәс аасҭа 10-15% рыла анхарҭа ахәԥса еиҳахеит.