https://sputnik-abkhazia.info/20250612/1055272904.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
12.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-12T13:01+0300
2025-06-12T13:01+0300
2025-06-12T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0c/1055272772_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7640e111bbec567aa49284f789120a3c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Владимир Путини ижәлари Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсназы Урыстәыла иахьстратегиатә партниору адагьы, узықәгәыӷыртә иҟоу аҩыза иаша шакәу."Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла ҳауаажәлар рышьақәгылареи рыҿиареи аус аҿы иҟарҵо адгылара. Аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи шьаҭас измоу ҳаизыҟазаашьақәа ҳтәылақәа ринтересқәа рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҟны ихадоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба.
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вахрукови русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы Аԥсны атуризм адгылара азҵаарақәеи, аинфраструктура аԥҵареи аҿиареи, агротуризми ашьхатә туризми рыҿиареи, аобиект ҿыцқәа – аквапарки аглампингқәеи раартра ирылацәажәеит. Иара убас иззаҭгылаз зҵаароуп ДЖәР-нтәи Аԥсныҟа атуристтә дәыӷба абжьаҵара, уи аан Аҟәа аанҿасырҭа "Кьалашәыр" аҟны иаангыларц, абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Сергеи Кравцови аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Кравцов иргәалаиршәеит, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аусбарҭақәа аусеицуразы амеморандуми еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплани рнапы шрыҵарҩыз, аусурақәагьы ишрылагахьоу. Иара иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа 63 еиҿыркаахьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп арҵаҩцәа рзы аинтерактивтә рҵаратә цхыраагӡақәа рыла аусура иазку акурсқәа, аурыс бызшәазы аолимпиада, уи аҿы аиааира згаз ацентр "Смена" аҿы имҩаԥысраны иҟоу аурыс бызшәеи акультуреи рфестиваль иалахәхар рылшоит ҳәа аанацҳауеит аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Уаҵәы астанциаеиҵақәа ҩба аҿыхзаауеит аремонт-рҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра. Астанциаеиҵа "Мҵара" ырцәахоит асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа, Астанциаеиҵа "Дәрыԥшь" — асааҭ 10:00 инаркны 12:00-нӡа.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Владимир Путини ижәлари Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсназы Урыстәыла иахьстратегиатә партниору адагьы, узықәгәыӷыртә иҟоу аҩыза иаша шакәу."Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла ҳауаажәлар рышьақәгылареи рыҿиареи аус аҿы иҟарҵо адгылара. Аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи шьаҭас измоу ҳаизыҟазаашьақәа ҳтәылақәа ринтересқәа рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҟны ихадоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вахрукови русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы Аԥсны атуризм адгылара азҵаарақәеи, аинфраструктура аԥҵареи аҿиареи, агротуризми ашьхатә туризми рыҿиареи, аобиект ҿыцқәа – аквапарки аглампингқәеи раартра ирылацәажәеит. Иара убас иззаҭгылаз зҵаароуп ДЖәР-нтәи Аԥсныҟа атуристтә дәыӷба абжьаҵара, уи аан Аҟәа аанҿасырҭа "Кьалашәыр" аҟны иаангыларц, абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра. Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Сергеи Кравцови аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Кравцов иргәалаиршәеит, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аусбарҭақәа аусеицуразы амеморандуми еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплани рнапы шрыҵарҩыз, аусурақәагьы ишрылагахьоу. Иара иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа 63 еиҿыркаахьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп арҵаҩцәа рзы аинтерактивтә рҵаратә цхыраагӡақәа рыла аусура иазку акурсқәа, аурыс бызшәазы аолимпиада, уи аҿы аиааира згаз ацентр "Смена" аҿы имҩаԥысраны иҟоу аурыс бызшәеи акультуреи рфестиваль иалахәхар рылшоит ҳәа аанацҳауеит аҵара аминистрра апресс-маҵзура.Уаҵәы астанциаеиҵақәа ҩба аҿыхзаауеит аремонт-рҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра. Астанциаеиҵа "Мҵара" ырцәахоит асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа, Астанциаеиҵа "Дәрыԥшь" — асааҭ 10:00 инаркны 12:00-нӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0c/1055272772_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_aa9f770343be0550ba0bac5760b3e001.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио