https://sputnik-abkhazia.info/20250612/asni-urystylei-rara-aministrtsa-aaradyrra-akhyrkharala-ruseitsura-ialatsazheit--1055269252.html
Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит
Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Сергеи Кравцови аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. 12.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-12T11:43+0300
2025-06-12T11:43+0300
2025-06-12T11:43+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0c/1055269085_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_7b1e8c8ba82a511d46198f56878ab731.jpg
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Сергеи Кравцови аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Кравцов иргәалаиршәеит, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аусбарҭақәа аусеицуразы амеморандуми еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплани рнапы шрыҵарҩыз, аусурақәагьы ишрылагахьоу.Иара убас, аусмҩаԥгатәқәа ирылоуп аԥсуа школқәа рнапхгаҩцәа рзы ацентр "Машук" аҿы асеминарқәа рымҩаԥгара, ашколтә рҵага шәҟәқәа рыла аиқәыршәара, зцәажәара еилагоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аспециалистцәа рзы акурсқәа рымҩаԥгара. Уи адагьы, Кравцов Аԥсны иҟоу Иаарту аҵарадырра ацентр аҟны 400-ҩык арҵаҩцәа разыҟаҵараҿы ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит. "Сара ишьақәсырӷәӷәоит иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара мацара акәымкәа, урҭ рырҿиарагьы ҳшазхиоу. Ҳара аҵарадырра аусхкқәа зегьы рҿы акыршықәсалатәи аусеицуразы ҳаартуп", — ҳәа инаҵишьит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0c/1055269085_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_e38fa72592db31a448abb9d1b250c31f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Сергеи Кравцови аҵарадырра ахырхарҭала аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Кравцов иргәалаиршәеит, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аусбарҭақәа аусеицуразы амеморандуми еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплани рнапы шрыҵарҩыз, аусурақәагьы ишрылагахьоу.
Иара иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа 63 еиҿыркаахьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп арҵаҩцәа рзы аинтерактивтә рҵаратә цхыраагӡақәа рыла аусура иазку акурсқәа, аурыс бызшәазы аолимпиада, уи аҿы аиааира згаз ацентр "Смена" аҿы имҩаԥысраны иҟоу аурыс бызшәеи акультуреи рфестиваль иалахәхар рылшоит ҳәа аанацҳауеит аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Иара убас, аусмҩаԥгатәқәа ирылоуп аԥсуа школқәа рнапхгаҩцәа рзы ацентр "Машук" аҿы асеминарқәа рымҩаԥгара, ашколтә рҵага шәҟәқәа рыла аиқәыршәара, зцәажәара еилагоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аспециалистцәа рзы акурсқәа рымҩаԥгара.
Уи адагьы, Кравцов Аԥсны иҟоу Иаарту аҵарадырра ацентр аҟны 400-ҩык арҵаҩцәа разыҟаҵараҿы ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.
"Сара ишьақәсырӷәӷәоит иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара мацара акәымкәа, урҭ рырҿиарагьы ҳшазхиоу. Ҳара аҵарадырра аусхкқәа зегьы рҿы акыршықәсалатәи аусеицуразы ҳаартуп", — ҳәа инаҵишьит иара.