https://sputnik-abkhazia.info/20250617/urystylati-anytsarat-grargagaa-asny-shaa-ryaz-1055351810.html
Урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа: Аԥсны шаҟа рыҭаз
Урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа: Аԥсны шаҟа рыҭаз
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа 4,9 нызқь цыра рырҭахьеит Аԥсны мшаԥымза 14 раахыс. 17.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-17T14:12+0300
2025-06-17T14:12+0300
2025-06-17T14:12+0300
аԥсны
аинфографика
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/11/1055351249_0:63:848:539_1920x0_80_0_0_3f7f543c65a2b4851aeb56df05c4b493.png
Ари аамҭа иалагӡаны зынӡа 6 442 рзаҳал рыдыркылахьеит, урҭ рҟынтәи ирырҭахьеит — 5 699, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. 205 рзаҳал мап рцәыркит. Уи зызҳәоу ашәҟәқәа алазҵоз ауаа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыманы аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа заҵәык азырбаз роуп. Иара убас, урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа Аԥсны арыҭаразы мап рцәыркуеит, уажәаԥхьа Урыстәыла изаухьаз. Дара аныҟәцаратә гәраргагақәа зегьы еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рыла ирыԥсахроуп.Уаанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змоу, мамзаргьы анхаразы азин змоу Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә шәҟәқәа раиуразы ирмариоу аԥҟара шьақәыргылазарц Владимир Путин Аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан. Аусԥҟа азинмч амоуп мшаԥымза 1 2026 шықәсанӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/11/1055351249_23:0:824:601_1920x0_80_0_0_ad8301bcdcc90cc7961b907f94a35d63.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аинфографика, аԥсны, инфографика
аинфографика, аԥсны, инфографика
Урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа: Аԥсны шаҟа рыҭаз
Урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа 4,9 нызқь цыра рырҭахьеит Аԥсны мшаԥымза 14 раахыс.
Ари аамҭа иалагӡаны зынӡа 6 442 рзаҳал рыдыркылахьеит, урҭ рҟынтәи ирырҭахьеит — 5 699, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
205 рзаҳал мап рцәыркит. Уи зызҳәоу ашәҟәқәа алазҵоз ауаа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыманы аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа заҵәык азырбаз роуп.
Иара убас, урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа Аԥсны арыҭаразы мап рцәыркуеит, уажәаԥхьа Урыстәыла изаухьаз. Дара аныҟәцаратә гәраргагақәа зегьы еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рыла ирыԥсахроуп.
Уаанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змоу, мамзаргьы анхаразы азин змоу Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә шәҟәқәа раиуразы ирмариоу аԥҟара шьақәыргылазарц Владимир Путин Аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан. Аусԥҟа азинмч амоуп мшаԥымза 1 2026 шықәсанӡа.