https://sputnik-abkhazia.info/20250620/lolua-atyla-asharadara-akhaabziara-shnakhueit-1055462778.html
Лолуа: атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит
Лолуа: атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны абџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа иахьырзааигәоу инамаданы атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит. Ареспублика ацклаԥшуеит... 20.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-20T21:35+0300
2025-06-20T21:35+0300
2025-06-21T00:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054741792_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_3244dc6038fdf3971be95b6cde57243f.jpg
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны абџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа иахьырзааигәоу инамаданы атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит. Ареспублика ацклаԥшуеит аглобалтә процессқәа, ҷыдала арегионалтә шәарҭадара ианыруа ҳәа ТАСС иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ахада Бадра Гәынба изныкымкәа иазгәеиҭахьеит, ареспублика анапхгара ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵаарақәа ахшыҩзышьҭра ду шарҭо, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчараҿы ихадоу ароль назыгӡо Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура уахь иналаҵаны. Ашәарҭадара аганахьала ҳусеицура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп — Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчара.Ашәарҭадараратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылақәа зегьи дареи аҭынч еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ишадгыло, Қырҭтәылагьы налаҵаны. Убри аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика ахьыԥшымра астатус алацәажәара шәақәым. Аԥсны Ашәарҭадара ххеилак аилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит атәыла ахада Бадра Гәынба жәабран 19 рзы. Аусԥҟа анапаҵаҩуп акыр зҵазкуа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи, ахаҭарақәеи ринтересқәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи аӡбарақәа реиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20250619/asny-asharadarat-kheilak-ailazaara-yts-shayroup-1055407527.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054741792_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c5f698718d3c34485faa6b30ea34b41a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Лолуа: атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит
21:35 20.06.2025 (ирҿыцуп: 00:35 21.06.2025) АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны абџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа иахьырзааигәоу инамаданы атәыла ашәарҭадара ахаҭабзиара шьҭнахуеит. Ареспублика ацклаԥшуеит аглобалтә процессқәа, ҷыдала арегионалтә шәарҭадара ианыруа ҳәа ТАСС иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
"Рыцҳарас иҟалаз, адунеи аҿы аҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп. Есышықәса атәылақәа рырратә харџьқәа еизҳауеит. Иааигәахо ашәарҭарақәеи бџьарла аиҿагыларақәеи Аԥсны иахьазааигәоу иахҟьаны, ҳтәыла ашәарҭадара аиӷьтәра ҳгәы иҭоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лолуа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ахада Бадра Гәынба изныкымкәа иазгәеиҭахьеит, ареспублика анапхгара ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵаарақәа ахшыҩзышьҭра ду шарҭо, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчараҿы ихадоу ароль назыгӡо Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура уахь иналаҵаны. Ашәарҭадара аганахьала ҳусеицура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп — Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчара.
Ашәарҭадараратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылақәа зегьи дареи аҭынч еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ишадгыло, Қырҭтәылагьы налаҵаны. Убри аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика ахьыԥшымра астатус алацәажәара шәақәым.
Аԥсны Ашәарҭадара ххеилак аилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит атәыла ахада Бадра Гәынба жәабран 19 рзы. Аусԥҟа анапаҵаҩуп акыр зҵазкуа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи, ахаҭарақәеи ринтересқәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи аӡбарақәа реиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны.