https://sputnik-abkhazia.info/20250628/ala-eiauaua-khy-iubar-alaa-iryzku-azgaaraei-akhyei-1055484298.html
"Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар": аҵлақәа ирызку азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
"Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар": аҵлақәа ирызку азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
Sputnik Аҧсны
Аҵлақәа ирзынархоу згәаҭарақәаки ԥхыӡла абара иаанагои ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал... 28.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-28T18:06+0300
2025-06-28T18:06+0300
2025-06-28T18:06+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/16/1045928571_0:143:3133:1905_1920x0_80_0_0_2cde07ee33214f48d4160fe6a5f89096.jpg
Ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ауаҩы изы еснагь хәарҭара рылан. Мҩашьарада иаҳҳәар ҳалшоит, аҵлақәа рыда аԥсҭазаара шыхьанҭахо. Урҭ аҳауа ҳзыдрыцқьоит, ашәшьыра ҳарҭоит, ирылҵуа амҿала ҳхәышҭаарамца еиқәаҳҵоит.Ҳмилаҭ рыҩнуҵҟа имаҷым анапҟазацәа, гәцаракрыла амҿы иалхны амузыкатә рҳәагақәа, ачысмаҭахәқәа, аҩныргыларатә, аусугатә маҭәахәқәа, уҳәа еиуеиԥшым ауаҩы иԥсҭазаара зырманшәалаша амаҭәарқәа ҟазҵо. Аҵлақәа шмал дуӡӡоу дырны ишреиҷаҳатәу, рыхшьаара шаҭахым еиҵагыло аҿар ирылааӡатәу аҟазшьақәа хадақәа ируакуп.Аҩны ааигәа иаарымгоАхларҵә (азгә. "свидина южная") – чықь ҵиаауп. Ахларҵә уԥылоит амшынҿықәтәи акаршәрақәа инадыркны амшын иакәыршаны аҳаракырақәа рҿынӡа. Аҵиаа еиԥшны иҿиоит аҵла еилачырақәа рҿы еицш, инаау адгьыл хтқәа рҿгьы. Ахларҵә ала арахә урысыр, аҩныҵҟа ахьаа шьҭырхуеит, ашьабара ҵыргоит. Аҩын ҿыц анургыло ахыбра иалоуҵар, изтәу аҭаацәара цла еибакуа, рҳәатәы еиқәымшәо, хыла-гәыла еилало иалагоит, ишнеиуа ихыбгалоит.Ацәҭырас – (урысшәала "многорядник щетинконосный") аҭырасқәа рышьҭра иатәу ҵиаауп. Ацәҭырас, аҩны ааигәара, аҩны аҩныҵҟа ааӡара ҟалаӡом, ишәиуа ҵиаауп. Еиҳарак изԥырхагоу аҿиара ауп. "Ацәҭырас ахьазҳауа аҩнаҭаҿы аҵеи (ахаҵарԥыс) диӡом", - рҳәоит. Аҷандарҵла – ауаҩы дарманшәалом, амашәырқәа ацуп, анасыԥдара изаанагоит ҳәа аҩны ахьгылаз еиҭарҳауамызт, уимоу аҷандар амацәыс мҩахнагоит рҳәоит.Аҵлақәеи ажәаԥҟақәеиАжәаԥҟақәа реилазаараҟны имаҷым аҵлақәа ирыхҳәааугьы. Ҳарзааҭгылап акык-ҩбак:Аҵла ԥашәла игылоуп, ауаҩы – ҭынхала. Ауаҩы дацқәас имоу иуацәа-иҭынхацәа роуп. Урҭ ацхыраара ануҭаху ианувагылалак, иарбан уадаҩразаалакгьы уззымиааиуа акгьы ыҟаӡам.Аҵла иалҟьаз амаҭ ицҳаит. Гәаҟрак ианиаз, машәырк иақәшәаз еицәоу даҽакгьы данақәшәалак, абас рҳәоит.Аҵла ацәала агәаԥшь уздырӡом. Ауаҩы иԥшрала-исахьала, ишәуи-иҟәнуи рыла иузеилкаауам илоу абзиареи ацәгьареи, аус аҟны иумбакәа.Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә зшьоз ҳәа. Уус уалгаанӡа, инаугӡаанӡа, иалҵуа убаанӡа алҵшәа уалацәажәо, заанац ахә ушьо уалагар, абас рҳәоит.Аҵлақәеи аԥхыӡқәеиАԥхыӡқәа ртәы ҳҳәозар, уа аҵлақәа еиуеиԥшым аҵакы аархәоит. Ҳрызхьаԥшыԥ аҿырԥштәқәа:Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха".
https://sputnik-abkhazia.info/20230610/alaei-ur-ryntsakhei-2-1045527104.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200426/Ala-ikhalomyzt-amy-yromyzt-ashaya-antsakha-irydalou-zgaaraak-1029985035.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/16/1045928571_201:0:2930:2047_1920x0_80_0_0_f8778d4f2744b2c17d288418175287f0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аԥсны, жәлар рдоуҳа, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны, жәлар рдоуҳа, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
"Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар": аҵлақәа ирызку азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аҵлақәа ирзынархоу згәаҭарақәаки ԥхыӡла абара иаанагои ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ауаҩы изы еснагь хәарҭара рылан. Мҩашьарада иаҳҳәар ҳалшоит, аҵлақәа рыда аԥсҭазаара шыхьанҭахо. Урҭ аҳауа ҳзыдрыцқьоит, ашәшьыра ҳарҭоит, ирылҵуа амҿала ҳхәышҭаарамца еиқәаҳҵоит.
Ҳмилаҭ рыҩнуҵҟа имаҷым анапҟазацәа, гәцаракрыла амҿы иалхны амузыкатә рҳәагақәа, ачысмаҭахәқәа, аҩныргыларатә, аусугатә маҭәахәқәа, уҳәа еиуеиԥшым ауаҩы иԥсҭазаара зырманшәалаша амаҭәарқәа ҟазҵо.
Аҵлақәа шмал дуӡӡоу дырны ишреиҷаҳатәу, рыхшьаара шаҭахым еиҵагыло аҿар ирылааӡатәу аҟазшьақәа хадақәа ируакуп.
Аԥсабара иаҳамҭаны адгьыл иану аҵлақәа руакы-руакы аԥсуаа рыҩны иадыргаломызт, ааигәа еиҭарҳауамызт. Ус иҟақәоу иреиуоуп: ахларҵә, ацәҭырас, аҷандарҵла.
Ахларҵә (азгә. "свидина южная") – чықь ҵиаауп. Ахларҵә уԥылоит амшынҿықәтәи акаршәрақәа инадыркны амшын иакәыршаны аҳаракырақәа рҿынӡа. Аҵиаа еиԥшны иҿиоит аҵла еилачырақәа рҿы еицш, инаау адгьыл хтқәа рҿгьы. Ахларҵә ала арахә урысыр, аҩныҵҟа ахьаа шьҭырхуеит, ашьабара ҵыргоит. Аҩын ҿыц анургыло ахыбра иалоуҵар, изтәу аҭаацәара цла еибакуа, рҳәатәы еиқәымшәо, хыла-гәыла еилало иалагоит, ишнеиуа ихыбгалоит.
Ацәҭырас – (урысшәала "многорядник щетинконосный") аҭырасқәа рышьҭра иатәу ҵиаауп. Ацәҭырас, аҩны ааигәара, аҩны аҩныҵҟа ааӡара ҟалаӡом, ишәиуа ҵиаауп. Еиҳарак изԥырхагоу аҿиара ауп. "Ацәҭырас ахьазҳауа аҩнаҭаҿы аҵеи (ахаҵарԥыс) диӡом", - рҳәоит.
Аҷандарҵла – ауаҩы дарманшәалом, амашәырқәа ацуп, анасыԥдара изаанагоит ҳәа аҩны ахьгылаз еиҭарҳауамызт, уимоу аҷандар амацәыс мҩахнагоит рҳәоит.
Ажәаԥҟақәа реилазаараҟны имаҷым аҵлақәа ирыхҳәааугьы. Ҳарзааҭгылап акык-ҩбак:
Аҵла ԥашәла игылоуп, ауаҩы – ҭынхала. Ауаҩы дацқәас имоу иуацәа-иҭынхацәа роуп. Урҭ ацхыраара ануҭаху ианувагылалак, иарбан уадаҩразаалакгьы уззымиааиуа акгьы ыҟаӡам.
Аҵла иалҟьаз амаҭ ицҳаит. Гәаҟрак ианиаз, машәырк иақәшәаз еицәоу даҽакгьы данақәшәалак, абас рҳәоит.
Аҵла ацәала агәаԥшь уздырӡом. Ауаҩы иԥшрала-исахьала, ишәуи-иҟәнуи рыла иузеилкаауам илоу абзиареи ацәгьареи, аус аҟны иумбакәа.
Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә зшьоз ҳәа. Уус уалгаанӡа, инаугӡаанӡа, иалҵуа убаанӡа алҵшәа уалацәажәо, заанац ахә ушьо уалагар, абас рҳәоит.
Аԥхыӡқәа ртәы ҳҳәозар, уа аҵлақәа еиуеиԥшым аҵакы аархәоит. Ҳрызхьаԥшыԥ аҿырԥштәқәа:
Абаа аҵла ҩақәа ҭагыланы абара – ажәлар рыҩныҵҟа еиласрак, ԥсахрак иамааноуп.
Ашьхыҵә аҵла рықәтәара – ажәлар реизара иазҳәоуп.
Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар – уск аҟны аманшәалара уоуеит.
Узқәу аҵла хытаруа уеиԥхыӡыр – узықәгәыӷуа мап уцәыркуеит.
Ааԥын аӡахәа еилухуа аиԥхыӡра – алагала узҭаша ацәыӡра иазҳәоуп.
Аҵла абӷьы аԥссараз икауҿауа иубар – иуоуша аԥгала ацәыӡра иазҳәоуп.
Алаҳа ашәшьыра уҵатәоушәа ԥхыӡла иубар, уадаҩра ӷәӷәак аҿы уеиҳабацәа, ма уҩызцәа адгылара урҭоит.
Ԥхыӡла згәыцә ылҩаау аҵла ажь ҿаны иубар – иуԥымлаша лагалак иазҳәоуп.
Ԥхыӡла ахәажә быца уҿауа убар – аԥара, лагала бзиак иамааноуп.
Алаҳаҵла уқәланы иуҭаауашәа ԥхыӡ иубазар, узқәымгәыӷӡо хашәала бзиак узыԥшуп.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха".