00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зыкәты зцәыӡыз исыӡбалгьы ашьҭеиҟьон": ацәыӡ азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи

© Sputnik / Oleg Makarov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТихий час
Тихий час - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2025
Анапаҵаҩра
Ацәыӡ азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи, иара убас адәныҟа иӡыз ацәыӡ шырыԥшаауаз атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа еиқәлыршәаз аматериал аҿы.
Аԥсҭазаара иреиӷьу рҵаҩуп. Цәыӡк змамкәа, ԥынгылак ҟамлакәа зыԥсҭазааратә мҩа ианысуа дмаҷуп. Зназы ацәыӡ уныруеит гәаҭала, уцәаныррақәа ԥшатлакәшәа ирҩынтуа, даҽазных ацәыӡ унхара-бзазараҿы иуԥылоит.
Ажәа "ацәыӡ" ганрацәала азхәыцра аҭахуп: "Ацәыӡ сымоуп" уҳәар алшоит иуҭахыз маҭәарк умбазар. "Ацәыӡ сашьҭоуп" рҳәоит ԥшь-шьапык зҵоу аҩныҟа ихнымҳәкәа уи рыԥшаарц иандәықәла. "Ацәыӡ ду ҳауит" рҳәоит ауаҩ нага иаамҭаӡамкәа, ма иаалырҟьаны инарцәымҩа данықәла.
Иарбан цәыӡзаалак иацуп агәырҩеи агәҭымчымреи, убри аҟнытә "Цәыӡ умоуааит" иреиӷьӡоу зеиӷьшьароуп ҳәа азысыԥхьаӡоит.
Открытие фестиваля  кузнецов  Аихамца - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2025
Аԥсны
"Аџыр ԥыршәоит амцаҿы, аҩызара – ацәгьараҿы": аҩыза дазырбо ажәаԥҟақәа

Ацәыӡ ажәаԥҟақәа рҿы

Ацәыӡ атемала ирацәоуп ахшыҩзцара ҵаулақәа знубаало аԥсуа жәаԥҟақәа.
Иаагозар:
Ацәыӡ змоу шә-гәнаҳак, изгаз – гәнаҳак; Ацәыӡ зцәыӡыз шә-рыцҳарак, изгаз – рыцҳарак; Ацәыӡ зцәыӡыз шәҩык игәҩароуп; - ацәыӡ зауз изгаз дахьизымдыруа иахҟьаны ауаа рацәа гәҩарас, гәрамгарҭас ишьҭихуеит уи атәы ҳарҳәоит арҭ ажәаԥҟақәа.
Аџьма зцәыӡыз амшгьы ицәыӡит - ацәыӡ зауз ауаҩы игәы инархьуеит, иара уи ацәыӡ дшашьҭоу аамҭа цоит, имш ицәыӡуеит.
Зыкәты зцәыӡыз исыӡбалгьы ашьҭеиҟьон - ацәгьара ихьыз азмырхакәа, иахәҭаӡамкәа аҽа ускгьы зҽақәзыршәаз ихҳәаау ажәаԥҟоуп.
Изцәыӡызгьы изгазгьы Анцәа иҳәон – аиакәым иақәшәазгьы, аиакәым ҟазҵазгьы, ахырқьиара ианалагалак, абас рҳәоит.

Ацәыӡи аԥхыӡқәеи

Аԥхыӡқәа рдунеи аҿгьы еиуеиԥшым адыргақәа рыла ԥхьаҟа цәыӡк шузыԥшу уеилдыркаауеит:
Ауаҩы хыхьынтә дкаҳауа уиеиԥхыӡыр – уус еиқәшәом, цәыӡк уоуеит.
Аԥсы акы иуҭауа уеиԥхыӡыр – лагалак узҭаша уцәыӡуеит.
Аҽеимаа ҵәымаӷ ԥхыӡла икаршәны иубар - ԥгалак узҭаша уцәыӡуеит.
Ԥхыӡла згәыцә ылҩаау аҵла ажь ҿаны иубар – иуԥымлаша лагалак иазҳәоуп.
Аҵиаа абӷьы аԥссараз икауҿауа иубар – иуоуша аԥгала ацәыӡра иазҳәоуп.
Абнаҿ аӡиас ушхықәгылоу убар – иуоуран иҟоу уԥылом.
Ааԥын аӡахәа еилухуа аиԥхыӡра – алагала узҭаша ацәыӡра иазҳәоуп.
Машьынала иузымдыруа аидара рзугауа иубар – алагала узҭаша уцәыӡуеит.
Аџьмақәа рацәаны еицны ԥхыӡла иубар – ахықәкы ахьымӡара иазҳәоуп.
Аџьмақәа уԥхьаӡошәа ԥхыӡ иубар - аԥхасҭа иазҳәоуп. (Ахыҵхырҭа: Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха").
Буковые деревья - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2025
Аԥсны
"Аҵла еиҭауҳауа ԥхыӡ иубар": аҵлақәа ирызку азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

Адәныҟа иӡыз ацәыӡ аԥшаашьа

Апоет, ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа акыр шықәса еидикылоз ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа иргәылашәеит адәныҟа иӡыз ацәыӡ аԥшаашьа атәы зҳәо анҵамҭа. "Аҳаскьын, ма ашьац рхыцәқәақәа ааидкыланы, иаарҵәины ахаҳә ақәырҵоит. Убри ашьҭахь, абарҭ ажәақәа ҳәо аԥшаара иалагоит. Ацәыӡ убри адагьы ԥшаашьа амаӡам ҳәа ирыԥхьаӡоит. – Аҩысҭаа ихахәы данаҳкит, Ашьашә абжь-ныха дҭаҳцаԥхеит. "Ҵиб-ҵии" узбаанӡа уоусышьҭуам, "Ҵиб-ҵии" узбаанӡа уоусышьҭуам... – Абас ҳәо мацара ирцәыӡыз рыԥшаанӡа иашьҭан. Ирбаны ианыҟалагьы, хымԥада, абарҭ ирҳәоз рдоуҳа ауп идзырбаз ҳәа ирыԥхьаӡон". (Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. "Тур ихәаа ражәабжьқәа").
Ажәабжьқәа зегьы
0