https://sputnik-abkhazia.info/20250727/aym-amas-iurazsha-ueikhyzar--uabaa-uyloit-aym-aritualei-akhyei-ry-1056461653.html
"Аҵәымӷ ҳамҭас иурҭазшәа уеиԥхыӡзар – уџьабаа уԥылоит": аҵәымӷ аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы
"Аҵәымӷ ҳамҭас иурҭазшәа уеиԥхыӡзар – уџьабаа уԥылоит": аҵәымӷ аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы
Sputnik Аҧсны
Аҵәымӷ аритуалқәа рҿы ахархәара шамоу, ажәаҳәеи аԥхыӡқәеи рҿы ҵакыс иаанахәо атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ... 27.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-27T11:34+0300
2025-07-27T11:34+0300
2025-07-27T11:34+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1b/1056462661_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0617b723883217123b8a81ead2010606.jpg
Ауасҭара, аҩныргылара, абзазара усқәа рырманшәалара уҳәа рзы акырӡа имаҭәахәуп аҵәымӷ. Ҳажәлар рыҩнуҵҟа аҵәымӷ амчи алшеи азгәаҭо ирҳәалоит: "Алуҵәҟьагьы хаҳәуп, аха аҵәымӷ ахәлауԥсар, ицагәуеит".Аҟаза инапаҵаҟа аҵәымӷи ажьаҳәеи реиҩызара алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит, игәыхәтәыхьӡагахоит. Баша ирҳәауам: "Ауасҭа бзиа ахаҳәгьы ацәымӷ алаиҵоит" ҳәа.Аҵәымӷи аритуалқәеиАлаԥш – аԥсуаа изларԥхьаӡо ала, аблақәа ирхылҵуа амчра бааԥсы ауп. Аҩны ҿыц андыргылоз алаԥш цәгьа ацәыхьчаразы акәакьқәа рҿы иҭаржуан аҵәымӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Аҵәымӷ алаԥшцәгьа "аҭыхразы", арацәа – "аҭыблааразы".Аӡырыҩра – ижәытәӡоу, иааиуа ашықәс ҿыц аҩнуҵҟа иҟалараны иҟоу аилкааразы аԥсуаа Нанҳәа ауха имҩыԥыргоз қьабзуп. Аӡырыҩразы иреиӷьу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп: ахәы ҳаракырақәа, х-мҩак ахьеихагылоу, аԥсыжрақәа рзааигәара. Аӡырыҩра ицаз, акыраамҭа атәара зылшаз хәыҷы-хәыҷла аԥсцәа адыррақәа рзаадыртуан. Иаагозар, ахьархьбыжьқәа, аҵәымӷ алаҵара аантәи аҿыгәмыгәрақәа ахьгаз – аҩн ҿыц дыргылоит. (Ахыҵхырҭа: Габниа Ц.С. лышәҟәы "Амифи аритуали").Аҵәымӷ аԥхыӡқәа рҿыАиҿырԥшрақәаАԥсуаа ҳажәаҳәаҿы аҵәымӷ аӡбахә еиуеиԥшымкәа ахархәара аҭоуп:"Ацәымӷ даҩызоуп", "Аҵәымӷ еиԥш дулакшоит", "Аҵәымӷ еиԥш дуҿаԥоит" ззырҳәаз ауаҩы зҟазшьа ҳараму, аҭыӡшәаҟаҵара иашьцылахьоу иоуп."Аҵәымӷ еиԥш илаԥш улалоит" – ҳәа изырҳәоит зылаԥш хьанҭоу, зылаԥш цәгьоу ауаҩы."Аҵәымӷ еиԥш сгәы иалоуп", "Аҵәымӷ жьакца еиԥш сгәы иалоуп" – анырҳәа, хьаак, гәырҩак шрымоу иарбагоуп."Сгәы аҵәымӷ алысхит" – анырҳәа, изыргәаҟуа хьаак, гәырҩак, уадаҩрак аҭыԥ ақәҵашьа иақәшәеит.Аԥсуа литература ахсаалаҟны ҳтема иақәшәо аҿырԥштәқәа маҷым. Ҳрызхьаԥшып акык-ҩбак:/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.
https://sputnik-abkhazia.info/20250726/zykty-ztsyyz-isybalgy-asheion-atsy-azyrbo-azhaaei-akhyei-1056184007.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250628/ala-eiauaua-khy-iubar-alaa-iryzku-azgaaraei-akhyei-1055484298.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1b/1056462661_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_3c2296b0ecd3549f4477dd39d5c7eb31.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Аҵәымӷ ҳамҭас иурҭазшәа уеиԥхыӡзар – уџьабаа уԥылоит": аҵәымӷ аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аҵәымӷ аритуалқәа рҿы ахархәара шамоу, ажәаҳәеи аԥхыӡқәеи рҿы ҵакыс иаанахәо атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Ауасҭара, аҩныргылара, абзазара усқәа рырманшәалара уҳәа рзы акырӡа имаҭәахәуп аҵәымӷ. Ҳажәлар рыҩнуҵҟа аҵәымӷ амчи алшеи азгәаҭо ирҳәалоит: "Алуҵәҟьагьы хаҳәуп, аха аҵәымӷ ахәлауԥсар, ицагәуеит".
Аҟаза инапаҵаҟа аҵәымӷи ажьаҳәеи реиҩызара алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит, игәыхәтәыхьӡагахоит. Баша ирҳәауам: "Ауасҭа бзиа ахаҳәгьы ацәымӷ алаиҵоит" ҳәа.
Алаԥш – аԥсуаа изларԥхьаӡо ала, аблақәа ирхылҵуа амчра бааԥсы ауп. Аҩны ҿыц андыргылоз алаԥш цәгьа ацәыхьчаразы акәакьқәа рҿы иҭаржуан аҵәымӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Аҵәымӷ алаԥшцәгьа "аҭыхразы", арацәа – "аҭыблааразы".
Аӡырыҩра – ижәытәӡоу, иааиуа ашықәс ҿыц аҩнуҵҟа иҟалараны иҟоу аилкааразы аԥсуаа Нанҳәа ауха имҩыԥыргоз қьабзуп. Аӡырыҩразы иреиӷьу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп: ахәы ҳаракырақәа, х-мҩак ахьеихагылоу, аԥсыжрақәа рзааигәара. Аӡырыҩра ицаз, акыраамҭа атәара зылшаз хәыҷы-хәыҷла аԥсцәа адыррақәа рзаадыртуан. Иаагозар, ахьархьбыжьқәа, аҵәымӷ алаҵара аантәи аҿыгәмыгәрақәа ахьгаз – аҩн ҿыц дыргылоит. (Ахыҵхырҭа: Габниа Ц.С. лышәҟәы "Амифи аритуали").
Аҵәымӷ, ма аџьыка ааухәошәа ԥхыӡ иубар – иаарласны гәалсрак уақәшәоит.
Аҵәымӷ жьакца убазар, ма ԥхыӡла уахаԥалазар – агәамбзиареи аманшәаламреи иазҳәоуп.
Аҽеимаа ҵәымӷ ԥхыӡла икаршәны иубар – ԥгалак узҭаша уцәыӡуеит.
Ԥхыӡла аҵәымӷ сса уцәкаԥсазар, дук мырҵыка угәазыҳәарак наӡоит.
Аӷәы аҵәымӷ алауҵошәа уеиԥхыӡзар – уусқәа маншәалахоит, ԥыла-ԥгалак узыԥшуп.
Аҵәымӷ иашьикла аҭара – уаӷак ииааира иазҳәоуп.
Аҵәымӷ ҳамҭас иурҭазшәа уеиԥхыӡзар – уџьабаа уԥылоит.
Аԥсуаа ҳажәаҳәаҿы аҵәымӷ аӡбахә еиуеиԥшымкәа ахархәара аҭоуп:
"Ацәымӷ даҩызоуп", "Аҵәымӷ еиԥш дулакшоит", "Аҵәымӷ еиԥш дуҿаԥоит" ззырҳәаз ауаҩы зҟазшьа ҳараму, аҭыӡшәаҟаҵара иашьцылахьоу иоуп.
"Аҵәымӷ еиԥш илаԥш улалоит" – ҳәа изырҳәоит зылаԥш хьанҭоу, зылаԥш цәгьоу ауаҩы.
"Аҵәымӷ еиԥш сгәы иалоуп", "Аҵәымӷ жьакца еиԥш сгәы иалоуп" – анырҳәа, хьаак, гәырҩак шрымоу иарбагоуп.
"Сгәы аҵәымӷ алысхит" – анырҳәа, изыргәаҟуа хьаак, гәырҩак, уадаҩрак аҭыԥ ақәҵашьа иақәшәеит.
Аԥсуа литература ахсаалаҟны ҳтема иақәшәо аҿырԥштәқәа маҷым. Ҳрызхьаԥшып акык-ҩбак:
Згәыцә аҵәымӷ аларҵаз аҵла ҟатеиԥш, ашҳам имыццакӡакәа аус ауан (Џьума Аҳәба).
Уи уажә акәашымҿ аҵәымӷ жьакца алалар аҳа, алаф шиламӡоз лдыруан, аха иламхаҳәеит (Анатоли Лагәлаа).
Иналгьы, игәы аҵәымӷ налхуа, итәақәаз днарылаԥшит (Сергеи Кәыҵниа).
Ажьгьери убри ааигәалашәацыԥхьаӡа, аҵәымӷ еиԥш игәы иналакьакьон. Дшааиуаз, иӡбеит игәы иалаз "аҵәымӷ" алихырц (Никәала Ҳашыг).
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.