https://sputnik-abkhazia.info/20250801/1056609675.html
Амузыка аныҳәа: "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт
Амузыка аныҳәа: "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт
Sputnik Аҧсны
XXIII афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт хыркәшахеит Аҟәа, ԥхынгәымза 31 рзы. Сынтәа афестиваль аартра Аԥсны раԥхьатәи ахада... 01.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-01T18:20+0300
2025-08-01T18:20+0300
2025-08-01T18:20+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056609854_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_0aca43eea0731f51095a2d2b306b4454.jpg
Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Денис Мацуеви XXIII-тәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит..." аадыртит Аҟәа Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аоператә шәаҳәаҩы асцена илыцықәгылоит апианинорҳәаҩы Денис Мацуев, абаритон, Атеатр Ду асолист Игор Головатенко, иара убас Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр. Исахьаркыратә ажәахә ала ахәылԥаз ааиртуеит Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартист Евгени Книазев. Афестиваль мҩаԥысуеит Акультуратә аԥшьгамҭақәа рзы урыстәылатәи ахада ифонд адгыларала. Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы, ахԥатәи — нанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056609854_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_1b9ebc8c3f6e288ffe20d8acbdfd8106.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
Амузыка аныҳәа: "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт
XXIII афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт хыркәшахеит Аҟәа, ԥхынгәымза 31 рзы. Сынтәа афестиваль аартра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп.
Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Денис Мацуеви XXIII-тәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит..." аадыртит Аҟәа Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы.
Аоператә шәаҳәаҩы асцена илыцықәгылоит апианинорҳәаҩы Денис Мацуев, абаритон, Атеатр Ду асолист Игор Головатенко, иара убас Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр. Исахьаркыратә ажәахә ала ахәылԥаз ааиртуеит Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартист Евгени Книазев.
Афестиваль мҩаԥысуеит Акультуратә аԥшьгамҭақәа рзы урыстәылатәи ахада ифонд адгыларала. Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы, ахԥатәи — нанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт аартын ԥхынгәымза 31 рзы.

"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." раԥхьатәи аконцерт аартын ԥхынгәымза 31 рзы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАоператә шәаҳәаҩы асцена илыцықәгылоит апианинорҳәаҩы Денис Мацуев.

Аоператә шәаҳәаҩы асцена илыцықәгылоит апианинорҳәаҩы Денис Мацуев.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфестиваль даҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.

Афестиваль даҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
© Sputnik / Томас ТхайцукХьыбла Гьерзмааԥҳа еицырдыруа аклассикатә ариақәа налыгӡеит.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа еицырдыруа аклассикатә ариақәа налыгӡеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнтон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр.

Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр.
© Sputnik / Томас ТхайцукСынтәа афестиваль аартра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп.

Сынтәа афестиваль аартра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАоператә шәаҳәаҩы лажаәақәа рыла, Владислав Арӡынба - аԥсуаа ираԥхьагылоу ԥсыуоуп.

Аоператә шәаҳәаҩы лажаәақәа рыла, Владислав Арӡынба - аԥсуаа ираԥхьагылоу ԥсыуоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа х-концертк мҩаԥгахоит.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа х-концертк мҩаԥгахоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы.

Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукНанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы ихыркәшахоит афестиваль аԥсуа хәҭа.

Нанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы ихыркәшахоит афестиваль аԥсуа хәҭа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны имҩаԥысраны иҟоу аконцертқәа рышьҭахь артистцәа Урыстәылеи аҳәаанырцәи агастрольқәа мҩаԥыргоит. Афестиваль хыркәшахоит Сҭампыл.

Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу аконцертқәа рышьҭахь артистцәа Урыстәылеи аҳәаанырцәи агастрольқәа мҩаԥыргоит. Афестиваль хыркәшахоит Сҭампыл.