https://sputnik-abkhazia.info/20250801/nanamzazy-asny-ashouraa-alar-alshoit-1056592999.html
Нанҳәамзазы Аԥсны ашоурақәа ҟалар алшоит
Нанҳәамзазы Аԥсны ашоурақәа ҟалар алшоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Ҳазҭалаз амза алагамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа ашоурамшқәеи ацәаакырамшқәеи ҟалар алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ... 01.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-01T17:40+0300
2025-08-01T17:40+0300
2025-08-01T20:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/12/1055397837_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_05a551554818e94574f5b38a9703036b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Ҳазҭалаз амза алагамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа ашоурамшқәеи ацәаакырамшқәеи ҟалар алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа.  Лара лажәақәа рыла, нанҳәа 7 рнаҩс ашоурақәа ҟалоит, аҳауа ацәаакыра еизҳауеит. Иааидкыланы нанҳәамзаз ақәоурақәа ԥхынгәымзаз аасҭа еиҵахоит. Амшынӡы аԥхарра +28°C инаӡоит. Ахсалԥҳа, иара убасгьы аультрафиолеттә шәахәақәа рыҩаӡара шыҳаракхо азы агәҽанҵара ҟалҵеит.  
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2025
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа, аԥсны
Нанҳәамзазы Аԥсны ашоурақәа ҟалар алшоит
17:40 01.08.2025  (ирҿыцуп: 20:41 01.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Ҳазҭалаз амза алагамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа ашоурамшқәеи ацәаакырамшқәеи ҟалар алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа.  
"Нанҳәа 1 инаркны 6 рҟынӡа аамҭа кьаҿла адыдмацәыс ацны ақәа леиуеит. Ҽынла аҳауа аԥхарра +30°C ахь ихалоит, уахынла  +26°C рҟынӡа илаҟәоит", — лҳәеит аҳауагәаҭаҩ.  
Лара лажәақәа рыла, нанҳәа 7 рнаҩс ашоурақәа ҟалоит, аҳауа ацәаакыра еизҳауеит. Иааидкыланы нанҳәамзаз ақәоурақәа ԥхынгәымзаз аасҭа еиҵахоит. 
Амшынӡы аԥхарра +28°C инаӡоит. Ахсалԥҳа, иара убасгьы аультрафиолеттә шәахәақәа рыҩаӡара шыҳаракхо азы агәҽанҵара ҟалҵеит.  
"Хымԥада аамҭатә режим иқәныҟәалатәуп. Сара асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа амраҿы аҟазаара шәабжьызгом", — ҳәа азгәалҭеит лара.