https://sputnik-abkhazia.info/20250802/aa-imaysit-astolt-kampyl-azy-achempionat-1056643774.html
Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат
Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. 02.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-02T16:44+0300
2025-08-02T16:44+0300
2025-08-02T17:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102830/05/1028300578_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0be82f87acb3eaf26b8af62234c88caa.jpg
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Ачемпионат иалахәуп 48-ҩык аспортсменцәа 2008-2009, 2011 шықәсқәа рзы иизи урҭ иреиҵқәоуи Аҟәеи Аԥсны ԥшь-раионки рҟнытә. Ачемпионат мҩаԥысуеит хаҭалатәи аихшьаала ала, уи алахәуп 22-ы аԥқьаҭмпыл асҩцәа, урҭ рҟынтә 7-ҩык Аԥсны аспорт азҟазацәа роуп. Аицлабра хыркәшахоит нанҳәа 3 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102830/05/1028300578_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_a507bf21afac86bc7d7532fb72d33d88.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат
16:44 02.08.2025 (ирҿыцуп: 17:42 02.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачемпионат ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Ачемпионат иалахәуп 48-ҩык аспортсменцәа 2008-2009, 2011 шықәсқәа рзы иизи урҭ иреиҵқәоуи Аҟәеи Аԥсны ԥшь-раионки рҟнытә.
Ачемпионат мҩаԥысуеит хаҭалатәи аихшьаала ала, уи алахәуп 22-ы аԥқьаҭмпыл асҩцәа, урҭ рҟынтә 7-ҩык Аԥсны аспорт азҟазацәа роуп.
"Зегь реиҳа угәы иахәо акыр шықәса раԥхьа астолтә ԥкьаҭмпыл аанзыжьыз, иахьа ҩаԥхьа ихынҳәыз аспортсменцәа рбара ауп", — ҳәа иҳәеит Аԥсны астолтә ԥкьаҭмпыл Афедерациа апрезидент Беслан Карчаа.
Аицлабра хыркәшахоит нанҳәа 3 рзы.