https://sputnik-abkhazia.info/20250816/agamsami-atsryei-aus-rydulara-asny-aekologiat-problema-khadaa-ireiuou-1056955363.html
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара: Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоу
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара: Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоу
Sputnik Аҧсны
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара — Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоуп, абас иҟоуп ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз асоциалтә ҭҵаара иалахәыз 60%... 16.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-16T16:26+0300
2025-08-16T16:26+0300
2025-08-17T10:59+0300
аԥсны
аԥсны
аинфографика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0d/1056879656_0:102:1775:1100_1920x0_80_0_0_2be160efe2e8a9cf4f4ff263bec3c752.png
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара — Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоуп, абас иҟоуп ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз асоциалтә ҭҵаара иалахәыз 60% ареспондентцәа ргәаанагара. Иара убас азҵаараҭҵаара иалахәыз иазгәарҭеит аӡы, аҳауа, адгьыл, аԥшаҳәа рыҟьашьра. Иара убас аҳауаԥхарра аҽеиҭакрақәа алызкаазгьы ыҟоуп. ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз асоциалтә ҭҵаара "Аԥсны аекологиа: ԥхьаҟатәи аԥеиԥш" алҵшәақәа рыла, арҭ апроблемақәа аиҳарак ргәы иҵхоит Гагреи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи рҟны инхо ауааԥсыра. ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз аҭҵаара "Аԥсны аекологиа: ԥхьаҟатәи аԥеиԥш" иалахәын Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи 600-ҩык ареспондентцәа. Азҵаараҭҵаара мҩаԥысуан 2025 ш. рашәарамза 17 инаркны 25 рҟынӡа, адыррақәа аус рыдырулон — 2025 ш. рашәарамза 26 инаркны 31 рҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0d/1056879656_87:0:1688:1201_1920x0_80_0_0_c50616782f12ff48772e9fa3db12855d.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аинфографика, инфографика
аԥсны, аинфографика, инфографика
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара: Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоу
16:26 16.08.2025 (ирҿыцуп: 10:59 17.08.2025) Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара — Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоуп, абас иҟоуп ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз асоциалтә ҭҵаара иалахәыз 60% ареспондентцәа ргәаанагара.
Иара убас азҵаараҭҵаара иалахәыз иазгәарҭеит аӡы, аҳауа, адгьыл, аԥшаҳәа рыҟьашьра. Иара убас аҳауаԥхарра аҽеиҭакрақәа алызкаазгьы ыҟоуп.
ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз асоциалтә ҭҵаара "Аԥсны аекологиа: ԥхьаҟатәи аԥеиԥш" алҵшәақәа рыла, арҭ апроблемақәа аиҳарак ргәы иҵхоит Гагреи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи рҟны инхо ауааԥсыра.
ААУ-и МАУ-и еицымҩаԥыргаз аҭҵаара "Аԥсны аекологиа: ԥхьаҟатәи аԥеиԥш" иалахәын Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи 600-ҩык ареспондентцәа. Азҵаараҭҵаара мҩаԥысуан 2025 ш. рашәарамза 17 инаркны 25 рҟынӡа, адыррақәа аус рыдырулон — 2025 ш. рашәарамза 26 инаркны 31 рҟынӡа.