https://sputnik-abkhazia.info/20250821/aministrtsa-reilazaara-khazy-igou-aratsa-rualafakhy-atsarazy-aara-rydyrkyleit-1057036653.html
Аминистрцәа реилазаара хазы игоу арҵаҩцәа руалафахәы ацҵаразы ақәҵара рыдыркылеит
Аминистрцәа реилазаара хазы игоу арҵаҩцәа руалафахәы ацҵаразы ақәҵара рыдыркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа есымза 6000 мааҭ рзаҵҵазарц. 21.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-21T12:05+0300
2025-08-21T12:05+0300
2025-08-21T12:19+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/11/1030558055_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_38eb0abd32f9f2c13ef0495b84cbfee2.jpg
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа есымза 6000 мааҭ рзаҵҵазарц. Уи рызшәахоит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа 760-ҩык ҳәа азгәалҭеит аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа.Иара убас, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы хә-нызқь мааҭ инаӡоу ашәарацҵа шьақәыргылоуп. Уи иаҵанакит 762-ҩык арҵаҩцәа. Аӡбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәоуп, уи арҵаҩцәа рыцхыраара, аурыс бызшәа арҵара аҳаҭыр аизырҳара иазырхоуп.Аԥсны аклассқәа напхгара азҭо арҵаҩцәа ракәзар есымза 1800 мааҭ рызшәалахоит. Аиԥш зеиԥшу адгылара ашколқәа рҿы арҵара-ааӡаратә усура назыгӡо арҵаҩцәа рыцхыраара иазырхоуп.Аԥсахрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра 1 инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/11/1030558055_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_ac321b1bccaf0791b6cd77b9d68ec18c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа есымза 6000 мааҭ рзаҵҵазарц.
Уи рызшәахоит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа 760-ҩык ҳәа азгәалҭеит аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа.
Иара убас, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы хә-нызқь мааҭ инаӡоу ашәарацҵа шьақәыргылоуп. Уи иаҵанакит 762-ҩык арҵаҩцәа.
Аӡбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәоуп, уи арҵаҩцәа рыцхыраара, аурыс бызшәа арҵара аҳаҭыр аизырҳара иазырхоуп.
Аԥсны аклассқәа напхгара азҭо арҵаҩцәа ракәзар есымза 1800 мааҭ рызшәалахоит. Аиԥш зеиԥшу адгылара ашколқәа рҿы арҵара-ааӡаратә усура назыгӡо арҵаҩцәа рыцхыраара иазырхоуп.
Аԥсахрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра 1 инаркны.