00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Впервые артисты из Абхазии на "Новой волне"
18:49
7 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Урыстәыла

Жапаров мраҭашәаратәи атәылақәеи Америка анапхгареи рахь ихы нарханы аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит премьер-министра РФ М. Мишустина в Киргизию
Визит премьер-министра РФ М. Мишустина в Киргизию - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. "Аекономика аполитикахь аиагара аҭахӡам", абас иҳәеит Кырӷызсҭан ахада Садыр Жапаров мраҭашәаратәи атәылақәеи Америка анапхгареи рахь ихы нарханы, Британиа ду "Капитал банк" асанкциақәа анақәнаҵа ашьҭахь.
Ажьырныҳәамза инаркны Америкатәи асанкциақәа "Керемет банк" аганахь алагьы иалагалоуп. Аҳәынҭқарратә маҵзура "Капар" иаиҭаз аинтервиу аҿы атәыла ахада иазгәеиҭеит, мраҭашәаратәи атәылақәа акыргыз банкқәа "Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ишрывсуа" атәы зҳәо ршаҳаҭгак шырзаамгаз.
Жапаров иажәақәа рыла, Урыстәыла миллионҩык рҟынӡа Кырӷызсҭан аҟынтәи амигрантцәа ыҟоуп, урҭ есыҽны миллиардла аԥара аарышьҭуеит. Урҭ аԥарақәа ԥсахны ауаа рхы иадырхәартә алшара рыҭатәуп. Убри аан, атәылаҿы иҟоу 21 банк рҟынтәи аҳәынҭқарратә банк "Керемет банк" заҵәык ауп аурыс ԥарала аус зуа.
"Иарбанызаалак фактк ыҟам, агәызҩара мацара ауп. Убри азоуп саргьы агәызҩара зсымоу. Избан акәзар, урҭ ирбоит Кырӷызсҭан аекономика ӷәӷәала ишеизҳауа. Иаҳҳәап, ҳтәыла аҩнуҵҟатәи аалыҵ 11,7 процент рыла иазҳаит, ҳара егьырҭ ИАР атәылақәа рыбжьара аԥхьагылара ҳамоуп. Сгәанала, убри азоуп изҳақәыӷәӷәоугьы. Атәыла дуқәа егьырҭ атәылақәа ирласны рыҿиара рҭахӡам, еилаҳар рҭахуп. Ирҭахуп зегьы дара ирхьыԥшызарц, ирымҵахырхәаларц", — азгәеиҭеит Жапаров.
Ажәабжьқәа зегьы
0