https://sputnik-abkhazia.info/20250825/asny-akhyy-ratsa-zmoui-zylsharaa-maui-aaatsaa-rzy-araga-sha-ryzshara-ialageit-1057110880.html
Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәа рызшара иалагеит
Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәа рызшара иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәеи, иара убас ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа рзы ашколтә маҭәеи рызшара... 25.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-25T13:40+0300
2025-08-25T13:40+0300
2025-08-25T22:31+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/17/1052075276_6:0:1275:714_1920x0_80_0_0_2889a1ad815af4f82a894d80838bf066.jpg
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәеи, иара убас ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа рзы ашколтә маҭәеи рызшара иалагеит.Иажәақәа рыла, арҵага шәҟәқәа зегьы хәыда-ԥсада ирыҭахоит, урҭ абиблиотека афонд иахыԥхьаӡалахоит. Иааизакны сынтәа ареспублика ашколқәа рахь 30 хкы раҟара арҵага шәҟәқәа рзаагараны иҟоуп. Уи адагьы, ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа ирыҭахоит 500 комплект раҟара ашколтә маҭәа. Қәҭелиа иҳәеит иааиуа ашықәс азы ашколтә маҭәақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азгәаҭаны ишыҟоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/17/1052075276_164:0:1116:714_1920x0_80_0_0_df3e3e4644993dfee8305b3fc0fd6b2f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәа рызшара иалагеит
13:40 25.08.2025 (ирҿыцуп: 22:31 25.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәеи, иара убас ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа рзы ашколтә маҭәеи рызшара иалагеит.
"13 нызқь инареиҳаны арҵагатә шәҟәқәа араионтә ҵараҟәшақәа ирыҭахоит. Ахәбатәи акласс азы аурыс бызшәа арҵагатә шәҟәы ҿыц ҭыжьуп. Ашколқәа ашәҟәқәа рызшара мҩаԥыслоит цәыббрамза 15 рҟынӡа", — иҳәеит аҵара аминистрра ауаажәларра рыбжьара аимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Иажәақәа рыла, арҵага шәҟәқәа зегьы хәыда-ԥсада ирыҭахоит, урҭ абиблиотека афонд иахыԥхьаӡалахоит. Иааизакны сынтәа ареспублика ашколқәа рахь 30 хкы раҟара арҵага шәҟәқәа рзаагараны иҟоуп.
Уи адагьы, ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа ирыҭахоит 500 комплект раҟара ашколтә маҭәа.
Қәҭелиа иҳәеит иааиуа ашықәс азы ашколтә маҭәақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азгәаҭаны ишыҟоу.