https://sputnik-abkhazia.info/20250914/agalasharei-agadurei-alashara-4-ti-anomer-akhaa-1057528199.html
Агәалашәареи агәадуреи: "Алашара" 4-тәи аномер ахҳәаа
Агәалашәареи агәадуреи: "Алашара" 4-тәи аномер ахҳәаа
Sputnik Аҧсны
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" изаамҭанытәиу 4-тәи аномер. Уи ахҳәаа ирмазеит ажурнал аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа. 14.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-14T12:18+0300
2025-09-14T12:18+0300
2025-09-14T12:18+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0d/1057523625_0:78:808:533_1920x0_80_0_0_a9637373cfd8a0b5af7100c3b9a7cc7d.jpg
Денис Чачхалиа 75 шықәса ихыҵитАжурнал "Алашара" изаамҭанытәиу 4-тәи аномер аатуеит сынтәа апоет-аиҭагаҩ, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат Денис Чачхалиа 75 шықәса шихыҵыз атәы зҳәо Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ажурнал "Алашареи" еицыҟарҵаз адныҳәалара ала. Иааҳгап адныҳәалара ацыԥҵәаха:"Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!Ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәы ҳәа ирылагылоу, ҳажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара иалагылоу, СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа иалахәыло, урысшәалеи аҧсышәалеи иҩуа ажәа азҟаза, упоезиеи, уеиҭагақәеи, уҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи шьарда ҵуеит.1968–1973 шш. раан Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аҵара уанҭаз инаркны урзааигәахеит еицырдыруа аурыс поетцәеи апрозаикцәеи. Уҵара хыркәшаны Аԥсныҟа уаныхынҳә, агазеҭ "Советская Абхазия" аредакциаҿы аус ахьууаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс уаныҟаз акәзааит, убаҩхатәреи, удырреи, уԥышәеи хеибарҭәаауан.Уара ҳаԥсуа доуҳатә культура даара иурбеиеит, уажәеинраалақәеи, уеиҭагамҭақәеи, уҭоурыхтә ҭҵаамҭатә усумҭақәеи рыла. Иудаҳныҳәалоит уиубилеи, иагьузеиӷьаҳшьоит аԥсуа иқәра ду агәабзиара бзиа ацны!.."Иара убасгьы араҟа икьыԥхьуп апоет иажәеинраалақәеи иеиҭагамҭақәеи. Абраҟа иааҳгоит даара ҟазарыла иҩу апоет иажәеинраалақәа руак:Анцәа иан илызку аныҳәаԥхьыӡАнацәа ран, быхьӡырҳәагоуп,Анан, кыр бымчуп Бара,Сымҩа бшьапаҵахь инагоуп,Сбашьапкуеит, срыцҳашь сара.Сакәыхшоуп, Анан, бшьаргәыҵа,Амықәшәатә зхысыз Бара,Зԥазаҵә аџьараҿ дынкыдҵан,Дықәҟацан иршьыз Бара.Аӡӷабреи аԥҳәысреи еицызбаз,Зҭыԥҳара еицамкыз Анԥсҳа,Брықәныҳәа ҳҿар еиҵагылаз,Рыхдырреи рылшеи иазырҳа.Бырхылаԥш ақәыԥшцәа игароу,Ҳанарха, ҳгәыӷрақәа рԥеиԥш.Ахаан иҿымцәо лашароупИбхалашо, Анан, мшаҽнеиԥш.Бныҳәаԥхьыӡ сабылуа сгылоуп,Быҵаҟа сгылоуп цәашьшәа.Анан, акоуп исыгәҭыхоу —Тәымџьара дгәаҟуеит сашьа.Зыдгьыл, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу,Зыԥсадгьыл, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу,Гәашьа, бырзылԥха Бара.Аҵхлашә мрахәаган иагәылгоу,Анан Мариа Бара.Бныҳәагатә ныҟәызго бҳаигӡа,Ибымоуп Бара адоуҳа.Ҳаԥхыӡгьы ҳаргамагьы ҽеиӡам,Кыр бымчуп, Анԥсҳа, ҳаиқәырха.Сынтәа еицырдыруа ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Абри арыцхә аҳаҭыразы ажурнал ианылеит ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәа иаарылукааша "Аԥсҭазаара уаналхәдам".Анатоли Аџьынџьал диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкныЕицырдыруа аԥсуа поет Анатоли Аџьынџьал сынтәа диижьҭеи 95 шықәса аҵра азгәаҭара иазкуп ажурнал иану ашәҟәыҩҩы иажәабжь кьаҿқәа. Уи апрозагьы апоезиагьы еиԥшны ицааиуан, даара агьама ҵаула змаз, данцәырҵ нахыс иаразнак аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз шәҟәыҩҩуп. Абраҟа иааҳгоит автор иажәабжьқәа ажурнал иану рҟынтәи шәагаала икьаҿӡоу руак:ҲАЗЛЕИԤШЫМЗЕИ?Чықмыжә аԥсуа маҭәала иҽанеилеиҳәалакь узлаимаҭәахәыз, Сасрыҟәа дубагьы иара дубагьы. "Абааԥс, иуулак ҽык аахә, Сасрыҟәа ихаҭа уакәхоит", – рҳәон ауаа. "Сасрыҟәеи сареи ҳазлеиԥшымзеи"? – игәахәлон иаргьы.Ҽыкгьы ааихәеит Чықмыжә. Ҽнак дақәтәаны ҽырхәмаррак аҟны дынкылсит."Амҩа ишәҭ, амҩа"? – рыбжьы аадыргеит аҿар. Иаргьы рнапҟьамҭазы "чоу!" иҳәан, иҽы анҩыҵирҟьа, иара уаҟаҵәҟьа дахҟьан дкаҳаит."Ҳаи, Сасрыҟәа дкаҳаит, жәбо!" – ажәлар рыбжьқәа надырган, инеины даашьҭырхит.Чықмыжә ишьапы даннықәгыла абас даацәажәеит: "Сасрыҟәеи сареи ҳазлеиԥшымзеи ҳәа сыҟахын, шьҭа издырит...""Ыы, шәызлеиԥшымзеи, нас?" – инаиазҵааит."Ҳазлеиԥшым уи ауп, Сасрыҟәа иҭаххар, иҽы ҵәҩанҵәыҟа иршәуан, сара сакәзар, сҽы иаҭаххар, адгьыл ахь саршәуеит!"Апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа лгәалашәаразыСынтәа 60 шықәса ҵит апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа диижьҭеи. Ажурналаҿ еиҭакьыԥхьуп арҿиаҩы лажәеинраалақәа, илызку агәалашәарақәа, лыҿцәажәара. Араҟа иуԥылоит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа апоет-аибашьҩы данҭаха ашьҭахь ииҩыз игәалашәареи, уи лҩыза гәакьа Алина Ачԥҳа лара илзылкыз ланҵамҭақәеи. Абраҟа иааҳгоит Алықьса Гогәуа истатиа ахәҭак:"Ҳлитература, хыла ҳпоезиаҿы, ҳаибашьра иалагаанӡатәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа зегьы ирылԥшуеит Саида Делԥҳа лҭынха. Уи ҳаихьӡарақәа зегьы ирхуп. Дызусҭазаалакгьы аӡәгьы игәы иаанамгааит, ус дызрылкаау лҭахашьа, лфырԥҳәызбара азоуп ҳәа. Апоезиа, иҿыцӡоу апоезиа цқьа здыруа ус игәгьы иаанагом; уи лырҿиамҭа убас иҟаҵәҟьоуп аҽакы иузадымкыло. Лара лцәаҩала, лбаҩхатәрала, еснагь иаадыруа ашәҟәқәа рыдагь аҽа шәҟәқәак шыҟоу лцәа иалашәон. Уи иагьылԥшааит ус иҟаз ашәҟәы, иагьаалыртит, иаабац, акыр ҳзырааԥсахьоу ракәымкәа, аҽа ритмқәак, аҽа фҩы-хаақәак, аҽа ԥшшәқәак ахьыҟаз, аҽа хьаақәак, аҽа гәҭыхақәак, аҽа раҳаҭрак, иҵкәам ахақәиҭра, аҽа шәага-загак ала зҽызшәо аԥсҭазаара ахьыҟоу апоезиа атәыла.Ари иаҳәоит, уи аҧҳәызба қәрахьымӡа, ажәытә аепос дуқәа рҿы зашәа рҳәоз иреиԥшҵәҟьаз, абаҩхатәра ҷыда анцәа ишлылаиҵаз, иара убри ишациҵаз лпоезиатә бла алашара, агени ицәаҩақәа зҭаауаз аӡәы шлакәыз.Уи иаалыртыз атәылаҿы апоезиеи аҳауеи реилаӡҩа убасҟак иџьбароуп, апоет ишиҳәазеиԥш, ацәаҳәақәа ашьеиԥш ухәда иҭачны уԥсы ухырхыр алшоит. Ахы акәӡам лара дызгазгьы, убарҭ лцәаҳәақәа роуп, лфырԥҳәысра ԥсыс иахазгьы дара роуп."Владислав Арӡынба игәалашәаразыЖәлар рԥыза, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи сынтәа 80 шықәса аҵра аҳаҭыр азы, ажурнал аҿы икьыԥхьуп апоет Рауль Лашәриа аԥсшәахь иеиҭеигахьаз – "Кавказтәи арегион ареспубликақәа рнапхгаҩцәа Москватәи реиԥылара" астенограмма. Уи иахьа ҳаԥхьаҩцәа ирдыруазароуп, иҭоурыхуп, еиҳаракгьы уаҵәы игылараны иҟоу ҳҿар хымԥада иаԥхьахьазароуп, дара ирыцәтәымымзароуп рыжәлар ирхыргаз ахьаа. Иуҳәар ауеит, абасеиԥш иҟоу аҭоурыхтә нҵамҭақәа ҳжурнал аҩаӡара даара ишьҭырхуеит ҳәа.Ажурнал "Алашара" 4-тәи аномер рырҿиамҭақәа анылеит иааиԥмырҟьаӡакәа зкьыԥхьымҭақәа ҳадызгало ҳавторцәа: Руслан Қапба, Владимир Занҭариа, Валентин Кәаӷәаниа, Иван Миқаиа, Анатоли Лагәлаа, Аполлон Думаа, Сергеи Агындиа, Инна Ҳаџьымԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Валери Кәарҷиа, Инал Гыцба.Иара убасгьы, ажурнал иануп Џьырхәа ақыҭа иатәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Афырхаҵа Рома Цәеиба изку Дырмит Габалиа иочерк.Ажурналаҿ иуԥылоит сынтәа аҵыхәтәантәи амзақәа рзы "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭа" иҭнажьыз ашәҟә ҿыцқәа рыхҳәаақәа.Ажурнал "Алашара" 4-тәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рахь инеираны иҟоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250223/ashytsa-rynaa-du-azhurnal-alashara-70-shysa-akhyit-1053844114.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250706/agalasharaei-aiagaei-azhurnal-alashara-akhati-anomer-akhaa-1055730085.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250712/vladislav-arynba-zhlar-reish-agash-aazyrtyz-asny-rakhati-akhada-izku-ashy-azy-1055884079.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0d/1057523625_0:3:808:609_1920x0_80_0_0_9b53c3e52a8082256d8b2a375de18ac6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Денис Чачхалиа 75 шықәса ихыҵит
Ажурнал "Алашара" изаамҭанытәиу 4-тәи аномер аатуеит сынтәа апоет-аиҭагаҩ, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат Денис Чачхалиа 75 шықәса шихыҵыз атәы зҳәо Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ажурнал "Алашареи" еицыҟарҵаз адныҳәалара ала. Иааҳгап адныҳәалара ацыԥҵәаха:
"Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!
Ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәы ҳәа ирылагылоу, ҳажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара иалагылоу, СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа иалахәыло, урысшәалеи аҧсышәалеи иҩуа ажәа азҟаза, упоезиеи, уеиҭагақәеи, уҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи шьарда ҵуеит.
1968–1973 шш. раан Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аҵара уанҭаз инаркны урзааигәахеит еицырдыруа аурыс поетцәеи апрозаикцәеи. Уҵара хыркәшаны Аԥсныҟа уаныхынҳә, агазеҭ "Советская Абхазия" аредакциаҿы аус ахьууаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс уаныҟаз акәзааит, убаҩхатәреи, удырреи, уԥышәеи хеибарҭәаауан.
Уара ҳаԥсуа доуҳатә культура даара иурбеиеит, уажәеинраалақәеи, уеиҭагамҭақәеи, уҭоурыхтә ҭҵаамҭатә усумҭақәеи рыла. Иудаҳныҳәалоит уиубилеи, иагьузеиӷьаҳшьоит аԥсуа иқәра ду агәабзиара бзиа ацны!.."
Иара убасгьы араҟа икьыԥхьуп апоет иажәеинраалақәеи иеиҭагамҭақәеи. Абраҟа иааҳгоит даара ҟазарыла иҩу апоет иажәеинраалақәа руак:
Анцәа иан илызку аныҳәаԥхьыӡ
Анацәа ран, быхьӡырҳәагоуп,
Сымҩа бшьапаҵахь инагоуп,
Сбашьапкуеит, срыцҳашь сара.
Сакәыхшоуп, Анан, бшьаргәыҵа,
Зԥазаҵә аџьараҿ дынкыдҵан,
Аӡӷабреи аԥҳәысреи еицызбаз,
Зҭыԥҳара еицамкыз Анԥсҳа,
Брықәныҳәа ҳҿар еиҵагылаз,
Рыхдырреи рылшеи иазырҳа.
Бырхылаԥш ақәыԥшцәа игароу,
Ҳанарха, ҳгәыӷрақәа рԥеиԥш.
Ибхалашо, Анан, мшаҽнеиԥш.
Бныҳәаԥхьыӡ сабылуа сгылоуп,
Тәымџьара дгәаҟуеит сашьа.
Зыдгьыл, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу,
Зыԥсадгьыл, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу,
Аҵхлашә мрахәаган иагәылгоу,
Бныҳәагатә ныҟәызго бҳаигӡа,
Ҳаԥхыӡгьы ҳаргамагьы ҽеиӡам,
Кыр бымчуп, Анԥсҳа, ҳаиқәырха.
Сынтәа еицырдыруа ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Абри арыцхә аҳаҭыразы ажурнал ианылеит ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәа иаарылукааша "Аԥсҭазаара уаналхәдам".
Анатоли Аџьынџьал диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкны
Еицырдыруа аԥсуа поет Анатоли Аџьынџьал сынтәа диижьҭеи 95 шықәса аҵра азгәаҭара иазкуп ажурнал иану ашәҟәыҩҩы иажәабжь кьаҿқәа. Уи апрозагьы апоезиагьы еиԥшны ицааиуан, даара агьама ҵаула змаз, данцәырҵ нахыс иаразнак аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз шәҟәыҩҩуп. Абраҟа иааҳгоит автор иажәабжьқәа ажурнал иану рҟынтәи шәагаала икьаҿӡоу руак:
Чықмыжә аԥсуа маҭәала иҽанеилеиҳәалакь узлаимаҭәахәыз, Сасрыҟәа дубагьы иара дубагьы. "Абааԥс, иуулак ҽык аахә, Сасрыҟәа ихаҭа уакәхоит", – рҳәон ауаа. "Сасрыҟәеи сареи ҳазлеиԥшымзеи"? – игәахәлон иаргьы.
Ҽыкгьы ааихәеит Чықмыжә. Ҽнак дақәтәаны ҽырхәмаррак аҟны дынкылсит.
"Амҩа ишәҭ, амҩа"? – рыбжьы аадыргеит аҿар. Иаргьы рнапҟьамҭазы "чоу!" иҳәан, иҽы анҩыҵирҟьа, иара уаҟаҵәҟьа дахҟьан дкаҳаит.
"Ҳаи, Сасрыҟәа дкаҳаит, жәбо!" – ажәлар рыбжьқәа надырган, инеины даашьҭырхит.
Чықмыжә ишьапы даннықәгыла абас даацәажәеит: "Сасрыҟәеи сареи ҳазлеиԥшымзеи ҳәа сыҟахын, шьҭа издырит..."
"Ыы, шәызлеиԥшымзеи, нас?" – инаиазҵааит.
"Ҳазлеиԥшым уи ауп, Сасрыҟәа иҭаххар, иҽы ҵәҩанҵәыҟа иршәуан, сара сакәзар, сҽы иаҭаххар, адгьыл ахь саршәуеит!"
Апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа лгәалашәаразы
Сынтәа 60 шықәса ҵит апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа диижьҭеи. Ажурналаҿ еиҭакьыԥхьуп арҿиаҩы лажәеинраалақәа, илызку агәалашәарақәа, лыҿцәажәара. Араҟа иуԥылоит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа апоет-аибашьҩы данҭаха ашьҭахь ииҩыз игәалашәареи, уи лҩыза гәакьа Алина Ачԥҳа лара илзылкыз ланҵамҭақәеи. Абраҟа иааҳгоит Алықьса Гогәуа истатиа ахәҭак:
"Ҳлитература, хыла ҳпоезиаҿы, ҳаибашьра иалагаанӡатәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа зегьы ирылԥшуеит Саида Делԥҳа лҭынха. Уи ҳаихьӡарақәа зегьы ирхуп. Дызусҭазаалакгьы аӡәгьы игәы иаанамгааит, ус дызрылкаау лҭахашьа, лфырԥҳәызбара азоуп ҳәа. Апоезиа, иҿыцӡоу апоезиа цқьа здыруа ус игәгьы иаанагом; уи лырҿиамҭа убас иҟаҵәҟьоуп аҽакы иузадымкыло. Лара лцәаҩала, лбаҩхатәрала, еснагь иаадыруа ашәҟәқәа рыдагь аҽа шәҟәқәак шыҟоу лцәа иалашәон. Уи иагьылԥшааит ус иҟаз ашәҟәы, иагьаалыртит, иаабац, акыр ҳзырааԥсахьоу ракәымкәа, аҽа ритмқәак, аҽа фҩы-хаақәак, аҽа ԥшшәқәак ахьыҟаз, аҽа хьаақәак, аҽа гәҭыхақәак, аҽа раҳаҭрак, иҵкәам ахақәиҭра, аҽа шәага-загак ала зҽызшәо аԥсҭазаара ахьыҟоу апоезиа атәыла.
Ари иаҳәоит, уи аҧҳәызба қәрахьымӡа, ажәытә аепос дуқәа рҿы зашәа рҳәоз иреиԥшҵәҟьаз, абаҩхатәра ҷыда анцәа ишлылаиҵаз, иара убри ишациҵаз лпоезиатә бла алашара, агени ицәаҩақәа зҭаауаз аӡәы шлакәыз.
Уи иаалыртыз атәылаҿы апоезиеи аҳауеи реилаӡҩа убасҟак иџьбароуп, апоет ишиҳәазеиԥш, ацәаҳәақәа ашьеиԥш ухәда иҭачны уԥсы ухырхыр алшоит. Ахы акәӡам лара дызгазгьы, убарҭ лцәаҳәақәа роуп, лфырԥҳәысра ԥсыс иахазгьы дара роуп."
Владислав Арӡынба игәалашәаразы
Жәлар рԥыза, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи сынтәа 80 шықәса аҵра аҳаҭыр азы, ажурнал аҿы икьыԥхьуп апоет Рауль Лашәриа аԥсшәахь иеиҭеигахьаз – "Кавказтәи арегион ареспубликақәа рнапхгаҩцәа Москватәи реиԥылара" астенограмма. Уи иахьа ҳаԥхьаҩцәа ирдыруазароуп, иҭоурыхуп, еиҳаракгьы уаҵәы игылараны иҟоу ҳҿар хымԥада иаԥхьахьазароуп, дара ирыцәтәымымзароуп рыжәлар ирхыргаз ахьаа. Иуҳәар ауеит, абасеиԥш иҟоу аҭоурыхтә нҵамҭақәа ҳжурнал аҩаӡара даара ишьҭырхуеит ҳәа.
Ажурнал "Алашара" 4-тәи аномер рырҿиамҭақәа анылеит иааиԥмырҟьаӡакәа зкьыԥхьымҭақәа ҳадызгало ҳавторцәа: Руслан Қапба, Владимир Занҭариа, Валентин Кәаӷәаниа, Иван Миқаиа, Анатоли Лагәлаа, Аполлон Думаа, Сергеи Агындиа, Инна Ҳаџьымԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Валери Кәарҷиа, Инал Гыцба.
Иара убасгьы, ажурнал иануп Џьырхәа ақыҭа иатәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Афырхаҵа Рома Цәеиба изку Дырмит Габалиа иочерк.
Ажурналаҿ иуԥылоит сынтәа аҵыхәтәантәи амзақәа рзы "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭа" иҭнажьыз ашәҟә ҿыцқәа рыхҳәаақәа.
Ажурнал "Алашара" 4-тәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рахь инеираны иҟоуп.