https://sputnik-abkhazia.info/20250919/1057662913.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
2005 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҩ-республикак рыжәларқәа рхьыԥшымра аизырҳареи рхатәы ҳәынҭқарра... 19.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-19T18:01+0300
2025-09-19T18:01+0300
2025-09-19T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/13/1057662747_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_920785ac7f828b3a7e925dd4d0419833.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
2005 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҩ-республикак рыжәларқәа рхьыԥшымра аизырҳареи рхатәы ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи рзы рыгәаӷьра аанарԥшит ҳәа арадио Sputnik Южная Осетия иазеиҭеиҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба. Иара иажәақәа рыла, усҟантәи аамҭазы атәылақәа Урыстәыла аҟынтәи рхьыԥшымра азхаҵара рымамызт, насгьы Қырҭтәыла аполитикатә напхгареи дареи реизыҟазаашьақәа еибарххан, ақәыӷәӷәара ӷәӷәа рыман. "Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыбжьара еицымҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа иаадырԥшит ианаҭаху аҳәынҭқарра ашьақәгылара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аицхыраара хымԥадатәины ишыҟоу", — азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизара аҟынтәи аделегациа Волгоград имҩаԥысуаз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа иалахәын. Адепутатцәа Мамаев Курган иҟоу аҭоурыхтә мемориалтә комплекс "Сталинградтәи аибашьра афырхацәа" аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа иҭагӡаны апрофильтә еилакқәеи АУПА акомиссиеи реилатәарақәа мҩаԥысит, уаҟа ирылацәажәеит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа, урҭ рзы абжьгарақәа Ассоциациа Ахеилак ахь инарышьҭит.
Аԥсны аенергетика аминистрраҿы афымцамч ахәԥса аизгара атәы иалацәажәеит. Араионқәа рфмцаҭиратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҳасабырбақәа ҟарҵеит, иара убасгьы амза нҵәаанӡа аизгаразы аплантә рбагақәа рыладырҵәеит, абри атәы аанацҳауеит Аенергетика аминистрра. Аилатәараҿы реиҳа излацәажәаз зҵаароуп — ауалқәа реизгара иаԥырхагоу азҵаарақәа.
Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Ҳԥыза" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы. Аекспозициа еиднакылоит 240 фотоҭыхымҭа, урҭ реиҳарак раԥхьаӡакәны ицәыргоуп. Афотосахьақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Арӡынба Тҟәарчал данаҭааз, Ҭырқәтәыла даныҟаз, иара убас ихәыҷра шықәсазтәи афотоқәа. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, амузеи архив аҟны еидкылоуп 500 инареиҳаны фотосахьа, дара зегьы хәҭа-хәҭала ицәыргахоит.
2005 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҩ-республикак рыжәларқәа рхьыԥшымра аизырҳареи рхатәы ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи рзы рыгәаӷьра аанарԥшит ҳәа арадио Sputnik Южная Осетия иазеиҭеиҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба. Иара иажәақәа рыла, усҟантәи аамҭазы атәылақәа Урыстәыла аҟынтәи рхьыԥшымра азхаҵара рымамызт, насгьы Қырҭтәыла аполитикатә напхгареи дареи реизыҟазаашьақәа еибарххан, ақәыӷәӷәара ӷәӷәа рыман. "Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыбжьара еицымҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа иаадырԥшит ианаҭаху аҳәынҭқарра ашьақәгылара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аицхыраара хымԥадатәины ишыҟоу", — азгәеиҭеит иара.Аԥсны Жәлар Реизара аҟынтәи аделегациа Волгоград имҩаԥысуаз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа иалахәын. Адепутатцәа Мамаев Курган иҟоу аҭоурыхтә мемориалтә комплекс "Сталинградтәи аибашьра афырхацәа" аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа иҭагӡаны апрофильтә еилакқәеи АУПА акомиссиеи реилатәарақәа мҩаԥысит, уаҟа ирылацәажәеит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа, урҭ рзы абжьгарақәа Ассоциациа Ахеилак ахь инарышьҭит.Аԥсны аенергетика аминистрраҿы афымцамч ахәԥса аизгара атәы иалацәажәеит. Араионқәа рфмцаҭиратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҳасабырбақәа ҟарҵеит, иара убасгьы амза нҵәаанӡа аизгаразы аплантә рбагақәа рыладырҵәеит, абри атәы аанацҳауеит Аенергетика аминистрра. Аилатәараҿы реиҳа излацәажәаз зҵаароуп — ауалқәа реизгара иаԥырхагоу азҵаарақәа. Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Ҳԥыза" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы. Аекспозициа еиднакылоит 240 фотоҭыхымҭа, урҭ реиҳарак раԥхьаӡакәны ицәыргоуп. Афотосахьақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Арӡынба Тҟәарчал данаҭааз, Ҭырқәтәыла даныҟаз, иара убас ихәыҷра шықәсазтәи афотоқәа. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, амузеи архив аҟны еидкылоуп 500 инареиҳаны фотосахьа, дара зегьы хәҭа-хәҭала ицәыргахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/13/1057662747_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9f0566ea7c9fa62944b8bcd1eff45c86.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио