Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа иалахәын

© Foto
 / Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аҟынтәи аделегациа Волгоград имҩаԥысуаз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа иалахәын.
Адепутатцәа Мамаев Курган иҟоу аҭоурыхтә мемориалтә комплекс "Сталинградтәи аибашьра афырхацәа" аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.  
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа иҭагӡаны апрофильтә еилакқәеи АУПА акомиссиеи реилатәарақәа мҩаԥысит, уаҟа ирылацәажәеит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа, урҭ рзы абжьгарақәа Ассоциациа Ахеилак ахь инарышьҭит.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа иҭагӡаны апрофильтә еилакқәеи АУПА акомиссиеи реилатәарақәа мҩаԥысит, уаҟа ирылацәажәеит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа, урҭ рзы абжьгарақәа Ассоциациа Ахеилак ахь инарышьҭит.
