https://sputnik-abkhazia.info/20250922/agabziara-amarshruta--diaskyraa-ryma-magakhoit-tsybbramza-27-rzy-1057726773.html
"Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит Аҟәа
"Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аспорттә усмҩаԥгатә "Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа. 22.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-22T19:57+0300
2025-09-22T19:57+0300
2025-09-23T17:04+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0c/1037118251_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1dd6e2d22df73c9c0af7805716d27415.jpg
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аспорттә усмҩаԥгатә "Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа.Аҩра хықәкы хадас иамоу — агәабзиара-зҩыдатә ԥсҭазаареи, аспорти, иара убасгьы аҳҭнықалақь агәабзиареи активла аԥсшьареи рзы иҟоу ҭыԥны ахьӡ аларҵәареи роуп. Алахәылацәа рзы аҽҭаҩра ашьыжь, асааҭ 8:00 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы иалагоит, иҵҟьоит — асааҭ 9:00 рзы. Иара убас, аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны астанциа "Гәыма" аҿы екологиала ицқьо, хра злоу аалыҵқәа рцәыргақәҵеи, абиологиеи ахимиеи рзы аҟазара-классқәа, агәабзиара ахьчареи ииашаны акрыфареи ирызку алекциақәа ирыԥхьоит. Апроект нагӡахоит Аԥсны ахада Иусбарҭа ацхыраарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0c/1037118251_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_a6498c2d9318e4744656c20591752ba6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
"Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит Аҟәа
19:57 22.09.2025 (ирҿыцуп: 17:04 23.09.2025) АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аспорттә усмҩаԥгатә "Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала" мҩаԥгахоит цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналист, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иреиуоу Сариа Дбарԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, 10 километрак иҟоу, акреативтә уснагӡатәқәеи аҵаҳәарақәеи рыла ишьақәыргылоу амаршрут — Аҟәа агәы инаркны аԥшаҳәаҟынӡа инаӡоит.
Аҩра хықәкы хадас иамоу — агәабзиара-зҩыдатә ԥсҭазаареи, аспорти, иара убасгьы аҳҭнықалақь агәабзиареи активла аԥсшьареи рзы иҟоу ҭыԥны ахьӡ аларҵәареи роуп.
Алахәылацәа рзы
аҽҭаҩра ашьыжь, асааҭ 8:00 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы иалагоит, иҵҟьоит — асааҭ 9:00 рзы.
Иара убас, аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны астанциа "Гәыма" аҿы екологиала ицқьо, хра злоу аалыҵқәа рцәыргақәҵеи, абиологиеи ахимиеи рзы аҟазара-классқәа, агәабзиара ахьчареи ииашаны акрыфареи ирызку алекциақәа ирыԥхьоит.
Апроект нагӡахоит Аԥсны ахада Иусбарҭа ацхыраарала.