https://sputnik-abkhazia.info/20250922/aiaairei-akhyshymrei-amshi-aa-akhaitra-amshi-ryzgaarazy-aazyaaraa-irylatsazheit-1057721508.html
Аиааиреи Ахьыԥшымреи амши Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
Аиааиреи Ахьыԥшымреи амши Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. 22.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-22T17:52+0300
2025-09-22T17:52+0300
2025-09-22T17:52+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/16/1057721056_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_e60cd61234a571317e6f27c9dd4322db.jpg
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы.Цәыббра 30 рзы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, арратә маҵзурауаа злахәу аныҳәатә мҩанысреи арратә техника апаради мҩаԥысуеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Иара убас, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла еиҭашьақәыргылоу ацәыргақәҵатә зал аартреи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы рымҩаԥгареи азгәаҭоуп. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ақалақь ахақәиҭтәра Амш азгәаҭаразы иҷыдоу апрограмма шырхиоу азы адырра ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба аныҳәақәа реиҿкааразы аусбарҭақәа зегьы русура аишьаршәалара азиуразы анапынҵа ииҭеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/16/1057721056_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_408889fd499265d6e27df03e2a8a60b4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аиааиреи Ахьыԥшымреи амши Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы.
Цәыббра 30 рзы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, арратә маҵзурауаа злахәу аныҳәатә мҩанысреи арратә техника апаради мҩаԥысуеит, абри атәы
аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Иара убас, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла еиҭашьақәыргылоу ацәыргақәҵатә зал аартреи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы рымҩаԥгареи азгәаҭоуп.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ақалақь ахақәиҭтәра Амш азгәаҭаразы иҷыдоу апрограмма шырхиоу азы адырра ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба аныҳәақәа реиҿкааразы аусбарҭақәа зегьы русура аишьаршәалара азиуразы анапынҵа ииҭеит.