https://sputnik-abkhazia.info/20250924/asni-aakhy-uastylei-iryou-amashynanytsarat-azinsha-amch-rtsyyr-alshoit-1057775013.html
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо урыстәылауаа ирыҭоу аҭыԥантәи амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит 2026 шықәса мшаԥы 1... 24.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-24T17:10+0300
2025-09-24T17:10+0300
2025-09-24T18:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102480/22/1024802294_0:171:3035:1878_1920x0_80_0_0_00d5b03ff4c274fa835e280ed1b026b4.jpg
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо урыстәылауаа ирыҭоу аҭыԥантәи амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит 2026 шықәса мшаԥы 1 инаркны ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иазнархиаз азакәан апроект. Аԥсны инхо, Аԥсны атәылауаҩра змоу Урыстәыла атәылауаа ирмариоу апроцедурала аныҟәцаратә зинбӷьыц аиура рылшоит. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин 2025 шықәса мшаԥымзазы абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Аусԥҟа аҿҳәара нҵәоит 2026 шықәса мшаԥымза 1 азы. Зыҿҳәара мцац Аԥснытәи амашьынаныҟәцаратә зинбӷьыцқәа Урыстәыла амчра рымоуп ҳәа иԥхьаӡахоит азакәан ахь аԥсахрақәа алагалахаанӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102480/22/1024802294_153:0:2884:2048_1920x0_80_0_0_01ea6b181443ad0e22769534843e8fc0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит
17:10 24.09.2025 (ирҿыцуп: 18:41 24.09.2025) АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо урыстәылауаа ирыҭоу аҭыԥантәи амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа амч рцәыӡыр алшоит 2026 шықәса мшаԥы 1 инаркны ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иазнархиаз азакәан апроект.
"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азинмчы змоу аусбарҭақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, мамзаргьы Урыстәылатәи Афедерациаҿы анхаразы азин змоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа ирыҭаз амашьынаныҟәцаратә азиншәҟәқәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы атранспорт хархәагақәа рырныҟәгаразы азинмч рымам ҳәа иԥхьаӡахар ҟалоит 2026 шықәса мшаԥы 1 инаркны", — ҳәа азгәанаҭоит апроект.
Аԥсны инхо, Аԥсны атәылауаҩра змоу Урыстәыла атәылауаа ирмариоу апроцедурала аныҟәцаратә зинбӷьыц аиура рылшоит. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин 2025 шықәса мшаԥымзазы абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Аусԥҟа аҿҳәара нҵәоит 2026 шықәса мшаԥымза 1 азы. Зыҿҳәара мцац Аԥснытәи амашьынаныҟәцаратә зинбӷьыцқәа Урыстәыла амчра рымоуп ҳәа иԥхьаӡахоит азакәан ахь аԥсахрақәа алагалахаанӡа.