https://sputnik-abkhazia.info/20250925/gynba-ada-aieit-arrat-gya-mragylara-mraashara-azyaaraa-iryladyrkhyrts--1057802778.html
Гәынба адҵа ҟаиҵеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара", "Мраҭашәара" азыҟаҵарақәа ирыладырхәырц
Гәынба адҵа ҟаиҵеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара", "Мраҭашәара" азыҟаҵарақәа ирыладырхәырц
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Бадра Гәынба ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит, урҭ рхы рыладырхәуеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара"... 25.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-25T17:00+0300
2025-09-25T17:00+0300
2025-09-25T20:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/19/1057795592_0:66:1280:786_1920x0_80_0_0_b4e0e44520e548e653bc051d76299b46.jpg
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Бадра Гәынба ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит, урҭ рхы рыладырхәуеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара", "Мраҭашәара" ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа. Азыҟаҵарақәа ишьақәырӷәӷәоу ауснагӡа инақәыршәаны имҩаԥгахоит. Урҭ рымҩаԥгара иадԥхьалахоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, ашәарҭадаратә усбарҭақәа, аҵакырахьчаратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи анапхгараҭарақәа зегьы.Адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны: Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ашәарҭадара, аграждантә усбарҭақәа рымадара, атәылауаи аинфраструктуреи ааха рыҭара алмыршара. Азыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи рылҵшәақәеи рзы аҳасабырба 2025 шықәса абҵарамза 10 рзы имҩаԥысран иҟоу Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы арыдгалареи азгәаҭоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250925/gynbei-atylakhchara-aministrra-anapkhgarei-aoperativ-taktikat-zyaaraa-irylatsazheit-1057797349.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/19/1057795592_72:0:1208:852_1920x0_80_0_0_340192490f80734a03b750af007085dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Гәынба адҵа ҟаиҵеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара", "Мраҭашәара" азыҟаҵарақәа ирыладырхәырц
17:00 25.09.2025 (ирҿыцуп: 20:16 25.09.2025) АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Бадра Гәынба ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит, урҭ рхы рыладырхәуеит арратә гәыԥқәа "Мрагылара", "Мраҭашәара" ҳәа
аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа.
Азыҟаҵарақәа ишьақәырӷәӷәоу ауснагӡа инақәыршәаны имҩаԥгахоит. Урҭ рымҩаԥгара иадԥхьалахоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, ашәарҭадаратә усбарҭақәа, аҵакырахьчаратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи анапхгараҭарақәа зегьы.
Аԥыза-министр амобилизациатә хиареи аҵакырахьчареи рзы аусура аиҿкаараз анапынҵа иҭоуп.
Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи – ар разыҟаҵарақәа рыцҵара, аҵакырахьчаратә мчқәеи ахархәагақәеи мҽхакыҭбаала рхархәара, ахысырҭатә дәқәа рҿы апрактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара.
Амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа – хаҭала аҽазыҟаҵарақәа рхалархәра, рнапаҵаҟа иҟоу рҵара аиҿкаара.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ашәарҭадара, аграждантә усбарҭақәа рымадара, атәылауаи аинфраструктуреи ааха рыҭара алмыршара.
Азыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи рылҵшәақәеи рзы аҳасабырба 2025 шықәса абҵарамза 10 рзы имҩаԥысран иҟоу Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы арыдгалареи азгәаҭоуп.