https://sputnik-abkhazia.info/20251010/agybylra-du-ztsyz-aibabara-asni-nkhy-kavkazi-ryshytsa-reiylara-iazkny-1058179041.html
Агәыбылра ду зцыз аибабара: Аԥсни Даӷьсҭани рышәҟәыҩҩцәа реиԥылара иазкны
Агәыбылра ду зцыз аибабара: Аԥсни Даӷьсҭани рышәҟәыҩҩцәа реиԥылара иазкны
Sputnik Аҧсны
Уаҵәы иӡуазар сара сбызшәа, 10.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-10T17:50+0300
2025-10-10T17:50+0300
2025-10-10T17:51+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0a/1058182471_0:0:600:338_1920x0_80_0_0_c2b9ab3a66f234e85d4ef1a1c5d281b2.jpg
Уаҵәы иӡуазар сара сбызшәа,Сара иахьаҵәҟьагьы аԥсра сазыхиоуп…Расул ГамзатовАԥсуа шәҟәыҩҩцәа есымшагьы еиқәырханы ирымоуп нхыҵи-аахыҵи ирыҵаркуа ашәҟәыҩҩцәеи дареи реимадарақәа, рфорумқәа. Ари атрадициа ахы акит ҳашәҟәыҩҩцәа еиҳабацәа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ианахагылаз ашықәсқәа иаадыркны, иахьа уажәраанӡагьы еимдо иааргоит. Даара ҳаҭыр ақәҵан иаҳгәалаҳаршәалароуп уи аус аҿы аџьабаа дуӡӡа шырбаз нхыҵи-аахыҵи алитературатә хьтәы цҳақәа ҳазхызҵаз , апоет-аҵарауаҩ Владимир Анқәаби апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиеи. Абарҭ аҩыџьагьы ирыбзоуроу алкааны есымша иҳәалатәуп нхыҵ-кавказааи ҳареи ҳашәҟәыҩҩцәа реимадарақәа, реиҭанеиааирақәа рҿы.Иуҳәар ҳақуп, убарҭ акәицқәа роуп изхылҵыз иахьа ҳаамҭазтәи Нхыҵ-Кавказааи ҳареи ҳашәҟәыҩҩцәа реиқәшәарақәа, гәыблыла реиԥыларақәа ҳәа. Ааигәа, даара ибзианы Аԥсны имҩаԥысит алитературатә Фестиваль "Риҵа арифмақәа", убри инашьҭарххны Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит адаӷьсҭан поет, аҵарауаҩ Миасат Муслимовеи, Даӷьсҭан зҽаԥсазтәыз Жәлар рартист Лариса Гаджиевеи рԥылара.Абри аҩыза аиԥылара бзиа еиҿикааит аҟазара ду злоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы, апоет-академик Владимир Занҭариа.Ари аиԥыларахь иааԥхьан ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа, ҳаинтеллигенциа: Даур Наҷҟьебиа, Гунда Сақаниаԥҳа, Нугзар Логәуа, Нодар Ҷанба, Уасил Аҩӡба, Ҭали Џьапуаԥҳа, Валентин Кәаӷәаниа, Енвер Ажьиба, Сергеи Агындиа, Ахра Анқәаб, Артавазд Сарециан уҳәа убас ирацәаҩны.Аиԥылара ааиртит иагьымҩаԥигон апоет-академик Владимир Занҭариа. Уи инарҭбааны далацәажәеит апоет-аҵарауаҩ Миасат Муслимова лырҿиара, лнаукатә ҭҵаамҭақәа, леиҭагамҭақәа, иара убасгьы лара дызхагылоу жәашықәса раахыс даараӡа қәҿиарала аус зухьоу аиҿкаара "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб".Владимир иажәа ахыркәшамҭаз дрыԥхьеит ааигәа аԥсшәахь иеиҭеигаз апоет лажәеинраалақәа. Азыӡыҩрцәа урҭ даара гәыкала ианрыдыркыла ашьҭахь, ажәа лиҭеит ҳасас дахь Миасат Муслимова. Уи инарҭбаан далацәажәеит Даӷьсҭани Аԥсни жәытә аахыс рҭоурыхтәи рлитературатәи еимадарақәа, иазгәалҭеит Расул Гамзатови Баграт Шьынқәбеи реиҩызара ду, дазааҭгылеит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа есымша аинтерес ду шрыҵоу даӷьсҭантәи аԥхьаҩцәа рзы.Иара убасгьы, даара гәахәарас иҟаҵаны аиԥылараҿы итәаз зегьы ирылалҳәеит "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб" ишаларҵахьоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, насгьы ари аиҿкаарахь ирыдыркылараны ишыҟоу Даур Наҷҟьебиеи Вахтанг Аԥҳазоуи.Гәахәара дууп ҳәа иазгәалҭеит лара ажурнал "Даӷьсҭан" иахьаныло иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еиҭаганы, иара убасгьы Аԥсны иҭыҵуа ажурналқәагьы даӷьсҭантәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ахьырныло.Доуҳала еизааигәоу арҭ аҩреспубликак хымԥада наҟ-наҟгьы акультуратәи алитературатәи еимадарақәа ирыцырҵалароуп. Убри аҩыза ахықәкы акәын ирымаз ҳаклассикцәа дуқәа Д. Гәылиеи Г. Цадасеи раԥхьаӡатәи рырҿиамҭақәа ҳаиашьаратә жәларқәа рбызшәақәа рахь ианеиҭаргоз.Муслимова дазааҭгылеит "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб" ишалоу Нхыҵ Кавказ иқәынхо амилаҭқәа зегьы иналукааша рышәҟәыҩҩцәа, рпоетцәа, рлитератураҭҵааҩцәа. Иара убасгьы гәахәарыла иазгәалҭеит урҭ хышықәса рахьтә знык иҭрыжьуа "Антологиа" "Ашәҭқәеи ахаҳәқәеи" сынтәа ахԥатәи аҭыжьымҭа ишалоу гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәеи ражәабжьқәеи. Урҭ иреиуоп: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа.Ари аиԥылараҿы лашәа ссирқәа налыгӡеит Лариса Гаџьиева, Даӷьсҭантәи Жәлар рартист, алак ҟазара ахаҭарнак.Иара убраҵәҟьа , абри агәырӷьаратә еиԥылараҿы аҳаҭыртә ҳамҭақәа ранашьан Уасил Аҩӡбеи Енвер Ажьибеи.Миасаҭ Муслимова ари аиԥылара ссир аҿы ирылалҳәеит наҟ-наҟгьы ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа инарыгӡоз рмиссиа ишацҵахо, Даӷьсҭанҟа ишналԥхьо ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳинтеллигенциеи ргәыԥ ду.Абраҟа ҳаԥхьаҩцәа гәахәарыла ирыдызгалоит аиԥылараҿы сзыԥхьаз Миасаҭ Муслимова лажәеинраалақәа руак:Ари матанеираӡамРаԥхьа уара иусҭеит сдунеи, сара зынӡа сахьыҟамыз,Схаҭа амшынаҿ саанхеит, сыԥхыӡ ԥҽыхақәа сыҟәшәаларц…Аха сылабжыш ҵаақәа иубон раха шсымамыз,Иааҟәымҵӡакәа исыҳәон, ма ԥхыӡла сырбаларц…Нас сыбзиабара рысҭеит мчыла исцәыргаанӡа,Уара ухьӡгьы амшын иахысҵеит, есымша абжьы саҳаларц.Аха ацәқәырԥақәа сышьҭырԥааит ҭыԥкаҿ сҽааныскылаанӡа,Урҭ ирҭахын амҵәыжәҩа сымазаргьы, исымҟьаларц…Аха нас, ахаан исхамышҭырц, урҭ ирысҭеит амшынгьы,Аџьыкхыш ԥшьаала, сгәалашәара аԥҽыхаҿ аҽаӡеит…Аӡыша сааигәа имааирц, исгәаламшәарц ахаангьы,Ажәеинраала сзааит, наҟ исԥырҵны имцаӡеит…Уажәшьҭа уи зынӡакгьы ҵәахышьа шсымам агәра згеит…
https://sputnik-abkhazia.info/20251007/ari-khty-tsaup-afestival-ria-arifmaa-shymaysyz-1058104766.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220911/aiasha-lgybylra-sashaait-aabarda-poet-zarina-anya-ilyzkny-1041331102.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0a/1058182471_75:0:526:338_1920x0_80_0_0_176e59f6f21f0b178aa962e0d4b960a5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Уаҵәы иӡуазар сара сбызшәа,
Сара иахьаҵәҟьагьы аԥсра сазыхиоуп…
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа есымшагьы еиқәырханы ирымоуп нхыҵи-аахыҵи ирыҵаркуа ашәҟәыҩҩцәеи дареи реимадарақәа, рфорумқәа. Ари атрадициа ахы акит ҳашәҟәыҩҩцәа еиҳабацәа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ианахагылаз ашықәсқәа иаадыркны, иахьа уажәраанӡагьы еимдо иааргоит. Даара ҳаҭыр ақәҵан иаҳгәалаҳаршәалароуп уи аус аҿы аџьабаа дуӡӡа шырбаз нхыҵи-аахыҵи алитературатә хьтәы цҳақәа ҳазхызҵаз , апоет-аҵарауаҩ Владимир Анқәаби апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиеи. Абарҭ аҩыџьагьы ирыбзоуроу алкааны есымша иҳәалатәуп нхыҵ-кавказааи ҳареи ҳашәҟәыҩҩцәа реимадарақәа, реиҭанеиааирақәа рҿы.
Иуҳәар ҳақуп, убарҭ акәицқәа роуп изхылҵыз иахьа ҳаамҭазтәи Нхыҵ-Кавказааи ҳареи ҳашәҟәыҩҩцәа реиқәшәарақәа, гәыблыла реиԥыларақәа ҳәа. Ааигәа, даара ибзианы Аԥсны имҩаԥысит алитературатә Фестиваль "Риҵа арифмақәа", убри инашьҭарххны Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит адаӷьсҭан поет, аҵарауаҩ Миасат Муслимовеи, Даӷьсҭан зҽаԥсазтәыз Жәлар рартист Лариса Гаджиевеи рԥылара.
Абри аҩыза аиԥылара бзиа еиҿикааит аҟазара ду злоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы, апоет-академик Владимир Занҭариа.
Ари аиԥыларахь иааԥхьан ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа, ҳаинтеллигенциа: Даур Наҷҟьебиа, Гунда Сақаниаԥҳа, Нугзар Логәуа, Нодар Ҷанба, Уасил Аҩӡба, Ҭали Џьапуаԥҳа, Валентин Кәаӷәаниа, Енвер Ажьиба, Сергеи Агындиа, Ахра Анқәаб, Артавазд Сарециан уҳәа убас ирацәаҩны.

Встреча абхазских и северокавказских писателей

Встреча абхазских и северокавказских писателей

Встреча абхазских и северокавказских писателей

Встреча абхазских и северокавказских писателей

Встреча абхазских и северокавказских писателей
Встреча абхазских и северокавказских писателей
Встреча абхазских и северокавказских писателей
Встреча абхазских и северокавказских писателей
Встреча абхазских и северокавказских писателей
Встреча абхазских и северокавказских писателей
Аиԥылара ааиртит иагьымҩаԥигон апоет-академик Владимир Занҭариа. Уи инарҭбааны далацәажәеит апоет-аҵарауаҩ Миасат Муслимова лырҿиара, лнаукатә ҭҵаамҭақәа, леиҭагамҭақәа, иара убасгьы лара дызхагылоу жәашықәса раахыс даараӡа қәҿиарала аус зухьоу аиҿкаара "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб".
Владимир иажәа ахыркәшамҭаз дрыԥхьеит ааигәа аԥсшәахь иеиҭеигаз апоет лажәеинраалақәа. Азыӡыҩрцәа урҭ даара гәыкала ианрыдыркыла ашьҭахь, ажәа лиҭеит ҳасас дахь Миасат Муслимова. Уи инарҭбаан далацәажәеит Даӷьсҭани Аԥсни жәытә аахыс рҭоурыхтәи рлитературатәи еимадарақәа, иазгәалҭеит Расул Гамзатови Баграт Шьынқәбеи реиҩызара ду, дазааҭгылеит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа есымша аинтерес ду шрыҵоу даӷьсҭантәи аԥхьаҩцәа рзы.
Иара убасгьы, даара гәахәарас иҟаҵаны аиԥылараҿы итәаз зегьы ирылалҳәеит "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб" ишаларҵахьоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, насгьы ари аиҿкаарахь ирыдыркылараны ишыҟоу Даур Наҷҟьебиеи Вахтанг Аԥҳазоуи.
Гәахәара дууп ҳәа иазгәалҭеит лара ажурнал "Даӷьсҭан" иахьаныло иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еиҭаганы, иара убасгьы Аԥсны иҭыҵуа ажурналқәагьы даӷьсҭантәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ахьырныло.
Доуҳала еизааигәоу арҭ аҩреспубликак хымԥада наҟ-наҟгьы акультуратәи алитературатәи еимадарақәа ирыцырҵалароуп. Убри аҩыза ахықәкы акәын ирымаз ҳаклассикцәа дуқәа Д. Гәылиеи Г. Цадасеи раԥхьаӡатәи рырҿиамҭақәа ҳаиашьаратә жәларқәа рбызшәақәа рахь ианеиҭаргоз.
Муслимова дазааҭгылеит "Кавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рклуб" ишалоу Нхыҵ Кавказ иқәынхо амилаҭқәа зегьы иналукааша рышәҟәыҩҩцәа, рпоетцәа, рлитератураҭҵааҩцәа. Иара убасгьы гәахәарыла иазгәалҭеит урҭ хышықәса рахьтә знык иҭрыжьуа "Антологиа" "Ашәҭқәеи ахаҳәқәеи" сынтәа ахԥатәи аҭыжьымҭа ишалоу гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәеи ражәабжьқәеи. Урҭ иреиуоп: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа.
Ари аиԥылараҿы лашәа ссирқәа налыгӡеит Лариса Гаџьиева, Даӷьсҭантәи Жәлар рартист, алак ҟазара ахаҭарнак.
Иара убраҵәҟьа , абри агәырӷьаратә еиԥылараҿы аҳаҭыртә ҳамҭақәа ранашьан Уасил Аҩӡбеи Енвер Ажьибеи.
Миасаҭ Муслимова ари аиԥылара ссир аҿы ирылалҳәеит наҟ-наҟгьы ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа инарыгӡоз рмиссиа ишацҵахо, Даӷьсҭанҟа ишналԥхьо ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳинтеллигенциеи ргәыԥ ду.
Абраҟа ҳаԥхьаҩцәа гәахәарыла ирыдызгалоит аиԥылараҿы сзыԥхьаз Миасаҭ Муслимова лажәеинраалақәа руак:
Раԥхьа уара иусҭеит сдунеи, сара зынӡа сахьыҟамыз,
Схаҭа амшынаҿ саанхеит, сыԥхыӡ ԥҽыхақәа сыҟәшәаларц…
Аха сылабжыш ҵаақәа иубон раха шсымамыз,
Иааҟәымҵӡакәа исыҳәон, ма ԥхыӡла сырбаларц…
Нас сыбзиабара рысҭеит мчыла исцәыргаанӡа,
Уара ухьӡгьы амшын иахысҵеит, есымша абжьы саҳаларц.
Аха ацәқәырԥақәа сышьҭырԥааит ҭыԥкаҿ сҽааныскылаанӡа,
Урҭ ирҭахын амҵәыжәҩа сымазаргьы, исымҟьаларц…
Аха нас, ахаан исхамышҭырц, урҭ ирысҭеит амшынгьы,
Аџьыкхыш ԥшьаала, сгәалашәара аԥҽыхаҿ аҽаӡеит…
Аӡыша сааигәа имааирц, исгәаламшәарц ахаангьы,
Ажәеинраала сзааит, наҟ исԥырҵны имцаӡеит…
Уажәшьҭа уи зынӡакгьы ҵәахышьа шсымам агәра згеит…