Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиаҳәшьа лгәыбылра саԥшааит!: аҟабарда поет Зарина Ҟаныҟәа илызкны

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЗарина Каныкуа
Зарина Каныкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Анапаҵаҩра
Аҟабарда поет, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ, зашьа Нургали хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьра иааз, Гагра иҭахаз, Ҟаныҟәа Зарина Саадул-иԥҳа илызкуп апоет, ажурнал Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа.
Иҟоуп аԥсҭазаараҿы убас иҟоу ауаа, змилаҭ ирзааигәоу ауаа зегьы, заншьцәа реиԥш бзиа избо, иурҭ ирыдҳәалоу аӡәы иӡбахә анараҳалак, дахьыҟазаалакгьы дрыԥшаароуп, илакҭа иҭаԥшыроуп, ихьааи игәырӷьареи ирылахәызароуп… Убас дыҟоуп ҳара ҳмилаҭ рзы аҟабарда поет, ҳаҳәшьа Зарина Ҟаныҟәа. Уи Аԥсныҟа аара, араҟа инхо лҩызцәа гәакьацәа рынарҿаԥшра лара лзы аҭакар ианаркацеиуа ҿамҩак аӡыхьшәашәа иаҩызоуп.
Ус акәын дшыҟаз лара лашьа гәакьагьы, аԥсуа-ақырҭуа еибашьра ианналага дыҭҟьаны дааит, иҩызцәа аҟабардақәа дрылагыланы деибашьит, ҳаԥсадгьыл ихы ақәиҵеит. Ус иҟоуп дара аҟабардакәа рацәаҩӡаны, араҟа аԥсуаа ҳхақәиҭразы иагьеибашьит, имаҷҩымкәа рыхқәагьы ақәырҵеит, иахьагьы Аԥсны ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа раҳар, шәымҭакгьы иаангылом, ақәыԥшӡа инаиркны зықәра ԥыҭк инеихьоу рҟынӡа, ишзахәо идәықәлоит… Уи иаанаго, ҳшьа ҿыхахьеит, ҳарҭ ҳаизааигәара, ҳаизгәыкра уажәшьҭа уаҩ дзаԥырхагахаӡом…
© Foto / из личного архива Зарины Кануковой Зарина Канукова
 Зарина Канукова - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Зарина Канукова
Аҟабарада поет Зарина Ҟаныҟәа сара лпоезиа сазааигәахеижьҭеи быжьбаҟа шықәса роуп иҵуа. Шықәсқәак роуп иҵуа Аԥсны уи лиубилеи аназгәарҭа, лышәҟәқәа анӡырырга. Сара абри аҩыза ахҭыс бзиа ыҟоуп ҳәа ансаҳа, срышьҭалеит урысшәала иҭыҵхьаз лышәҟәқәа.
Ԥыҭк сыԥшаахьан еиԥш, лареи сареи еицаҳзеиԥшыз абрантәи шьоукы илзырцҳазаап, абригь-абригь бышәҟәқәа ҽрыххыла дрышьҭоуп, изыԥшаауам, бицхраа ҳәа. Ларгьы уи рацәак ахмырҵкәа, иаауаз шьоук рыла, асалам ду рыцҵаны исзаалышьҭит лажәеинраалақәа реизгақәа ԥшьба. Саргьы амш шара ҿыц иззаатыз иеиԥш, акыр мши-ҵхи уи лышәҟәқәа сыргәылархалан сыргәылан, лажәеинраалақәа убриаҟара исзааигәахеит, исылаҵәеит, ҳаԥсуа бызшәахьы иҿыцу ԥсҭазаарак рысымҭакәа соурмыжьит!..
Ус иагьыҟасҵеит, схы-сыԥсы зегьы рыдҵаны еиҭазгеит, убриаҟара сыртәыртәит, сыргәылархалеит, соурмышьҭит. Иҟалап жәеинраалацыԥхьаӡа быжьба-ааба вариант аиҭагақәа ҟасҵазар, нас урҭ сыбжьы рдуны рыԥхьара салагон, аԥсышәала инҭкааны имцәажәоз цәаҳәак сԥыхьашәар, еиҭах исыԥсахуан, иазысыԥшаауан аҵакы иазааигәаӡаз даҽа цәаҳәак… Абас мацара, иалысхыз урҭ ажәеинраалақәеи сареи иагьа ҳаԥсқәа ҭибахызаргьы, аҵыхәтәан, ҳазааит акы, ицәажәеит ахьхьаҳәа аԥсышәала!.. Абар урҭ руак:
***
Аԥсҭазаара ыҟоуп, аха амш цеит,
Сгәалақәагьы сԥырҵит.
Иара амшгьы гәырҩак аман исымбаӡеит,
Имырхьаакәа ицәырҵит…
Аха сааҭкгьы џьара ус имыцхәым,
Ишаҭахыз еиҵнахит…
Еиқәышьшьы ауп ишымҩасуа, са исхәым,
Ҳаиԥырҵгәышьап, сҳәахит…
Сықәрагь ааиуеит, шьҭа зегь маҷк ицәгьахоит,
Мра шәахәак самырԥхозар…
Уаагыл, аԥша, сара, иаҭаххаргьы, сымшхоит,
Ухцәы сҳәалоит, иугәаԥхозар!..
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Зарина Ҟаныҟәа

Зарина Ҟаныҟәа - Sputnik Аҧсны
1/4

Зарина Ҟаныҟәа

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Зарина Ҟаныҟәа

Зарина Ҟаныҟәа - Sputnik Аҧсны
2/4

Зарина Ҟаныҟәа

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Зарина Ҟаныҟәа

Зарина Ҟаныҟәа - Sputnik Аҧсны
3/4

Зарина Ҟаныҟәа

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Зарина Ҟаныҟәа

Зарина Ҟаныҟәа - Sputnik Аҧсны
4/4

Зарина Ҟаныҟәа

1/4

Зарина Ҟаныҟәа

2/4

Зарина Ҟаныҟәа

3/4

Зарина Ҟаныҟәа

4/4

Зарина Ҟаныҟәа

Зарина лпоезиа знык уаԥхьеит ҳәа иаразнак аҽузаанартӡом, уи уеиҭазыхынҳәыроуп, уеиҭаԥхьароуп, убриаҟара ахшыҩҵакқәа ԥсаҟьаны атекст иагәылаԥсоуп, урҭ реидкылара, рааирбра мариаӡам, арахь дара убриаҟара еиқәҿырҭуеит, еизааигәаӡоушәа удырбоит, аха хшыҩҵакык узеилымкаакәа иануцәца, нас иаҵоу аҵакы зегьы уцәыӡуеит, арахәыц "уцәԥытлоит", ҿыц аԥшаара ушаҿу, зынӡа автор илҳәарц илҭахыз уаҩнагар алшоит. Аха убри аҩыза умыхьырц азы, апоет лпоезиа раԥхьа "уҽауршьцылароуп", иузааигәоутәроуп, "иуыуаутәроуп", нас ауп унапаҿы ианааиуа… Убас "исыуастәыз" даҽа жәеинраала бзиаӡакгьы абра ишәзаазгоит!..
***
Сгәырҩа сгәы ианҭало, сцәаныррақәа рыҽдырӡуеит,
Ажәҩангьы абла гәыӷра сынҭарԥшны исԥырҵуеит…
Сыда ԥсыхәа рымамшәа, хәыцрақәакгьы схаҩон,
Аха нас исԥырганы, аԥсҭҳәа ирыман иҭалон…
Сара ҭагалан саҳәаӡом, иҟасҵари шьҭа ҳәа,
Знык лашарак сынамҭац, иахьыбҭаху ига ҳәа!..
Аамҭагь са исызхьаԥшуамеи, анкьеиԥш исыхӡыӡо,
Зегь акака рынаҭоит, са сзы ацәа иҭаӡыӡоит!..
Шәымҭак снышьацәхныслар, самбаӡазшәа ихьаҳәуеит,
Аха убрагь санеиқәха, ҳазшаз, ухаҵкы, сҳәахуеит!..
Сгәы ҿкаауа узсышьҭоузеи, сыхаара ҭагалан,
Уара ахаан иуцәысымӡац, ус сара сгәы акалан!..
Есыҽны сышьҭыԥрааларц, ус мыч ҿыцқәак сԥылоит,
Аха амра анҭашәо игәасҭахьеит, схәыцрақәа ԥхьарылоит!..
Апоет бзиа есымша ҿыцк иԥшаауеит, уизааигәеитәуеит, иԥырҵра, иааныжьра уҭахымхо, ииҳәарц ииҭахыз, уара уҟынӡа иаразнак изымнеиз, ҿыц аартра уеиҭалагартә агәаҳәара уиҭоит. Зарина илымоуп убри аҩыза ацәаҳәа лашақәа, урҭ ирыҵоу аԥхарра дара рҿы унеиаанӡагьы иуныруеит, рҽугәадрыԥхоит, уахәыҭхәыҭра иалагоит, рымаӡа маҷӡак узаадыртуеит, рыхшыҩҵак хадахь амҩа уқәырҵоит, амала нас уара ухала амҩа алхшьа уақәшәароуп, лара зегь ҟаҟаны иулҭаӡом, уара ухала "иурсашагьы" узаанлыжьуеит… Убри аилкаашьа уанақәшәа, ма уаназааигәаха, ани лцәаҳәа лашақәа ршәахәа хәыҷқәа уҿадырԥхоит, умҩашьакәа дара рахь умҩахыҵырц!..
***
Сара усзыӡыҩр, аха зынӡакгьы сыгәра умган,
Сыԥхыӡқәа зегьы здыруашәа, еилкааушәа,
Имцуп зегьы, иуҿаԥхоит цәашьҵас иҭааушәа,
Исыцәдырӡит наҟ, урҭ аԥсҭҳәақәа ирхәынган!..
Сара усзыӡыҩр, аха зынӡакгьы сыгәра умган,
Сгәы ахьҭацәуаз, исмыхьуашәа усырбозар,
Уа иҭаҵәахуп, сгәыӷрақәа, рыгәра угозар,
Урҭ абӷьыԥшӡақәа, рыԥшшәыҵәҟьақәа рхыгган…
Снумыжьын сара, аха уус ахьгьы уцала,
Нас ари амҩа, сыԥсҭазаара архәашозар,
Ҽа хьӡык сыҭ, сара сыхьӡ угәамԥхозар,
Мышзаҵәык ауп, нас сухашҭуашәа ҟаҵала!..
Сара усзыӡыҩр, аха умҩахь уццакы,
Уи амҩа, сара сахь уеиҭаанагахуеит…
Уи знык ианылаз сыхьӡ иааҟәымҵӡакәа ирҳәахуеит,
Жәҩанахьтә илбааз, ӡыхькгьы ашәа аҳәахуеит,
Аиаша ааҭгылан, урҭ ирзыӡыҩрт ҳамҭакы,
Аха, иуҭахызар, уара ишуҭаху инагӡа угәҭакы…
Аԥсуа ԥхьаҩ иаша Зарина Ҟаныҟәа лыхьӡ бзианы идыруеит, уи Аԥсны лыԥсы ықәуп, дырҿгәыҳәааҵәҟьаны бзиа илбоит уи иқәынхо аԥсуа милаҭгьы, иара адгьыл ахаҭагьы…Убри азы, апоет лнысымҩа зегьыҵәҟьагьы ирзымдыруазар ҟалоит аҟнытә, даҽазныкгьы имыцхәхарым иргәалаҳаршәар…
Ҟаныҟәа Зарина Саадул-иԥҳа ҟабардатәи поетуп, шәҟәыҩҩуп, уаажәларратә усзуҩуп. Диит 1969 шықәсазы Дыгәлыбгеи ақыҭаҟны. Далгеит ҞБАУ, аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша, иара убасгьы Нхыҵ Кавказтәи аҳәынҭқарратә ҟазаратә институт аспирантура. Агазеҭ "Горианка" даредактор хадоуп, Ҟабарда зҽаԥсазтәыз журналиступ. Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Жан" деиҳабуп. Дыҩуеит аҟабарда-черқьесктәии аурыси бызшәақәа рыла. Ажәеинраалақәа еидызкыло фы-шәҟәыки жәа-пиесаки дравторуп. Аԥсны датәылауаҩуп 2017 шықәса раахыс.
Уи Аԥсны усуралеи аҩызара аганахьалеи даҭаауеит 1992 шықәса раахыс.
1992 шықәсазы далахәын хаҵарыла Гагра ахьчараан нанҳәамзазы Мамзышьха ашьхараҿы иҭахаз лашьа Нургали Кануков ибаҟа анықәдыргылоз. Уи Леон иорден ианашьоуп данҭаха ашьҭахь.
Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Аԥсны
Машәыршәа акгьы ҟалом: хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны
1998 шықәсазы апоет Аҟәа далахәын аҟабардақәеи аԥсуааи рҵарауаа еицымҩаԥыргоз аҭҵаарадырратә конференциа.
2014 шықәса рзы далагеит Аԥсны арҿиареи аҭоурыхи знапы рылаку аҿари лареи "Ацҳа" захьӡу ауаажәларратә еиҿкаара.
2015 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит лара дызлахәыз "Ацҳа" арҿиаратә хәылԥазы, уи еицымҩаԥыргеит ААУ-и Акультура аминистрреи.
2017 шықәсазы далхәын Баграт Шьынқәба 100 шықәса ихыҵра аиубилеи Аҟәа. 2017 шықәсазы Баграт Шьынқәба ииубилеи Ҟабарда, Нальчик инарҭбааз аиҿкаареи амҩаԥгареи дрылахәын.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЗарина Ҟаныҟәа
Зарина Каныкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Зарина Ҟаныҟәа
2018 шықәса раахыс Зарина Ҟаныҟәа есышықәсатәи аԥсуа-адыгатә алитературатә фестиваль "Риҵа арифмақәа" амҩаԥгареи аиҿкаареи хадара азылуеит. Уи ацхыраара арҭоит Аԥсны акультура аминистрреи Аԥсуа ҳәынҭқарратә университети. Риҵа арифмақәа апроект иалагӡаны Ҟабарда-Балкариа иҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы ирлас-ырласны иркьыԥхьуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа.
Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган Арифмақәа Риҵа захьӡу алитературатә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2018
Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган "Арифмақәа- Риҵа" захьӡу алитературатә хәылԥазы
2019 шықәса раахыс Зарина Ҟаныҟәа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театри лареи аус еицыруеит. Абаҩхатәра бзиаӡа змоу арежиссиор Мадина Аргәын иҟалҵаз аҳәарала адокументқәа рацәаӡаны иҭҵааны, Зарина илҩит "Сариа" захьӡу Аԥсны раԥхьаӡатәи аиҳабыра рхада Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс ллахьынҵа бааԥс иазку апиеса. Уи аԥсшәахь еиҭалгеит Инна Ҳаџьымԥҳа.
Ари апиеса рнын ажурналқәа "Алашареи" "Аҟәеи" (2020-2021 шш.). 2022 шықәса хәажәкырамзазы Зарина Ҟаныҟәа лпиеса иалхыз аспектакль Аҟәа инарҭбааны ахәаԥшҩцәа идырбан.
Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аспектакль ҿыц "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны
Апоет Зарина Ҟаныҟәа лыԥсҭазаара зегьы апоезиа мацара адагьы, лыԥсадгьыл гәакьа Ҟабардеиԥш, бзиа илбо Аԥсны иадҳәалоуп, имаҷӡам араҟа иихьоу уи лажәеинраалақәа. Аԥхьаҩцәа ирыдызгалар сҭахуп лара лҟазшьеи, еибаха-еибафаралеи иҭәу лыԥсҭазаареи бзианы изныԥшуа лажәеинраалақәа руак:
***
Са сышиашоу сцалоит, уаҳагь схьаҵуам џьаргьы,
Скаҳарц шалшогьы здыруеит сынцәыҵахх…
Аха сгылан сеихоит, сацәшәаӡом акагьы,
Исыкәша игылоу зегьы шҿырҭуагьы: - "Бҽыҵәах!"
Ах, арҭ амҩақәа убас ицәгьаӡоуп, ицәгьаӡоуп,
Ҟама ццышәҵас, урымхәыкәа урҿысроуп!..
Уи зегь здыруан сара, уахь сызцозгьы убриазоуп,
Ак иацәымшәо, сгәы ахаангьы имыҭрысроуп!..
Творческий вечер Зарины Каноковой. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2015
Ҟабардатәи апоет Зарина Ҟаныҟәа лырҿиаратә хәылԥазы Аҟәа имҩаԥысит
Ажәабжьқәа зегьы
0