https://sputnik-abkhazia.info/20251013/shaidullin--ukasha-ushaa-sara-s-urystyla-aitskhyraara-shaany-izmou-aatsara-duup--1058259290.html
Шаидуллин: "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп
Шаидуллин: "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik апресс-центр аҿы... 13.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-13T15:16+0300
2025-10-13T15:16+0300
2025-10-13T18:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0d/1058247480_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_520d5b9917dd7f43bc4362234bff1cd4.jpg
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Аидар Шаидуллин. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы жьҭаара 13 асааҭ 18:00 рзы имҩаԥысраны иҟоу афестиваль аконцерт хадаҿы ареспублика ахьӡала иқәгылоит Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбльи ахәыҷтәы акәашаратә коллектив "Аураашьеи". Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, с-Урыстәыла, с-Аԥсынтәыла!" мҩаԥысуеит 2017 шықәса раахыс, иара атәылаҿы иреиҳау жәлар рҟазаратә фестивальуп. Сынтәа иара жәларбжьаратәи ҳәа ахьӡ аиуит. Иара заҵәык ауп Кремльтәи ахан Аҳәынҭқарратә сценаҿы имҩаԥысуа. Апроект мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада ифонд акультуратә хаԥшьгарақәеи "Росконцерт"-и рыцхыраарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20251013/afestival-ukasha-ushaa-s-urystyla-sysyntyla-akontsert-du-maysueit-aa-1058250836.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0d/1058247480_137:0:2868:2048_1920x0_80_0_0_ceb04baf44dc8b3813284a59ff2b3bd9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Шаидуллин: "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп
15:16 13.10.2025 (ирҿыцуп: 18:15 13.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, сара с-Урыстәыла!" аицхыраара шьаҭаны измоу ҭаацәара дууп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Аидар Шаидуллин.
"Иахьа Аԥсны ҳахьыҟоу даара акраҵанакуеит. Ареспублика аколлективқәагьы напеикәыршала иҟоу ҳҭаацәара ду иахәҭакхоит ҳәа агәыӷра сымоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы жьҭаара 13 асааҭ 18:00 рзы имҩаԥысраны иҟоу афестиваль аконцерт хадаҿы ареспублика ахьӡала иқәгылоит Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбльи ахәыҷтәы акәашаратә коллектив "Аураашьеи".
Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, с-Урыстәыла, с-Аԥсынтәыла!" мҩаԥысуеит 2017 шықәса раахыс, иара атәылаҿы иреиҳау жәлар рҟазаратә фестивальуп. Сынтәа иара жәларбжьаратәи ҳәа ахьӡ аиуит. Иара заҵәык ауп Кремльтәи ахан Аҳәынҭқарратә сценаҿы имҩаԥысуа.
Апроект мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада ифонд акультуратә хаԥшьгарақәеи "Росконцерт"-и рыцхыраарала.