00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аџыш, ауадка, нас ахәырбӷьыц: жәлар рмедицинала ахаԥыц хьаа шхырҽуаз

© Fotolia / Drubig-photoСмеющиеся дети
Смеющиеся дети  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2025
Анапаҵаҩра
Афатә "еилыршәшәаны", "ирманшәаланы" ауаҩы ица иҟынӡа инаӡарц ицхыраагӡоуп ахаԥыцқәа. Ԥыхьа жәлар рмедицинала ахаԥыц хьаа шхырҽуаз иазкны аматериал ҳзеидылгылеит аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ауаҩы амч изҭо, ицщеижь аԥсы ҭазҵо афатә ауп. Афатә "еилыршәшәаны", "ирманшәаланы" ауаҩы ица иҟынӡа инаӡартә аџьа рбоит ахаԥыцқәа. Аҵәҩан анышәаҿы ишарсу еиԥш ҳхаԥыцқәа шьаҭала ҳацламҳәабаҩ иаласоуп, рыда хәарҭа ҳамам.
Ауаҩы иԥсҭазаараҿы ахаԥыцқәа ҩынтә иаауеит: данилак ашьҭахь иаарласны ицәырҵуеит – аамҭалатәи ахаԥыцқәа (азгә. "молочные зубы"), даныҩеидаслак икаԥсоит, рҭыԥан ирызҳауеит еснагьтәиқәа (азгә. "постоянные зубы"). Абасала, икаԥсаз рцымхәра аауеит, ирызҳауеит, хыԥхьаӡарала 32 цыра инаӡоит.
Хыхьтәи ахаԥыцқәеи ҵаҟатәи ахаԥыцқәеи реихагылашьа (урысшәала "прикус") иамоуп ахатә ҟазшьа. Ахаԥыцқәа реихагылашьа иашамзар, дара лассы ихоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Ҳаамҭа атәы уҳәозар, ахаԥыцқәа ргәабзиара ацклаԥшра уадаҩым. Ахәшәҭирҭақәа, адәқьанқәа рҿы иуԥылоит ухаԥыц злаурыцқьаша, иҵуршаша, иахьушьша аалыҵқәа рацәаны.
Умала уззымиааиуа ҭагылазаашьазар, ахаԥыцхәышәтәыҩцәа ацхыраара уҭара иазхиоуп. Шьыжьы инаркны хәлаанӡа аус зуа ахаԥыцхәышәтәырҭақәа рышә узаартуп.
 Сердце  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2025
Аԥсны
"Ааԥсареи ҭынчреи ззымдыруа": агәы иазку ажәаԥҟақәеи жәлар рмедицинахьтә абжьгарақәеи

Ахаԥыцқәа жәлар рмедицинала ишырхәышәтәуаз

Абра сгәы иҭнымҵәо иҭалеит зҵаарак, ԥыхьа ахаԥыц хьаа ишԥаиааиуаз?
Ахаԥыцқәа ргәабзиара ишахылаԥшуаз аилкааразы ҳрызцоит жәлар рмедицина аганахьала анҵамҭақәа:
Ахаԥыц хьаа анцәырҵлак џыш цырақәак аакылхны, иаҵыҵыз аӡы хԥа-ԥшьба цәыкәбар раҟара ирыхьуаз ахаԥыц иақәырҭәон. Жәабаҟа-жәохәҟа минуҭ рышьҭахь ус еиҭаҟарҵон, даҽа убри аҟара анҵлак, еиҭадырҿыцуан. Абас ҟаҵалатәын сааҭк аҩнуҵҟа.
Ауҭраҭыхқәа ирхыԥхьаӡалоу аҟәындыр (урысшәала "сельдерей" ззырҳәо) ахаԥыц хьаа ахҽразы ихәарҭан. Аҟәындыр ататара, ахәҵәқәеи адацқәеи аламҵакәа аӡы лаҵаҭәаны иҭыттаанӡа еиладыршуан. Нас иаараӡаны, ахаԥыцқәа ирыҵдыршон.
Ахаԥыц хьаа аиқәыртәаразы ихәарҭан ахәырбӷьыц. Ахәырбӷьыц ԥыҭк еизганы ирҟәаҟәон, ақашь ԥшра анаанахәалак ирыхьуаз ахаԥыц иахьыршьуан.
Ахаԥыц хьаа аанкылараз - араҵла адац аӡы аҵаҭәаны ибзианы еилауршуеит, иалҵыз ахәшә ухаԥыцқәа ирыҵуршалоит.
Ахаԥыц хьаа ӷәӷәа анцәырҵлак ауадка цхыраагӡан. Уи ахаԥыцқәа ианрыҵуршалак, ахьаа хнаҽуан.
Ахаԥыц жьы ахәшәтәраҟны ихәарҭоуп аџьҵла ацәа. Аџьҵла ацәа ааҟәаҟәаны, акрыфага мҳаҵә азна аашьҭыхны, литрабжак аӡы иалаԥсаны, жәохә-ҩажәа минуҭ еиларштәын. Иалҵыз ахәшә хымԥада идраӡон, анаҩс уи ахаԥыцқәа ирыҵдыршон.
Ахаԥыц жьы (азгә. "десна") ахьаа амазар, иҟарҵон абри аҩыза ахәшә: ҩ-литрак аҩы иаларыԥсон маҷк ашьаб, акама адацқәеи, џыш цыраки ырссаны. Абарҭқәа ааиларҩынтны, аҩы литрак аҿынӡа иҭабаанӡа амцаҿы еиладыршлон. Иалҵыз ахәшә ахаԥыцқәа ирыҵдыршон.
Грецкие орехи на деревянном столе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2025
Аԥсны
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам": акакан иазку дыррақәак

Ахаԥыцқәеи жәлар разгәаҭарақәеи

Амаҳә ма аҭаца абхәа ихьӡ рҳәар, "рхаԥыцқәа каԥсоит" рҳәоит.
Ацәаҟәа ухаԥыцқәа аурбар, иҩеижьхоит, ма зынӡа иҵышәшәоит рҳәоит.
Акәуа аӡмах иахьҭоу ииасуа ауаҩы иц-ишә илыҵаԥшыр, ихаԥыцқәа зегь каԥсоит рҳәоит.
Аҽыхәа иақәымтәац арԥыс ихаԥыцқәа ацәаҟәа иабар, еиқәаҵәахоит рҳәоит.
∕Аматериал аиқәыршәараҿы ицхыраагӡан С.Г. Аршба лышәҟәы "Аԥсуа жәлар рмедицина"∕.
Гранат выращенный в колхозе им. В.И. Ленина. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2025
Аԥсны
"Ҭагалан иаҳамҭоу": амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи
Ажәабжьқәа зегьы
0