Ашьхақыҭа Ԥсҳәы афымцастанциазы амаруга ҿыцқәа нагоуп
12:41 06.11.2025 (ирҿыцуп: 12:46 06.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Ашьхақыҭа Ԥсҳәы афымцастанциазы амаруга ҿыцқәа нагоуп.
Аспециалистцәа афымцастанциа ахыбра аремонт хдыркәшеит, акран-қьырсҭа шьақәдыргылеит, агенератор ашьақәыргылара иалагеит. Убри аан, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа реиҵыхреи ацәаҳәашьаҟақәа рышьақәгылареи мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра.
Аусурақәа шаҟа ирыдхало аҳауатә ҭагылазаашьа иахьырԥшхоит.
Ԥсҳәы ақыҭан аҳақәа реиҭарҿыцра мҩаԥысуеит нанҳәамза 18 раахыс, уаҟа — аҳақәа еиӷьны аус руртә иҟаҵоуп, СИП-қәа шьҭаҵоуп, ашьаҟа ҿыцқәа шьақәыргылоуп, аӡфымцастанциа ахыбра рӷәӷәоуп, агенераторқәеи атурбинақәеи еиҭашьақәыргылоуп.