https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13407
Владислав Арӡынба аибашьра ашықәсқәа рзы дахьыҟаз аҩны Гәдоуҭатәи амузеи иаҭоуп
Владислав Арӡынба аибашьра ашықәсқәа рзы дахьыҟаз аҩны Гәдоуҭатәи амузеи иаҭоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҩны музеины иҟалоит. 06.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-06T17:32+0300
2025-11-06T17:32+0300
2025-11-06T17:52+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/06/1058851613_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_8ceb203a8bfa42a5e87b10687f6f9225.jpg
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҩны музеины иҟалоит.Кьаразаа рымҩа 93 аҿы иҟоу 1905 шықәсазы иргылаз ахыбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иааихәеит.Аҩны акәша-мыкәша аҵакыра арыцқьара иалагеит. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамисониа иажәақәа рыла, аҩны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа иарбоуп, уи уаанӡа ишыҟаз аиԥш еиҭашьақәыргылахоит."Аибашьра ашықәсқәа раан, 413 мшы абри аҩны аҟны дыҟан Владислав Арӡынба, араҟоуп иара аус ахьиуаз, аусутә еиԥыларақәа ахьымҩаԥигоз, хра злоу азҵаарақәа ахьырыӡбоз. Аҭоурыхтә хыбра аамҭа аӡыблара иалаӡыр ҳәа ҳшәон", — лҳәеит С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аибашьра алагаанӡа уи ашьҭахьгьы ари аҩны аԥшәмацәа аман. Бадра Гәынба урҭ ԥшааны ахыбра ааихәеит, уажәшьҭа аҳәынҭқарра абаланс ахь иқәыргылоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/06/1058851613_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_a3cb8b9475ec8a60af53d8422978b3fd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Владислав Арӡынба аибашьра ашықәсқәа рзы дахьыҟаз аҩны Гәдоуҭатәи амузеи иаҭоуп
17:32 06.11.2025 (ирҿыцуп: 17:52 06.11.2025) АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҩны музеины иҟалоит.
Кьаразаа рымҩа 93 аҿы иҟоу 1905 шықәсазы иргылаз ахыбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иааихәеит.
"Ахыбра аинрал Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи иаҭоуп. Уи Владислав Григори-иԥа Арӡынба имемориал аҳасаб ала иҟалоит", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.
Аҩны акәша-мыкәша аҵакыра арыцқьара иалагеит. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамисониа иажәақәа рыла, аҩны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа иарбоуп, уи уаанӡа ишыҟаз аиԥш еиҭашьақәыргылахоит.
"Аибашьра ашықәсқәа раан, 413 мшы абри аҩны аҟны дыҟан Владислав Арӡынба, араҟоуп иара аус ахьиуаз, аусутә еиԥыларақәа ахьымҩаԥигоз, хра злоу азҵаарақәа ахьырыӡбоз. Аҭоурыхтә хыбра аамҭа аӡыблара иалаӡыр ҳәа ҳшәон", — лҳәеит С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аибашьра алагаанӡа уи ашьҭахьгьы ари аҩны аԥшәмацәа аман. Бадра Гәынба урҭ ԥшааны ахыбра ааихәеит, уажәшьҭа аҳәынҭқарра абаланс ахь иқәыргылоуп.