Иԥсҭазаара далҵит актиор, Урыстәыла жәлар рартист Владимир Симонов
09:59 09.11.2025 (ирҿыцуп: 11:32 09.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит актиор, Урыстәыла жәлар рартист Владимир Симонов.
Абри азы адырра ҟарҵеит Вахтангов ихьӡ зху атеатр а-Телеграм-канал аҿы.
Симонов 68 шықәса ихыҵуан.
1980-1983 шықәсқәа рзы иара аус иуан Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҿы, 1983-1987 шықәсқәа рзы — Москватәи Асахьаркыратә академикатә театр аҿы.
1989 шықәсазы Симонов дхынҳәит Вахтангов итеатр ахь, уаҟа иԥсы ҭанаҵы аус иуан.
Иара убас, ирацәаны афильмқәеи асериалқәеи рҿы дыхәмаруан, урҭ рыбжьара иҟоуп "Кухня", "Криминальный талант", "Дети Арбата", "Домашний арест", уҳәа убас иҵегьы.