Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхрақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит
11:39 09.11.2025 (ирҿыцуп: 11:57 09.11.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхрақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит ҳәа аарыцҳауеит аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа рдыррақәа.
Аҟәа ақалақь аҿы алхыҩцәа рҟынтәи 39% рыбжьы рҭиит. Акомиссиа иазгәанаҭеит, Ақалақьтә еизарахь ԥыхьатәи алхрақәа раан алхыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵан ҳәа – 28%.
Гагра араион аҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 44,9% артәеит. Уаанӡатәи алхрақәа раан алхыҩцәа 37% рыбжьы рҭиит.
Гал араион аҿы алхрақәа рахь 40% рҟынӡа алхыҩцәа неит.
Тҟәарчал араион аҿы алхыҩцәа рсиақәа ирну ауааԥсыра рахьтә 46,3% рыбжьы рҭиит.
Алхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла, иара убас Очамчыра, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионқәа зегьы рҿы алхрақәа мҩаԥысит.
Абжьыҭира алҵшәақәа раԥхьатәи адыррақәа иахьа ирылаҳәахоит, аҵыхәтәантәи алҵшәақәа уаҵәы еилкаахоит.