https://sputnik-abkhazia.info/20251111/kara-osmanoly-eieieit-asni-urystylei-asport-aganakhala-ruseitsura-sheikaau-1058982752.html
Кара-Османоӷлы еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи аспорт аганахьала русеицура шеиҿкаау
Кара-Османоӷлы еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи аспорт аганахьала русеицура шеиҿкаау
Sputnik Аҧсны
Аԥсны амилаҭтә спорт хкқәа рҭоурыхи, урҭ рыҿиашьеи ирылацәажәеит Самара имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" аҟны, абри... 11.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-11T21:00+0300
2025-11-11T21:00+0300
2025-11-11T23:55+0300
аԥсны
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0b/1058982539_0:30:604:369_1920x0_80_0_0_6d848139f07333acb353bdb2422ea300.jpg
Аԥсны амилаҭтә спорт хкқәа рҭоурыхи, урҭ рыҿиашьеи ирылацәажәеит Самара имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" аҟны, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы астас-маӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы. Ҩышықәса ҵуеит ари афорум ахь Аԥсны ааԥхьара арҭоижьҭеит иҳәеит иара. "Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ҭыԥк рҟны ҳақәгыларц алшара ҳауит, акы — амилаҭтә хәмаррақәа, егьи — "иҳәаадоу аспорт". Атемақәа аинтерес рыман. Ҳара ҳделегациа акырӡа иазҿлымҳахеит, аибабарақәеи аицәажәарақәеи рацәаны иҳауит. Ас еиԥш иҟоу афорумқәа рҟны иҳабжьаҳҵо аимадарақәа алҵшәақәа роуеит, урҭ ҳаԥхьаҟа иҳацхраауеит", — иҳәеит иара. Афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" мҩаԥысуан абҵара 5 инаркны 7 рҟынӡа. Афорум аԥҵан 2009 шықәсазы, уи еиднакылоит аолимпиатә чемпионцәеи аспорттә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи.Аицәажәара инеиҵыхны шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik арадиостудиаҟны иҭыхыз авидеонҵамҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0b/1058982539_35:0:567:399_1920x0_80_0_0_30087e985e9a075a8cba34121d9334bc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, авидеонҵамҭақәа, видео
аԥсны, авидеонҵамҭақәа, видео
Кара-Османоӷлы еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи аспорт аганахьала русеицура шеиҿкаау
21:00 11.11.2025 (ирҿыцуп: 23:55 11.11.2025) Аԥсны амилаҭтә спорт хкқәа рҭоурыхи, урҭ рыҿиашьеи ирылацәажәеит Самара имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" аҟны, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы астас-маӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы.
Ҩышықәса ҵуеит ари афорум ахь Аԥсны ааԥхьара арҭоижьҭеит иҳәеит иара.
"Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ҭыԥк рҟны ҳақәгыларц алшара ҳауит, акы — амилаҭтә хәмаррақәа, егьи — "иҳәаадоу аспорт". Атемақәа аинтерес рыман. Ҳара ҳделегациа акырӡа иазҿлымҳахеит, аибабарақәеи аицәажәарақәеи рацәаны иҳауит. Ас еиԥш иҟоу афорумқәа рҟны иҳабжьаҳҵо аимадарақәа алҵшәақәа роуеит, урҭ ҳаԥхьаҟа иҳацхраауеит", — иҳәеит иара.
Афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" мҩаԥысуан абҵара 5 инаркны 7 рҟынӡа. Афорум аԥҵан 2009 шықәсазы, уи еиднакылоит аолимпиатә чемпионцәеи аспорттә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи.
Аицәажәара инеиҵыхны шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik арадиостудиаҟны иҭыхыз авидеонҵамҭаҿы.