00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
31 мин
21:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны аглемпинг аҿиара, аԥеиԥш: атуризм ахырхарҭа аексперт ицәажәара
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
On air
13:43
2 мин
Аицәажәара
Ацитрус шәырқәа рҽаҩра, аҭиразы алшарақәа: аарыхҩы иҿцәажәара
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Такие обстоятельства
Итоги 44 сезона РУСДРАМа. Интервью с победителями номинаций
14:17
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҭыԥантәи алхрақәа рылҵшәақәа, Аҟәа ахысра, Женеватәи аиҿцәажәарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в органы местного самоуправления 8 ноября 2025 года
Выборы в органы местного самоуправления 8 ноября 2025 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2025
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит абҵара 10-16 рыҩныҵҟа ареспубликаҿы иҟалаз инарылукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik

Аҟәа ахысра

Аҟәа, Гәыматәи амҩаҿы абҵарамза 11 рзы ахысра ҟалеит. Уи иахҟьаны хәҩык ауаа ахәрақәа роуит, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп иршьон.
Ахада Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит ацәгьоура иалахәу иаарццакны иааныркыларц азы аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаарц. Аанкылара-аплан мҩаԥган.
Президент Абхазии Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2025
Аԥсны
Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит Аҟәа аиҿахысра иалахәыз раанкыларазы иахәҭоу аусқәа нагӡазарц
Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит. Ахысра иахьынтәалагаз аҩны ашьҭахь ала, абнараҿы аџьазцәеи, апатронақәеи, аснаипертә шәақьи рыԥшааит.
Абҵара 13 рзы ахәра зауз руаӡәк ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоура иалахәын, ма аиҿкаара иалахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ԥыҭҩык ааныркылеит.
Наручники - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2025
Аԥсны
Абҵарамза 11 рзы Аҟәа иҟалаз ауаҩшьразы агәҩара ззыҟоу ауаҩԥсы АШәМ ахь днаргеит

Аԥснытәи ахалагәаԥхареибашьҩы дҭахеит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Дамеи Кәыҵниа Арратә операциа ҷыда азонаҿы дҭахеит.
Абри азы Sputnik адырра аиҭеит "Донбасс абнатә дивизиа" акомандир Ахра Аҩӡба.
Иазгәаҭоуп Кәыҵниа ихәыз аибашьҩы даналигоз, адрон ахымца ижәнаҵеит ҳәа.

Алхрақәа рылҵшәақәа

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит.
Абжьыҭирақәа мҩаԥысуан атәыла араионқәа зегьы рҿы. Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла аокругқәа зегьы рҿы алхыҩцәа рнеира иреиҵаҵаӡаз аҩаӡара 25% иеиҳан.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа абҵарамза 8 рзы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит. Иалхын 160-ҩык инареиҳаны адепутатцәа – апартиақәа ркандидатцәеи зхала зхы ықәзыргылази. Урҭ рҟынт́и ҩынтәны иалырхыз ыҟоуп, раԥхьаӡа акәны идепутатхазгьы ыҟоуп. Рзинмчра хәышықәса ҿҳәараны иамоуп.
Выборы в местное самоуправление - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2025
Аԥсны
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхрақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа

Женева имҩаԥысит Аԥсни Қырҭтәылеи реимак аӡбаразы аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд.
Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыц аиԥылара аихшьаалақәа дрылацәажәеит.
Қырҭтәыла арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа мап ацәкразы иҟанаҵо аҽазышәарақәа ԥеиԥш рымам иҳәеит иара.
Иахьатәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд аҿы ареспублика Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы иамоу апозициа алахәылацәа инагӡаны иднардырит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Барцыц иажәақәа рыла, Аԥсны даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәанаҭеит амч ахархәара мап ацәкразы Қырҭтәыла аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра шхымԥадатәиу.
"Сара агәра ганы сыҟоуп, иахьа ауаа рацәа рыԥсҭазаара ианыруа, акыр зҵазкуа аусшәҟәы аԥҵара аганахь ала даҽа шьаҿак шыҟаҳҵаз", - иҳәеит иара.

Сергеи Назаров иаара

Абҵара 13 рзы Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа аусутә ныҟәарыла Аԥсныҟа иааит.
Аԥсны ахада Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров диԥылеит.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны қәҿиарала инагӡоу ихадоу ахырхарҭақәа ртәы.
Гәынба иазгәеиҭеит, Урыстәыла Аԥсны амҩатә инфраструктура аҿиаразы миллиард мааҭ шазоунажьыз, иарбоу апроектқәа рзы ахыдҵақәа 2026 шықәса алагамҭазы инагӡахоит ҳәа.
Апроектқәа жәпакы нарыгӡахьеит, ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
"Уажәазы ​​хра злоу аҿиарақәа ҳәа иазгәаҳҭо зегьы, Урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарагьы иабзоуроуп", - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Уи, иара убас, Кәыдры аиҩхааҿы атоннель аиҭашьақәыргылара ихадоу усны аӡбахә иҳәеит.
Сергеи Назаров, Урыстәылатәи Афедерациа ахада инапынҵала, ари апроект 126 миллион мааҭ шазоужьу азы адырра ҟаиҵеит. Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари ашәахтә зқәыло абазеи аусуратә ҭыԥцҵақәа раԥҵареи рзы ихадоу хырхарҭаны ишыҟоу.

Атеатртә аамҭахәҭа аихшьаалақәа

РУСДРАМ 44-тәи атеатртә сезон аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Ахәаԥшцәа иреиӷьу аспектакль ҳәа иалыркааит Агата Кристи лпиеса ала урыстәылатәи арежиссиор Андреи Сидельников иқәиргылаз — "Аҳәынаԥкыга".
Аԥҳәыс иреиӷьу лроль аноминациаҟны аиааира лгеит Ирина Делԥҳа — аспектакль "Абацәеи ахшаареи" аҟны иналыгӡоз Анна Одинцова лроль азы, ахаҵа иреиӷьу ироль даԥсахеит Есмиль Петров — Евгени Базаров ироль азы.
Егьырҭ аноминациақәа рҟны иалкааз:
Аҩбатәи аплан иатәу иреиӷьу ахаҵа ироль — Леон Ӷәынџьиа, аспектакль "Аҳәынаԥкыга" аҿы инаигӡоз аҟаза Паравичини ироль азы;
Аҩбатәи аплан иатәу иреиӷьу аԥҳәыс лроль даԥсахеит — Симона Спафопуло, амадемуазель Куку — "Хьӡы змам аеҵәа";
Акостиумқәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иусумҭа — Анастасиа Терехова — "Абацәеи ахшаареи";
Алашаразы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иусумҭа — Константин Удовиченко — "Хьӡы змам аеҵәа";
Акомпозитор иреиӷьу иусумҭа — Алексеи Асеев — "Аҳәынаԥкыга";
Асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иреиӷьу иусумҭа — Илиа Кутиански — "Аҳәынаԥкыга";
Арежиссиор-ақәыргылаҩ иреиӷьу иусумҭа — Андреи Сидельников — "Аҳәынаԥкыга".
РУСДРАМ атеатртә сезон ҿыц аартхоит абҵарамза 21 рзы аспектакль "Аҷныш" аԥхьарбарала.

Арҵаратә цәыргақәҵа

Аҟәа Амилаҭтә библиотекаҿы иаатит IV Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара аҵарадырратә цәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Аԥсны аҵарадырра аминистрреи, Аԥсны акультура аминистрреи рыцхыраарала.
Национальная библиотека - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2025
Аԥсны
Аҟәа иаатит IV Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара аҵарадырратә цәыргақәҵа
Сынтәа Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы хәыда-ԥсада аҵараҵаразы 115 квота рзоужьуп, азыҳәақәа рыдкылара ԥхынҷкәынмза 15 рҟынӡа имҩаԥыслоит ҳәа азгәалҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы и.н. Татиана Степанова.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп Приволжиатәи аҭҵаарадырратә медицинатә университет, Шухов ихьӡ зху Белгородтәи атехнологиатә университет, Алада Урыстәылатәи анапхгараҭаратә институт (РАНХиГС), Башкириатәи амедицинатә университет, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, онлаин-формат ала: Урыстәылатәи аграртә институт, Иреиҳау аекономикатә школ.
Ацәыргақәҵа ҩымш имҩаԥысуан, аекспертцәа алекциақәа ирыԥхьоит, аҟазара-классқәа мҩаԥыргоит.
Аԥхьаҟатәи абитуриентцәа аҵараиурҭақәа рҭалара алыршареи аҵаратә программақәеи ртәы еилыркаар рылшоит.

"Гагра" – ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпион

Атәыла ачемпионат аҿы актәи аҭыԥ аанкылара ӡбахеит аҵыхәтәантәи атур аҿы.
Гаграа ахьтәы медал ргеит Кәтолтәи "Бзана" аҵарханы.
Афиналтә ҵәҵәабжьы агара рацәак шагмыз ампыл амба иҭадыршәит. Ахәмарра 3-2 ҳәа ихыркәшахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0