Абҵара 28 рзы диит Аԥсны Афырхаҵа, агәыԥ "Бабаду" аиҳабы Валери Багаҭелиа, иахьа дҳалагылазҭгьы 71 шықәса ихыҵуан.

Абҵара 28 рзы диит Аԥсны Афырхаҵа, агәыԥ "Бабаду" аиҳабы Валери Багаҭелиа, иахьа дҳалагылазҭгьы 71 шықәса ихыҵуан.
Абаҩхатәра лаша злаз арԥыс иқәыԥшреи адунеи аҿы аестрадатә музыка аизҳара аамҭеи еиқәшәеит, амузыкахь игәы ихон, иаԥиҵон ашәа ссирқәа. Урҭ реиҳарак иара иеидикылаз агәыԥ "Абрыскьыл" инарыгӡон. Ауаа иргәаԥхон, ирыцырҳәон, аԥсҭазааразы ишан. Ихатәҩыза Инна Ҭыжәԥҳагьы дадиԥхьалеит арҿиара аус, лара илыҩуан ажәақәа, иара — амузыка. Усҟан иит анаҩс ажәлар ишьҭырԥааз ашәақәа "Ҳара ҳаруаа реиҳабы", "Бабаду", "Бзиа избо сылбаӡом", "Ҽаанбзиала" уҳәа егьырҭ. Аҳәыҳә ԥшқақәа реиԥш рхы еидкыланы инхон ихааны, иԥшӡаны, рҭаацәараҿы ирызҳауан ҩыџьа аԥҳацәа.
Аха нас иҟалеит аибашьра... Аханатә хьаҳәахьачарада аӷа иҿагылаз дреиуоуп Валери Багаҭелиа. Деилҟьан, дгәымшәан, игәы былуан Аԥсназы. Аханатә аӷа игыгшәыгра абла иҭаԥшызгьы дреиуоуп иара, дыҟоума уи дзықәшәаз ахлымӡаах згәы амырдысыз уаҩԥсы. Акыршықәса шцахьоугьы алацәажәараҵәҟьа мариам, акыршықәса шцахьоугьы ухәажьы қақаӡа иаргылоит игәыҭшьаагоу ашәа "Рада". Иара ианиҳәоз иоуразоуроу деилшьааны, агәырҩа дабылны дыҟан. Убас абылра дшаҿыз деибашьуан, амца мцала иузырцәара ҳәа, нкылашьа имамкәа. Фырхаҵарыла дҭахеит Марттәи ажәылараан.
Валери Багаҭелиа, Џьон Ӡиӡариа, Резо Чачхалиа реиԥш иҟоу афырхацәа рыхьӡ кашәаӡом ахаан! Аха ҳара рыхьӡ аҳәара ҳаԥсахааит даҽа шә-абиԥарак рнаҩсгьы ҳгәалашәара хәашьымкәа, ҳбызшәа хәанчамкәа.