"Аԥсны аӡиасқәа" ацикл иатәу аканал Абаза-ТВ ажәабатәи афильм ҭыҵит
16:35 10.12.2025 (ирҿыцуп: 16:48 10.12.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. "Аԥсны аӡиасқәа" ацикл иатәу аканал Абаза-ТВ ажәабатәи афильм ҭыҵит.
Афонҿыцтәи аҵакыра иалсуа Ԥсырӡха аӡиас аҭоурых еиҭаҳәоуп.
Ԥсырӡха аӡиас маҷқәа ишрыҵанакуагьы, ашықәс зегьы шамахамзар иҭҭәааны илеиуеит. Ари аӡиас аҭоурыхтә хҭысқәа — апостол Симон Канатәи иԥсра, Аԥсуа аҳра аизҳазыӷьара, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аргылара шаҳаҭс ирыман.
Афильм шәахәаԥшыр шәылшоит абри азхьарԥш ала.