Алақәеи ацыгәқәеи хәыдаԥсада ирраҟәоит ԥхынгәымза 13 рзы
17:33 10.12.2025 (ирҿыцуп: 17:52 10.12.2025)

© Sputnik / Александр Кряжев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Алақәеи ацыгәқәеи хәыдаԥсада ирраҟәоит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан ԥхынгәымза 13 рзы.
Акциа мҩаԥгахоит Аҟәа ахадара ахарџьқәа рыла, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд "Иқьиоу ақалақь" аиҳабы Кира Зекир-оӷлы.
Аԥстәқәа рыдыркылоит асааҭ 08:00 инаркны 21:00 рҟынӡа.
"Ҳара ҽнак ала 60 рыцқьара мҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп. Аусмҩаԥгатә хәыда-ԥсадоуп, насгьы ԥшәымада иҟоуи аԥшәмацәа змоуи зегьы ҳадаҳкылоит. Ҳақалақь аҿы инхо дарбанзаалак иҩнытә ԥстәы аагара илшоит. Алақәеи ацыгәқәеи хәыдаԥсада ирраҟәоит здырра ҳараку аҳақьым Алиас Смыр", — лҳәеит Зекир-оӷлы.
Аиԥш зеиԥш акциа мҩаԥыргоит 2024 шықәса мшаԥымза аахыс. Ари аамҭа иалагӡаны 1500 ԥстәы рраҟәан.